Ауаажәларратә еиҿкаара "Жэларбжьаратэи афонд Аҧсны" иаҭааит Иорданиатәи аделегациа.
17/11 2015
Аделегациа хантәаҩра азиуан Иорданиа иаҧҵоу ауаажәларратә еиҿкаара "Диван-Абаза" ахантәаҩы Ҳасан Чычба. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа, ҳџьынџьуаа "Бзиала шәаабеит " ҳәа раҳәо ирзеиҭеиҳәеит афонд аусуреи ахықәки. Аҩганкгьы аҧхьаҟа реимадереи русуреи рзы азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Иазгәаҭатәуп, ҷыдала араб тәылақәа рҿы инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳусеицзура алҵшәа бзиақәа аиурц азы, афонд аҟны ишаҧҵо, Анзор Арҩҭаа напхгара зиҭо аҟәша. Аиҧылара ахыркәшамҭаз, асасцәа гәаларшәагас афонд ахьӡала иранашьан аҳамҭақәа.














.png)








