Асаммит Урыстәыла – Африка

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада ихаҭыԥуаҩ Максим Ӷәынџьиа далахәын аҭоурых аҟны раԥхьаӡатәи Асаммит Урыстәыла – Африка. Ари асаммит рҽаладырхәит африкатә тәылақәа зегьы рхаҭарнакцәа.  43 африкатә тәылақәа рхадацәеи, аминистрцәеи, абизнес ахаҭарнакцәеи агәацԥыҳәара аадырԥшит ҳаамҭазтәи аԥсҭазаара иаҵанакуа аусхкқәа зегьы  урыстәылатәи – африкатәи аимадарақәа рҟны  рырӷәӷәара.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  жәларбжьаратәи аусеицзура иадгылоит, иара убас ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә аҟны ҳфонд ахаҭарнак иҽалархәра алшара ҳнаҭоит Африка атәылақәа рҟны еиуеиԥшым ҳусуратә еимадарақәа рыҿиара.

Асаммит адәы аҟны имҩаԥысуан аекономикатә форум, иара убас урыстәылатәи, африкатәи анаплакқәа рцәыргақәҵа.

Африка аԥеиԥш хырхарҭас иҟоуп   аусуратә, агуманитартә, иара убас акультуратә проектқәа рыҽиараҟны.

Subscribe to Syndicate