Ауаажәларратә Еиҿкаара «Жәларбжьаратәи Афонд Аҧсны» Аҳасабырба.

АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҾКААРА «ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФОНД АҦСНЫ» АҲАСАБЫРБА

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еиҿкаан Март мза, 2015шықәса рзы. Афонд аҧырҵеит: Сенер Гогәуа, Даур Аршба, Слава Сақаниа, Оқтаи Ҷкотуа, Максим Ӷәынцьиа, Асида Инаҧшьҧҳа, Сырма Ашәҧҳа, Роин Агрба, Беслан Кәыҵниа, Асҭамыр Логәуа, Иулиа Гәымҧҳа, Абессалом Кәарҷиа, Ерқан Қәҭарба.
Афонд ахықәкы хадақәа ируакуп аҧсуа жәлар реидкылара, адемографиа, асоциал-економика, акультура, аҧсуара уҳәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апроектқәа реиҿкаара, рымҩаҧгара.   Ҳҳәынҭқарра аизҳазыӷьара иацхраауа, хра зло аусмҩаҧгатәқәа радгылара, Аҧсны анҭыҵ  инхо аҧсуаа, ҳтәыла  асоциал-економикатә зҵаарақәа ирыдҳәало аусқәа радыҧхьалара.
Афонд аусура зегьы агәыҳалалратә ҟазшьа амоуп.
Афонд аструктура:
-Ахада - Сенер Гогәуа
-Ахада ихаҭыҧуаҩ - Витали Смыр
-Амаӡаныҟәгаҩ хада - Асида Инаҧшьҧҳа

Ахеилакқәа:
1.    Жәларбжьаратәи аимадарақәа рхеилак - Максим Ӷәынџьиа;
2.    Амассатә-информациатә  хархәагақәеи, ауаажәларратә еимадареи рхеилак-Гәрам Амқәаб;
3.    Аҧсуареи, адемографиеи, арепатриациеи рхеилак  - Сырма  Ашәҧҳа;
4.    Аекономикатә ҿиареи инвесициеи рхеилак  - Абессалом  Кәарҷиа;
5.    Афинансқәа рхеилак - Беслан Кәыҵниа;
6.    Асоциалтә политика  ахеилак -Иулиа Гәымба;
7.    Аҿартә политика ахеилак - Асҭамыр Логәуа;
8.    Акультуреи аҵарадырреи рхеилак-Нугзар Логәуа
Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусура хацнаркижьҭеи имҩаҧнагахьеит  асоциалтә, акультуратә, агәыҳалалратә  хырхарҭақәа ирыдҳәало апроектқәа.
Апрель мза, 2015 шықәса рзы, акультуреи аҵарадырреи рхеилак аганахь ала, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еиҿнакааит ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Абаза», Ҭырқәтәылаҟа рцара. Раҧхьаӡа акәны,  Қоџьаели ақалақь аҿы аҳәынҭқарра имҩаҧнагоз  Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль, афонд абзоурала, аофициалла  аҽалархәра алыршахеит. Адунеи зегьы аҟынтә иқәгылоз ахәыҷтәы коллективқәа рыбжьара,ансамбль «Абаза», аҧсуа бираҟ ахашәыршәыруа, афестиваль иазҧхьагәаҭан иамаз апрограммақәа зегьы рҟны, қәҿиарала иқәгылеит.  Уи иадхәалаз ахарџьқәеи ахахьы иагеит  ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».

