Анкара имҩаҧысит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа злахәыз аиҧылара.

Иахьа, Аҧснытәи аделегациа рыдыркылеит Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апарламент аҿы. Апарламент адепутат   Енгин Ҭаскәач дырҧылеит Аҧсны ахаҭарнакцәа. Уи аҧсуаа гәахәала идкыло иҳәеит Аҧсны дшазыҟо, иҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь имоу абзиабара еснагь ишицу, гәаҳәарас ишимоу Аҧсны адунеи аҿы азхаҵара нагӡаны иҟаларц. Иара убас, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа изеиҭеиҳәеит афонд инанагӡо аусура атәы, уи хықәкы хадас ишамоу акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара.

"Ҳара аполитика ҳалахәӡам, ҳҳәынҭқарра анапы ахьынамӡо  излаҳалшо ала ацхыраара аҳҭоит"-иҳәеит афонд ахада иажәа хыркәшауа.

Subscribe to Syndicate