Зчымазара ҧку ахәыҷқәа Пицунда ақалақь, "Адельфинари" иаҭааит.

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи", Пицунда ақалақь аҧсшьарҭатә ҩнқәа реидгылеи ирыбзоураны, Аҧсны араионқәа рҟынтә згәабзиара ҧку ахәыҷқәа, Пицунда иҟоу "Адельфинариахь" аныҟәарақәа рзеиҿкаан. 

Агәыҧ еиднакылон зынӡа 50-ҩык, 25-ҩык ахәыҷқәеи, урҭ мҩаҧызгоз 25-ҩык аҭаацәеи. Адельфинари ианаҭаа анаҩс, ахәыҷқәа ирзеиҿкаан ргәалаҟара шьҭызхуаз аниматорцәа рықәгыларақәа, хымҧада урҭ ирбаз-ираҳаз акыр еигәырӷьеит. Ахәыҷқәа рахьтә иҟоуп Пицунда ақалақь раҧхьаӡа акәны иаҭааз. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аҟынтә ахәыҷқәа мҩаҧыргон Сабина Быҭәҧҳаи, Мџьыҭ Гогәуеи, афонд Пицундатәи ахаҭарнак Слава Сақаниеи. 
Аҭаацәеи ахәыҷқәеи ҷыдала ҭабуп ҳәа рарҳәоит афонд ахада Сенер Гогәуеи, Пицундатәи аҧсшьарҭатә ҩнқәа реидгыла адиректор хада Даур Курмазиеи, иара убас ари аусмҩаҧгатә ацхыраара азҭаз зегьы.

Subscribe to Syndicate