Ацхыраара рыҭоуп Очамчыра араион иқәынхо 57 ҭаацәара
15/07 2020
Иахьа, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ацхыраара рнаҭеит ақыҭақәа Баслахә, Лашькьындар, Тамшь, Кәачара, Ачгәара иара убас ақалақь Очамчыра иқәынхо 57 ҭаацәара. «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахь ацхырааразы аҳәара ҟалҵеит «Очамчыратәи ақәыԥшцәа рыҩны» анапхгаҩы Селма Занҭариаԥҳа. Зыԥшра ҟамҵакәа, зыӡбахә ҳәоу ацхырааразы аҭак ҟарҵеит ҳфонд алахәылацәа - аилахәыра «Биофарма». Афонд ахь инашьҭыз арзаҳал инақәыршәаны, аҭаацәарақәа рзы иаарышьҭит иаҭаху ахәшәқәа, иара убас аинвалидтә рныҟәага, ақыҭа Ачгәара инхо, ДЦП ачымазара змоу Ԥачлиа Лука изы. Иара убас, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» агәыҳалалратә цхыраара анаҭеит афатәқәеи, абзазаратә химиеи реизгақәа30 раҳасабала.














.png)








