Аҧснытәи амилаҭтә шьапылампылтә команда шәҵатәыла еиқәшәоуп
21/05 2016
Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, ашьапылампылазы еизгоу Аҧснытәи амилаҭтә команда ахәмарыҩцәа рзы ҷыдалатәи ашәҵатәы, азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиеи, акоманда ахәмарыҩцәа Георги Жанааи, Ҭарашь Ҳагбеи иранеишьеит.
«Ҳара даара гәахәала иҳадаҳкылоит Аҧсны имҩаҧысраны иҟоу жәларбжьаратәи ашьапылампылтә чемпионат CONIFA. Ҳара ҳфонд ахьӡала аҳамҭақәа шәызҳархиарц ҳаӡбеит, агәра ҳгоит ас еиҧш зыҩаӡара ҳараку ачемпионат аҟны қәҿиара дула шәшықәгыло, Аиааира шышәзыҧшу!»- ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.
Аҧснытәи амилаҭтә шьапылампылтә команда азыҟаҵаҩ хада Џьума Кәарацхьелиа ҭабуп ҳәа реиҳәеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, хаҭала уи анапхгаҩы Сенер Гогәуа.
«Сара агәра ганы сыҟоуп афиналтә хәмаррахь ацәырҵра шҳалшо. Ҳшьапылампыл асыҩцәа азыҟаҵара ҳаракы рымоуп, ахәмарраҿы лҵшәа бзиала рхы аадырҧшырц азы»-иҳәеит Џьума Кәарацхьелиа.
Ишәгәалаҳаршәоит, Маи 28 рзы, Аҧсны ишаатуа ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат.














.png)








