Ахәыҷтәы рҿиаратә фестиваль

Рашәарамза 1 азы  "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ҳтәылаҿы иҟоу ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәеи, аиҿкаара "World Visioni" еицмҩаҧыргеит ахәыҷтәы рҿиаратә фестиваль. Ахәыҷтәы ныҳәаҿы дара қәҿиарала  иқәгылеит, даара угәаҵанӡа инеиртә еиҧш рхы аадырҧшит. Иара убас аиармарка аҿы ицәырган дара рнапала  иҟаҵаз аусумҭақәа.
Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ари аус иахаҵгылаз, аиҿкаара иалахәыз зегьы.
Дарбан хәыҷызаалак хылаҧшра игымзааит, абзиабареи аҧхарреи еснагь дрыгәҭылакызааит.

Subscribe to Syndicate