Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал» аҟны

Иахьа, ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыԥ ахаҭрнакцәа, Аԥсны ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа реиҳабацәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана», «Жәларбжьаратәи аиҿкаара  «World Vision» , ассоциациа  «Инва  Содействие», «Аинвалид хәыҷқәа рҭаацәа рассоциациа» аҭааит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы реабилитациатә  центр «Асаркьал».

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  «Асаркьал» ҳамҭас ианаҭеит хыԥхьаӡара рацәала абзазара-химиатә   ҳамҭақәа, иара убас 50.000 нызқь мааҭ аԥара.

Ас еиԥш иҟаз аиԥылара ҟазшьас иаман ацентрқәа русура аилкаашьеи, аԥышәа аимадареи. Иҳаҩсыз аизараҟны ДЦП ачымазара азы аусуратә гәыԥ алацәажәеит ацентрқәа реимадара азҵаарақәеи, акадрқәа разыҟаҵареи.  Аиҩызаратә ҟазшьа змоу аныҟәарақәа ирыцҵахоит Аԥсны иҟоу егьырҭ ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа рахь.

Subscribe to Syndicate