Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны Жәлар рартист, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль “КАВКАЗ” асахьаркыратә напхгаҩы Кандид Ҭарба.
04/05 2016
Ауаажәларратә еиҿкаара “Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны” ахадареи, алахәылацәеи гәалсра дула ирыдыркылеит, абаҩхатәра ду злаз аҟаза, аҧсуа жәлар рмилаҭтә культура ахаҿра адунеи ахьынӡанаӡааӡо аларҵәара зылзыршаз, Жәлар рыбзиарабара ду иаҧсахаз, “Аҧсны Жәлар рартист” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зауз, иреиҳау Аҳәынҭқарратә ҳамҭа “Ахьӡ-Аҧша” аорден II аҩаӡара занашьоу Кандид Тарас-иҧа Ҭарба иҧсҭазаара дахьалҵыз.
Кандид Ҭарба напхгара зиҭоз ансамбль “Кавказ” анышьақәгыла инаркны, аамҭа кьаҿк иалагӡаны, Аҧснеиҧш уи анҭыҵгьы бзиа еицырбеит. Аконцерттә программақәа рыла аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпакы рҿы иқәгылахьан. Кандид Тарас-иҧа илша рацәоуп, Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа, ҷыдала аҿар рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьаралаҿы иааирҧшыз аус азы. 1990ш. азы, хыҧхьаӡара рацәала ҳџьынџьуаа ахьынхо Адаҧазари, Аҧсны аҳҭны қалақь Аҟәеи аиашьара анрыбжьарҵа аамҭа инақәыршәаны, Кандид Ҭарба Ҭырқәтәылаҟа ааҧхьара иоуит. Убри ашықәсан иара илиршеит Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа еидызкылоз ансамбль “Кавказ” аиҿкаара. Шықәсык ааҵуаны, ауаажәларратә еиҿкаара “Аҧсадгьыл” иҟанаҵаз ааҧхьарала, 70-ҩык злаз ансамбль”Кавказ” Аҧсныҟа иааит. Аҧсны, Адыгатәыла, Ҟабарада, Ҟарачы-Черкесск уҳәа, мызкы иназынаҧшуа ансамбль алахәцәа, қәҿиарала рконцерттә программала иқәгылеит, ахәаҧшцәа ракәзар, акыр гәахәала ирыдыркылеит. Убасҟан, хымҧада иит Ҭырқәтәыла инхоз аҧсуаа-аҿар, рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рыбзиабара, ргәыбылра. Убри анаҩс ауп, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет иҭаларц Ҭырқәтәылантәи аҿар анаазгьы. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, рыҧсадгьыл ахьчарагь бџьаршьҭыхла игылеит.
Кандид Ҭарба, иҧсҭазаара зегьы ималҭтә культура амаҵзура иазикит. Аҧхьаҟа дзыхьӡашаз рацәан… Наунагӡа ижәлар ргәаҿы аҧсы ҭазаауеит иара иҟазара, иуаҩра, имч-илша. Ансамбль иахылҵуа Кавказаа рыкәашара адоуҳатә беиарақәа, иара ихьӡ аҧхьагыланы, аӡбахә ҩаҧхьа адунеи иахыҵәап...
Ҳаҭырла, “Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны” ахада Сенер Гогәуа.














.png)








