Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2016 ш. рзы 500 ҭаацәа инарзынаԥшуа ахамҭақәа рызшоуп.

2016 шықәса, Ианвар мза  инаркны иахьанӡа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала,  ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа рзы еиҿкаау еснагьтәи апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳамҭақәа рызшоуп 500 инареиҳаны аҭаацәарақәа. Уи еиднакылоит ахәыҷы иааӡараҿы ан  лхы иалырхәо амаҭәахәқәа.

«Ҳара ҳфонд аусзуцәа есҽны, ҿыц ахшара зауз  аҧсуа ҭаацәарақәа  аҳамҭақәа рзаҳшоит.  Иара убас, Аҧсны араионқәа рахьгьы еихаҳшоит. Уа аус руеит афонд ахьӡала ахаҭарнакцәа.  Иҟоуп аҳамҭақәа ирышьҭыланы афонд аусбарҭахь имҩахыҵуа.  Аҭаацәа ракәзар,  гәахәала ирыдыркылоит ирыдаагало аҳамҭақәа. Уи ҳара ҳгәалаҟазаара акыр ишьҭнахуеит.  Апроект «Ани амаалықьи» иаҵанакуеит  ҿыц ииз инаркны фымз зхыҵуа рҟынӡа  асабицәа. Апроект еснагь аус ауеит»-ҳәа азгәалҭеит афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа излазгәеиҭаз ала, есышықәса ашәыра еиднакыло аҳамҭақәа рхыҧхьаӡара еизҳахоит.

«Даараӡа ҭабуп ҳәа раҳҳәоит афонд анапхгареи, аусзуцәеи, абас еиҧш акрызҵазкуа апроект аиҿкаара ахьрылдыршаз.  Ҳара ҳҭаацәа даара гәахәала иҳадаҳкылеит. Афонд ахаҭарнак Есма Ҭарҧҳа инарҭбааны иҳаиллыркааит афонд имҩаҧнаго аусурақәа ртәы.  Хәымз зхыҵуа ҳаҷкәын хәыҷы Данил Папба изы, афонд ахьӡала аҳамҭагьы ҳаналшьеит»- иҳәеит Данил хәыҷы иаб Сергеи Папба.

 Апроект «Ани амаалықьи» иаҵанакуа аҧсуа ҭаацәарақәа, аҳамҭа роурц рылшоит абри аҭыӡҭыҧ ала: ақ.Аҟәа,  аусутә центр Гәдоу-Плаза, ахәбатәи аихагыла. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» шәара шәзы ашәқәа аартуп.

Subscribe to Syndicate