Ансамбль «Шьараҭын» аиубилеитә мшы.

Аӽәынҭқарратә Жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын» иахыҵит 45 шықәса. Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Руслан Бебиа 50 шықәса.

 «Шьараҭын» ахьӡ ануаҳауа, ухаҿы имааирц залшом аҧсуа хареографиатә ҟазара ӡырызгоз, Жәлар рыкәашарақәа рықәыргылаҩ, ансамбль «Шьараҭын» аҧҵаҩы, Аҧсны Жәлар рартист, абалетмеистер Едуард Уаҳаид-иҧа Бебиа игәалашәара лаша. Иара ибзоураны, аҧсуа жәлар рыкәашаратә фольклор адунеи ахәаҧшцәа аршанхахьеит. Аҧсуа жәлар рҟазаратә рҿиара шьаҭас иаҭаны, иреиӷьыз атрадициақәа шьақәыргыланы, иара  илиршеит аҧсуа милаҭтә инструментқәа адгаланы,   аинтерес ду зҵоу апрограмма аиҿкаара. Ҳара бзиа ибаны ҳрыхәаҧшуеит, ахааназы ҧсра зқәым Е.Бебиа иқәыргыламҭақәа: «Аибаркыра Шьараҭын», «Ауапа кәашара», «Аҭауадцәа рыкәашара», «Ачара кәашара» «Иаирума»  уҳәа ҳаҧсуа доуҳатә ҟазара зныҧшуа акәашарақәа.

 Аҧсадгьыл ашәарҭа ианҭагылаз аамҭазы, ансамбль «Шьараҭын», иаанарҧшыз афырхаҵареи, агәаӷьреи, ҳаҧсуа жәлар рмилаҭтә ҟазараҿы алагалеи рзы «Шьараҭын» ианашьоуп «Леон иорден» .

Ҳазҭагылоу аамҭазы, ансамбль «Шьараҭын» иамаз атрадициақәеи, ахьӡ-аҧшеи еихаҳауа иааигоит, ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Руслан Едуард-иҧа  Бебиа.  Ансамбль арҿиаратә еилазаареи, уи анапхгаҩи ирзеиӷьаҳшьоит ақәҿиарақәа, еихсыӷьра зқәым ахәаҧшыҩцәа рнапеинҟьабжьқәа, ирымоу ахьӡ-аҧша аихаҳара. Мҩамш «Шьараҭын»!

Ҳаҭырла,

Сенер Гогәуа
Ауаажәларратә еиҿкаара
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада

Subscribe to Syndicate