Ҭырқәтәыла, Сҭампылтәи аҳаиртә баӷәазаҿы абомбақәа ртҟәацын.

Ауаажәларратә  еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, гәалсра дула ирыдыркылеит,   Иун 28 ауха, Ҭырқәтәыла, Аҭаҭиурк ихьӡ зху аҳаиртә баӷәазаҿы иҟалаз атеррористә акт иахҟьаны, ауааҧсыра рыҧсҭазаара иахьалҵыз. Ацәгьоуцәа идыртҟәацыз абомбақәа ирыхҟьаны, жәаҩыла ауаа ҭахеит, иара  убас ирацәаҩуп ахәрақәа зауз. Урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәылатәи Ареспублика атәылауаа реиҧш, егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы.   «Жәларбжьаратәи афонд   Аҧсны»  иҭахаз  рыуацәеи, рҭынхацәеи  рахь гәалсра дула адышшылара ҟарҵоит.

"Атерроризм иаҿагыланы ақәҧара ахаҭыҧан, гәымбылџьбарыла акагь зхарам ауаа рҭархара, адунеи аҿы иҟоу агәнаҳарақәа иреицәоуп.  Ас еиҧш иҟоу ацәырҵрақәа рыла, иарбан зҵааразаалак аӡбара залшом. Адунеи аҿы иҟамлааит уаҳа ауаа ргәы ҭызшьаауа ацәгьоурақәа, зегьы ирҧеиҧшзааит аҭынч жәҩан аҵаҟа анхара"- ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.  

Subscribe to Syndicate