Аҧсны, «Жәларбжьаратәи Арт-пленер 2015» амҩаҧгара азгәаҭоуп.

Жьҭаара 7 инаркны 17-нӡа, аҳҭны қалақь Аҟәа, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧыcоит  асахьаҭыхыҩцәа злахәу Жәларбжьаратәи Арт-пленер. Уи азкыуп Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба 70 шықәса ихыҵра. Ари аусмҩаҧгатә еиҿнакаауеит  Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет, Аҧснытәи амилаҭтә галереиа, Ихьыҧшым асахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла  «Аҧсны-Арт».

Иазгәаҭатәуп, сынтәа ас еиҧш иҟоу аиҿкаара хынтәны ишымҩаҧысуа.

Уи рхы аладырхәуеит Аҧсны, Аахыҵ Уаҧстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа еиуеиҧшым арегионқәа рҟынтә еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа, апрофессорцәа, астудентцәа.

«Анаука-практикатә конференциа аииртит аиҿкааратә хеилак ахантәаҩы, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа.  Ажәахә тема хадас иаман "Ажәытәи аҿатәи аамҭақәа реимадара, реигәныҩра".

Арҭ амшқәа ирылагӡаны, асасцәа алшара рыман Аҧсны аҭоурыхтә ҭыҧ ҧшӡарақәа рҭаара. Иаҳҳәозар: Аҟәа ақалақь, Афон ҿыц, аӡиа  Рица, Бедиатәи ауахәама, Ешыра аибашьра ахьымҩаҧысуаз аҭыҧқәа.

Subscribe to Syndicate