Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҟны аиааира згаз Бжьаниа Аслан Гьаргь-иҧа идныҳәалара

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа  рҟны аиааира згаз  Бжьаниа Аслан Гьаргь-иҧа иизынаишьҭеит адныҳәаларатә саламшәҟәы, уаҟа хәҭакахьала иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь – иҧа !

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуҩцәа зегьы рыхьӡала, иара убас сыхьӡала ишәыдаҳныҳәалоит хәажәкыра 22 рзы имҩаҧысуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны шәиааира.

Ҳара ӷәӷәала ҳгәыӷуан шәиааира агара. Аҧсны Аҳәынҭқарра арҿиаразы шәыгәҭакқәеи, шәуснагӡатәқәеи, иара убас ауаажәлар аҟны имҩаҧысуа апроцессқәа шәрызнеишьа шәыцеиҩаҳшоит.

Ҳара  ҳфонд  аусура иалагӡаны иҳарҳаит идуу аҧышәа ҳауаажәларра рҿаҧхьа игылоу аҧынгылақәа рыӡбаразы.Аҧсны иҟоуп егьырҭ, ҳҳәынҭқарра еиуеиҧшым апроблемақәа рыӡбаразы ацхыраара азҭо аиҿкаарақәагьы.

Агәыӷра ҳамоуп аҧышәа ду змоу иаҳасабала  шәнапхгара ҳҳәынҭқарра арҿиареи,  ҳауаажәлар зегьы аӡәыкны реидкылареи ишацхраауа. Азеиҧш хықәкы анагӡаразы ажәлар реидкылара – ари зегь раасҭа ихадоу темоуп.

Ари ахҭыс инамаданы, ишәзеиӷьаҳшьыр ҳҭахуп агәабзиара, агәамч, нҵәара зқәым амчхара, шәусураҟны ҳтәыла ауааҧсыра рынасыҧ анагӡаразы.

Ҳаҭырла,

СОНЕР ГОГӘУА

«ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФОНД АԤСНЫ»

АХАДА

 

Subscribe to Syndicate