2015 ш. русура ахырхарҭақәа рыдыркылеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аиҿкааҩцәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусуратә еизара мҩаҧнагеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳазҭалаз ашықәс раҧхьатәи амзазы имҩаҧнагеит  ишьақәыргылоу аструктурақәа рхадацәа злахәыз аусуратә еизара. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, аиҧылара аартуа, инарҭбааны иазгәеиҭеит, 2015 шықәса иалагӡаны афонд имҩаҧнагаз, еиҿнакааз аусурақәа ртәы. Иара убас, иааидкыланы афонд иартәаз ахарџь.

2016 шықәса рзы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аструктуратә еилазаара иалагалоуп аиҭакрақәа. Убри инақәыршәаны, афонд ахада ихаҭыҧуаҩыс дшьақәырӷәӷәоуп,  жәларбжьаратәи аимадарақәа рхеилак уаанӡа напхгара азызуаз Мақсим Ӷәынџьиа. Имҩаҧгаз абжьыҭирала, жәларбжьаратәи аимадарақәа рхеилак ҿыц еиҳабыс далхуп Леила Ҭаниаҧҳа.

Иара убас, арепатриациеи адемографиеи рхеилак иаҟәыҭханы, хазы иаҧҵоуп аҧсуара ахеилак. Уи напхгаҩыс еицҿакны иӡбахә рҳәеит Оқтаи Ҷкотуа.

 Аекономикеи аинвестициеи рхеилак иадҵоуп, уаанӡа хазы иаҧҵаз афинансқәа рхеилак. Уи ахеилак напхгара аиҭоит Абессалом Кәарҷиа. Афонд егьырҭ аилазаарақәа  шьақәгылоуп абас еиҧш:

 -Амаӡаныҟәгаҩ хада-Асида Инаҧшьҧҳа.

 - аинформациеи, апрессеи, ауаажәларра реимадара ахеилак-Гәрам Амқәаб;

 - асоциалтә политика ахеилак-Иулиа Гәымҧҳа;

 - адемографиеи, арепатриациеи рзы ахеилак-Сырма Ашәҧҳа;

 - аҧсуара азы ахеилак-Оқҭаи Ҷкотуа;

 - аекономикеи аинвестициеи, афинансқәеи рхеилак-Абессалом Кәарҷиа;

 - жәларбжьаратәи аимадарақәа рхеилак-Леила Ҭаниаҧҳа;

 - акультуреи аҵарадырреи рхеилак-Нугзар  Логәуа;

 - аҿар рполитикатә хеилак-Асҭамыр Логәуа;

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҿыц аусура иадыҧхьалоуп: афонд ахьӡала Нхыҵ Кавказтәи Ареспубликақәа рхаҭарнак Гәырам Гәымба, аиурист-Роман  Қапба,  асаит аиҭагаҩцәа-Наала Басариаҧҳа, Анзор Арҩыҭаа.

Афонд администрациа аусзуцәа-Сабина Быҭәҧҳа, Мџьыҭ Гогәуа.

Иара убас, афонд аизараҟны иазааҭгылан, Аҧсны араионқәа рыҩныҵҟа афонд ахаҭарнакцәа шьақәырӷәӷәазарц. Уи афонд аусура акыр иацхраауеит ҳәа иҧхьаӡан. Иаарласны  еилкаахоит урҭ рыхьӡқәа.

Ишдыру еиҧш, афонд хырхарҭа рацәала аус ауеит. Аҧхьаҟа еиҳа ихадароуп ҳәа иҧхьаӡо азгәаҭаны, ахеилакқәа апрограммақәа  рышьақәыргылара иаҿуп, анаҩс аҧсҭазаара иалаҵәоит. Аус руеит асоциалтә ҟазшь змоу, афонд еснагьтәи апроектқәа «Ани амаалықьи», Аҧеиҧш».

«Жәларбжьаратәи афонд ахада» Сенер Гогәуа иаҧшьгарала иаҧцоуп, апроект ҿыц «Агәыразра». Уи аҧҟарақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷәоуп  ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара, шықәсык аҩныҵҟа афонд ахьӡала ацхыраара зауа. Мызкы жәаҩык ашколхәыҷқәа, афонд ахьӡала ироуеит дара рҭахрақәа ирықәшәо ахаҵгылара. Апроект «Агәыразра» иаҵанакуеит 120-ҩык ашколхәыҷқәа. Иара убас, ирылацәажәан афонд иҳәаақәнаҵо егьырҭ апроектқәа. Иаарласны урҭ апроектқәа афонд алахәылацәа ирыдыркылоит, русурагьы  хацыркхоит.

Subscribe to Syndicate