Ахәыҷқәа рдунеи ҳарҧшӡап.

Мышқәак ирылагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь иааиз, ахшара змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара ҩынҩажәа инареиҳауп. Афонд иаҧшьнагаз апроект «Ани амаалықьи» ахыҧша ҳауаажәлар ирылаҵәеит, гәахәала ирыдыркылеит. Иҳадҵаало аҧсуа ҭаацәарақәа рахьтә иҟоуп ахшара рацәа змоу. «Ҳарҭ ҳажәлар маҷуп, ҳдемографиа  ҿиароуп»-зегь рыхшыҩҵак акоуп. Ҳҳәынҭқарра аҧеиҧш ҳазхәыцны, хымҧада,  аҭаацәара ҿыц иаҧызҵо,  аҵеира еиззырҳауа, хырхарҭа рацәала ацхыраара , адгылара рҭахыуп.  Ҳара ҳзы игәадуроуп, ҵара-дыррала, усурҭа ҭыҧла, ҭаацәала еиқәшәоу аҿар, ҳфонд иахьаҭаауа, хаҭала иахьаҳдыруа.

Ҩымз зхыҵуа Леуан хәыҷы иаб Анри, Аҧсны атәылахьчара аминистрраҟны аус иуеит. Ҩышықәса раахыс, Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа деиҳабуп.  Хәышықәса аҵара иҵон  Нижни Новгород арратә университет аҟны. Иҵара аныхиркәша дааит иҧсадгьыл ахь. Аҧсны Иреиҳау арбџьарымчқәа рҟны иуалҧшьа наигӡоит.

«Сара интересс  исыман афонд ахықәкы аилкаара. Иахьа, хаҭала саҭааит, избеит. Даара гәахәалагь исыдыскылеит. Еиҳаракгьы аҧсуа ҭаацәарақәа, ҿыц ахшара зауа рзы иҟарҵо ацхырааразы. Ҳара ҳмилаҭ маҷуп, ҳаҿиароуп . Абас еиҧш афондқәа реиҿкаара,  хымҧада, ицхыраагӡоуп. Изызҳауа ахәыҷқәа, уи уаҵәтәи ҳҧеиҧш роуп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ари аус аҧшьызгаз, адгылара азҭаз зегьы»-иҳәеит Анри Барцыц.

Уаҵәтәи ҳҧеиҧш знапы иану Леуан хәыҷы иҩызцәеи иареи рхәыҷра адунеи шәыга ҧшӡала иҳазхарҭәаазар, уи ҳара ҳзы инасыҧуп!

Subscribe to Syndicate