Аҧсышәала иҭыҵит ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла».

Раҧхьаӡа акуны аҧсышәала иҭыҵит ажурнал ҿыц  «Аҧсынтәыла сара стәыла»  ҳәа хьӡыс изауз. Уи аҧшьгара алнаршеит Сенер Гогуа хадас дызмоу ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Ажурнал хықәкы хаданы аҿаҧхьа иқәнаргылоит амилаҭ реимадара арӷәӷәара, абиҧарақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл азхьарҧшра. Афонд асаит аҟны ажурнал еиднакыло анҵамҭақәа еиҭагахоит урысшәала, ҭырқәшәала, англыз, араб бызшәақәа рыла. Ажурнал «Аҧсынтәыла-сара стәыла» шықәсык ахь ҩынтә иҭыҵлоит. Атираж 2000цыра ыҟоуп. Ажурнал редактор хадас дамоуп, афонд аҟны иаҧҵоу амассатә-информациатә хархәагақәеи, ауаажәлааратә еимадареи рхеилак анапхгаҩы Гурам Амқәаб.

Ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» аӡыргара ҟалоит Маи 17 азы, Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы. 

Subscribe to Syndicate