Арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы аҧҵоижьҭеи 23 шықәса ҵит.

Аҧсны Аҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҧҵан 23 шықәса раҧхьа.

Ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿкаан 1993шықәса, хәжәкыра 23 рзы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, усҟан Иреиҳау Асовет ахантәаҩыс иҟаз, анаҩс Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала. Аилак ахантәаҩыс дшьақәырӷәӷәан Ныгәзар Ашәба.

Аилак аҩнуҵҟа иаҧҵоуп афонд, иара убас аҟәшақәа. Арепатриациа ахықәкы хадақәа ируакыуп аҳәаанырцә инхо ҳхылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара, анхарҭа ҭыҧлеи усурҭалеи реиқәыршәара, атәылауаҩшәҟәы рыҭара, ахатәы бызшәа дырҵара, агәабзиарахьчара, ашәарҭадара уҳәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа аус рыдулара, ҳаимадара арӷәӷәара.

Аҳәаанырцәтәи ҳашьцәа, аамҭаказы зыҧсадгьыл иаҟәыгаз ҳхылҵшьҭрақәа, маҷ-маҷла акәзаргьы рыҧсадгьыл иазыхынҳәуеит, ара аҭаацәарақәа аҧырҵоит, иҿыцәаахьаз рхәышҭаарамцақәа еиқәырҵоит.

"Жәларбжьаратәи Афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи, аусзуцәеи аманшәалара рзеиӷьаршьеит.

Subscribe to Syndicate