Муса Шанибов иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» гәалсра дула адышшылара ҟанаҵоит зыҧсҭазаара иалҵыз Муса Магомеҭ – иҧа  Шанибов иуацәеи, иҭынхацәеи, иара убас ауаажәларратә усзуҩ ду еиҧш дыздыруаз зегьы рахь. Муса Шанибов зыхә ҳараку алагала ҟаиҵеит ҳтәыла аҭагылазаашьа уадаҩ ианҭагылаз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992 – 1993 шш. раан. Ари аамҭазы Аҧсны агәманитартә цхыраара аҭаразы акыр аџьабаа ибеит, иара убас Нхыҵ – Кавказ аҟынтәи Аҧсны ахақәиҭтәразы, хатәгәаҧхарала еибашьра иаҳзааиз аҵеицәа раара дацхрааит.                                     

 Иара убас, иазгәаҭатәуп илагала ду Аҧсуа – Адыгатә жәлар реидкылараҟны, Кавказ Ашьхаруаа Жәларқәа Рконфедерациа Ахада иаҳасабалеиҧш, ауаажәларратә усзуҩ ду, аҵарауаҩ, аполитик еиҧшгьы.

Иара иҧшьоу ихьӡ наунагӡа иаанхоит ҳгәалашәараҟны иара убас Кавказ зегьы аҭоурых аҟны.

Subscribe to Syndicate