Гәдоуҭатәи Ахәыҷтәы реабилитациатә центр « Асаркьал» ҩышықәса ахыҵит!!!

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа зегьы рыхьӡала, ишәыдаҳныҳәалоит шәцентр ҩышықәса ахыҵра.

Ари аамҭа кьаҿ иалагӡаны шәара ишәылшеит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа агәыӷреи, аԥхарреи рызҭо, агәынкылара бзиа змоу азҟазаратә коллектив ашьақәыргылара.

Ирацәаны иҟаҵоуп уҳәар – акгьы умҳәеит ауп иаанаго. Ахыжәжәарақәа рҭыԥ аҟны шәара ишьақәшәыргылеит ахәыҷқәа ахыҿио, адырра ҿыцқәа ахьроуа еиҿкаау аҩны.

Ҩышықәса ирылагӡаны, ҳара ҳаицны имҩаԥаҳгеит, ахәыҷқәа рыччаԥшь ҳазҭоз апроект заманақәа рацәаны. Агәра ҳгоит ԥхьаҟа аизҳара шшәоуа. Ҳфонд аганахьала  еснагь ишәыцзаауеит  аиҩызаратә цхыраареи, аилибакаареи.

Subscribe to Syndicate