Аҧслыманцәа рныҳәа - Кәырбан-Баирам!

Ҳаҭыр зқәу аҧсылманцәа!

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Адунеи иқәынхо аҧсылманцәа зегьы иазгәарҭо Кәырбан-Баирам ныҳәа!

Гәыла-ҧсыла Аллаҳ изааигәахара, ҳагәнаҳарақәа ҳхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ҧсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, абарҭ аусқәа рымҩаҧгаразы, Курбан-Баирам аныҳәазы, аҧсылманцәа, ҧсаҭатәыс ашьтәақәа ршьуеит. Уи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирзыршоит, аҳамҭақәа еимырдоит, еҭанаиааиуеит. Даҽа аамҭанык еиҧшымкәа агәыҳалалреи аразреи аадырҧшуеит.

Аҟәрҟан излаҳәо ала, ҧхыӡла, аҧаимбар, апророк Ибраҳим иҿы днеины, ҧсаҭатәыс Аллаҳ иҿаҧхьа иҧа дҟаиҵарц иеиҳәеит. Ибраҳим дазыразны, Мекка адәҳәыҧш аҟны дцаны, аҽазыҟаҵаратә усмҩаҧгатәқәа дрылагеит. Аллаҳ, абас ала дҧишәеит Ибраҳим, агәрагьы игеит иҿаҳәатәы шынаигӡоз ала. Аҵыҳәтәантәи аминуҭқәа рзы, Аллаҳ, Ибраҳим иҧа деиқәирхоит. Иҧа ихаҭыҧан ауаса ҧсаҭатәыс иҟаиҵоит. Анаҩс, ҳазшаз  Анцәа ду, Ибраҳим аҩбатәи аҧа, Исҳақ, иирагьы иаҭәеишьоит.

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!

Агәреибагара еснагь ишәыцзааит, шәнапы злашәкуа шәусқәа еснагь ишәықәманшәалахааит. Шәҭаацәеи шәареи шәеигымзааит, агәабзиареи агәыцқьареи шәыгымзааит. Ҳазшаз илаҧш хаа шәхызааит, дышәхылаҧшааит!

Ҳаҭырла,

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»
АХАДА ИХАҬЫҦУАҨ
Ӷәынџьиа Максим

 

Subscribe to Syndicate