Аҟәа ихыркәшан «Арт-пленер» «Аҧсны ахьтәы ҭагалан» аусура.

Аҧсны имҩаҧысит, ҳтәыла раҧхьатәи Аҳәынҭқарра ахада Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыразы ахҧатәи Жәларбжьаратәи «Арт-пленер», «Аҧсны ахьтәы ҭагалан» ҳәа хьӡыс изауз.

Иахьа, амилаҭтә галереиаҿы иаартын  ахҧатәи Жәларбжьаратәи «Арт-пленер» ахыркәшара иазкыз ацәыргақәҵа.  Ацәыргақәҵа шьақәгылан «Арт-пленер» ахь иааҧхьаз еицырдыруа Урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа, аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа, иара убас, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет астудентцәа рсахьаҭыхымҭақәа рыла. Арҭ аусумҭақәа ҟаҵан «Арт-пленер» аусура аамҭа иалагӡаны. Асахьаҭыхыҩцәа рхала иалырхуан дара ргьамала иахьҭыхшаз  Аҧсны аҭыҧқәа.

«Сара гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит, арҭ амшқәа рзы Аҧсны имҩаҧысуаз асхьаҭыхыҩцәа рҟазаратә рҿиара зхы алазырхәыз асасцәеи аҧшәмацәеи зегьы шәеихьӡарақәа. Сгәы иаанагоит бзиа ибаны шәнапы злакыз аус агәахәа шәнаҭеит ҳәа. Аҧхьаҟа, хымҧада ари аусмҩаҧгатә иацаҳҵоит»-иҳәеит аиҧылара аартуа «Арт-пленер» апроект автор Нугзар Логәуа.

Иааидкыланы, асахьаҭыхыҩцәа ирылшеит 150 инареиҳаны аусумҭақәа рҭыхра. Ишаҧу еиҧш, «Арт-пленер» аҳәаақәа  ирҭагӡаны иҭыхыу аусумҭақәа рӷьырак, ҳаҭырла ҳамҭас иарҭеит Аҧснытәи амилаҭтә цәыргақәҵатә галереиа.

«Арт-пленер» амҩаҧгара иадҳәалаз ахарџь адгылара азҭаз ируакыуп ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».

«Аҧхьаҟагьы, абас еиҧш аинтерес зҵоу асахьаҭыхратә ҟазара аҿиара адгылара ду аиуроуп, ҳара ҳфонд ари аҩыза аҧшьгара ҳадгылоит, есқьынагьы ацхыраара аҳҭоит,- иҳәеит хаҭала ацәыргақәҵа иалахәыз «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак, амассатә информациатә хархәагақәеи ауаажәларреи реимадара рзы ахеилак анапхгаҩы Гәрам Амқәаб, иқәгылараҿы иазгәеиҭеит,  асахьаҭыхыҩцәа рыҧсҭазаараҿы еснагь аҿиаратә гәаҳәара рыцзарц.

«Хаҭала, аидеиеи, апроекти равтор, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы, адоцент Нугзар Логәуа, иара убас, асахьаҭыхратә ҟазара акафедра анапхгаҩы Лаша Габелиеи, уи алахәцәеи ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахыуп еиҿыркааз аус ду азы»-иҳәеит еизаз рҿаҧхьа дықәгылауа Гәрам Амқәаб.

Абасала, «Арт-пленер», «Аҧсны ахьтәы ҭагалан», қәҿиарала аусура хнаркәшеит.

Subscribe to Syndicate