Гули Кичҧҳа Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩыс лааҧхьара иазку адныҳәалара
21/02 2020
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа, Гули Михаил-иҧҳа Кичба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩыс лааҧхьара инамаданы адныҳәаларатә асаламшәҟәы лзынаишьҭеит.
Адныҳәаларатә асаламшәҟәы аҟны хәҭакахьала иалкаан Гули Михаил-иҧҳа ауаажәларратә усзураҟны лылшамҭақәеи, ллагалеи иара убас илзеиӷьашьын ақәҿиарақәа ас еиҧш иҟоу аус аҟны.