«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала Ҭырқәтәыла хаҭарнакс дҟаҵоуп Џьенгиз Ашәба

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахықәкы хадақәа ируакуп аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, ҳусеицура аҳәаақәа рымҽхак арҭбаара. Убри азгәаҭаны, Ҭырқәтәыла, афонд ахьӡала хаҭарнакс дҟаҵоуп   ҳџьынџьуаҩ Џьенгиз Ашәба.

Џьенгиз Ашәба,  аамҭаказы напхгара аиҭон  Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аҧсуа хеидкылақәа рфедерациа. Илша рацәоуп, зыҧсадгьыл иаҟәыгоу ҳауаажәлар рџьынџь дгьыл радыҧхьалара аус ауҿы, Аҧсни аҧсуа жәлари еснагь рыгәҭа дгылоуп, илаҧш ҳәаа акыр ахара инаӡоит.

Иазгәаҭатәуп, Ҭырқәтәыла, Сҭампыл ақалақь аҿы ишаарту «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакра аусбарҭа.

Subscribe to Syndicate