Маи мза, 2015 шықәса рзы, ахырҵәара иақәдыршәаз ргәаларшәара амш аҳаҭыразы, афонд аҧшьгарала, ақьафурҭа «Ерцахә» аҟны еиҿкаан Аҧсны аиҳабыра рхаҭарнакцәеи ҳџьынџьуааи реиҧылара. Уи хықәкыс иаман аибадырра, иара убас аҳәынҭқарратәи абизнес структурақәеи рыҽрымадара.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»,  имҩаҧнагахьеит астол гьежьқәа ҩба. Жәларбжьаратәи аекономикатә еизыҟазаашьақәеи, арепатриациа азҵаарақәеи ирыдҳәало ахырхарҭала.
Иун мза, 2015 шықәса рзы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еиҿнакааит Астол гьежь: « Аҧсныи, Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи ҳаамҭазтәи реизыҟазаашьа» атемала. Астол гьежь актәи ахәҭаҟны ажәахәқәа рыла  иқәгылеит Аҧсныи, Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи рхаҭарнакцәа, аполитикатә експертцәа:
- Сергеи Шамба-Аҧсны Жәлар реизара адепутат, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор;
- Заур Шьалашьаа-аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат;
- Оқтаи Ҷкотуа-«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» алахәыла;
-Константин Затулин-Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла аинститут адиректор;
- Ҳасан  Канбалат -Анкара иҟоу аполитикатә ҭҵаарақәа рцентр адиректор;
- Инал Чевикез-Анкара иҟоу аполитикатә ҭҵаарақәа рцентр ахада, аамҭаказы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩыс иҟаз;
 Аизара  аартуа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахада Сонер Гогәуа иазгәеиҭеит,  Астол гьежь аҵаки ахықәки.
Сентиабр 29, 2015 шықәса рзы, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, имҩаҧган   Астол гьежь: «Аҧсныи адиаспореи реимадара аизырҳара» атемала.  Уи ахықәкы хада-аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара, уи ишьҭнахуа азҵаарақәа рхаҵгылара.
Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи, Ҭырқәтәылантәи  11-ҩык ҳџьынџьуаа злахәыз раҧхьатәи аделегациа  Аҧсныҟа раара 40 шықәса ахыҵра аҳаҭырази, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ҳтәыла анапхгареи, ауаажәларреи, ҳџьынџьуааи, Ҭырқәтәыла еиҿкаау  Аҧсуа  Федерациа аиҳабы  Џьенгиз  Ашәбеи  алархәны  Астол гьежь еиҿнакааит.  Уи иалахәыз аҵарауаа рыҭҵаарадырратә усумҭақәа ирзыӡырҩын. Анаҩс, имҩаҧысит ахцәажәара.  Астол гьежь ахь ааҧхьара змаз аҭагылазаашьа рыман ргәаанагарақәа рыла ақәгылара.  

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи», афонд «Кьарази» имҩаҧырго агәыҳалалратә ҟазшьа змо апроектқәа рҟны, адгылареи, ацхыраареи анаҭоит.
Иуль мза, 2015 шықәса рзы, афонд ихацнаркит асоциалтә ҟазшьа змо апроект ҿыц «Ани амаалықьи». Уи ҿыц ахшара зауа аҧсуа ҭаацәарақәа роуп изызку. Апроект, иазгәаҭоу аҧҟарақәа  ирықәныҟәоит.  Ан лымаалықь иааӡараҿы лхы иалырхәаша аҳамҭақәа азырхиоуп.  Аҳамҭақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: ахәы зҭарҭәо аҧатлыкақәа, ацәымҳа,  ашоурашәага, акремқәа, уҳәа. Убарҭ инарҷыданы, ан ииашаны лхәыҷы иааӡараҿы   лхы иалырхәо ашәҟәы, ахәыҷқәа рзы аҧсуа шәҟәқәа,  аҧсуа шәақәа зну ахәыҷқәа ирызкыу адиск.  Апроект аус аулоит еснагь. Иахьазы, аҳамҭақәа рыҭоуп 300 ҭаацәара.
Авгәст 25 рзы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» реиҳабацәа, аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Афонд «Аҧсны», хымз рахь знык, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы, афонд «Ашана» иазоунажьуеит 200 нызқь мааҭ. Иааидкыланы, шықәсык иартәоит 800 нызқь  мааҭ аҧара. Аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ДЦП ачымазар змоу Лиана Доӷәызи, Гьаргь Торчуеи рыхәышәтәразы 400нызқь мааҭ азоунажьхьеит.

Сентиабр 30, 2015 шықәса рзы, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» абзоурала, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы, агәыҳалалратә ҟазшьа змоу апроект «Аҧеиҧш» аусура иалагеит.    Апроект «Аҧеиҧш», зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәа анхараҿы рхы иадырхәо, дара еиҳа ирҭаху абзазаратә маҭәахәқәа рыла   аматериалтә цхыраара азыҟанаҵоит.
Апроект аусура аиҿкаараҟны,  ацхыраара  зыхәҭоу аҭаацәа рсиа ашьақәыргылараҟны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуцәа, араион ахадацәа рыҽрымардоит, анаҩс ироуз аинформациа иқәныҟәоит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны афонд ацхыраара рынаҭахьеит ҩҭаацәарак: Баслахә ақыҭаҟынтә фҩык ахшара зааӡо Џьони Мананеи  Хьиаа рҭаацәа, иара убас, Лыхны ақыҭантә хәҩык ахшара змо Гиви Екеи рҭаацәа.

Сентиабр 29, 2015 шықәса рзы, аҧсылман ныҳәа Кәырбан-Баирам аҳаҭыразы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Сириантәи Аҧсныҟа нхара иааз 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы, аӡиа Риҵаҟа аныҟәарақәа еиҿнакааит.

