«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» акультуратә фонд «Л-Стари» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
06/04 2017
Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны, акультуратә фонд «Л-Стар» аиҳабы Лали Сыҷынааҧҳаи, афонд ахада Сенер Гогәуеи аҧхьаҟатәи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаара-техникатә, агәыҳалалратә, акультуратә хырхарҭақәа рыла аҩганкгьы русеицура арҭбаареи, арҿиареи рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит, анаҩс аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Иара убас, иазгәаҭоуп азеиҧш проектқәеи, апрограммақәеи реицымҩаҧгара.














.png)