Аҧсны аӡыргара хықәкыс иҟаҵаны, афонд ахаҭарнакцәа ҳтәыла  анҭаҵ аусуратә еиҧыларақәа мҩаҧыргахьеит.
Иун 26 инаркны 29-нӡа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы ахеилак анапхгаҩы Максим Ӷәынџьиеи, Москва ақалақь иаҭааит. Уаҟа имҩаҧысит акыр аиҧыларақәа. Ахәҭакахьала, Аҧсныи Урыстәылеи русуратә хеидкыла аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Пиотр Бериозеи, «Аҭыжьырҭатә ҩны Виџьл» анапхгаҩи, аполитикатә ҭҵаарақәа ринститут адиректор, Урыстәылатәи ауаажәларратә палата алахәыла Сергеи Маркови,  иара убас, Москва инхо аҧсуа диаспора рхаҭарнакцәеи. Ари аусуратә визит хықәкыс иаман Урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкааарқәеи афонди рыбжьара аимадара арҿиара, Москватәи аҧсуа диаспора Аҧсны имҩаҧысуа аусқәа рыҽрылархәра.
Август мза, 2015 шықәса рзы, Аҧсны аҵареи   аҭҵаарадырреи рминистр, Ҭырқәтәылатәи аҵара асистема аилкааразы  усуратә визитла ари аҳәынҭқарра даҭааит. Уи дымҩаҧигон «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа. Аҧснытәи аделегациа рыдыркылеит Аҩадатәи Кипр апарламент ахада Сибель Сибер, акультура аминистр Қьемал Дуруст, ахәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгаҩы Фиқри Торос, Аҩадатәи Кипр Амшынбжьахалатәи ауниверситет аректор Неџьем Осам. Ирылацәажәан аҧхьаҟатәи аусеицуреи, аимадареи рырҭбаара азҵаатәқәа. Аҧснытәи аделегациа, Тырқәтәыла рыҟазаара иалагӡаны иаҭааит Сақариатәи ауниверситет. Асасцәа дырҧылеит ауниверситет аректор Музаффер Ельмас.

Октиабр мза анҵәамҭеи, Ноиабр мза алагамҭеи рзы,  Аҧснытәи аделегациа усуратә визитла аҳәаанырцә иҟан.  Урҭ рҭааит Египети, Иорданиеи, инхо ҳдиаспора. Аделегациа аилазаараҟны иҟан: Беслан Быҭәба-аҳәаанырцәтәи атәылақәеи Аҧсныи рыбжьара аекономика-хәаахәҭратә еимадарақәа рзы ҳтәыла  ахада ихаҭарнак, Сенер Гогәуа- ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада, Дмитри Аргәын- абизнесмен, Сириантәи Аҧсныҟа нхара ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ, аҳақьым Надир Ҳагәыш.
Аделегациа ахықәкы хадақәа ируакын аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи  ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҧхьаҟа аусеицура.  
Ҳделегациа рныҟәарақәа хацыркын Египет ала.   Ари атәылаҿы, Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа нхоижьҭеи уажәшьҭа 600 шықәса ҵуеит. Каир ақалақьи, уи акәша-мыкәша инхо аҧсуаа рхыҧхьаӡара 25 нызқь рҟынӡа инаӡоит.  Рыцҳарас иҟоу  урҭ рахьтә, аӡәгьы аҧсшәеи, рыжәлақәеи рыздырӡом. Зегь еицҿакны ирҳәо жәла заҵәык ауп «Абаза».
Аҧснытәи аделегациа Египет рыҟазаара иалагӡаны,  акультуреи, аҵарадырреи, аспорти ирыдҳәалоу азҵаарақәа инарҷыданы, аекономика-инвестициатә усқәа рыҿиара иазкыз аиҧыларақәа жәпакы мҩаҧыргеит.

Ааҧхьара рыман Египет иҟоу Китаитәи ааглыхратә наплак ду  «Теда» ашҟа. Ирылацәажәеит Китаитәи, Египеттәи  атауарқәа  Аҧснынтә Урыстәылаҟа рышьҭра, Аҧсны транзиттә коридорны аҟалара, иара убас  Китаитәи ааглыхратә  центр араҟа аиҿкаара. Аиҧылара мҩаҧган аинвестициатә усбарҭа «Г-ком» ахаҭарнак Небиль  Ель Гоҳари дареи. Ирылацәажәеит  наҟ-наҟтәи апроектқәа. Аҧснытәи аделегациа Египет рыҟазаара акыр иахаҵгылеит уа инхо ҳџьынџьуаа Динеи, Муҳаммеди Абазаа.
Египетынтә Аҧснытәи аделегациа рымҩа хан Иорданиаҟа. Уа инхо  апсуаа рхылҵшьҭрақәа уи атәылахь инанагеит 1830-1840 шықәсқәа рзы.  Кавказ ажәларқәа рхыҧхьаӡара 250 нызқь рҟынӡа инаӡозар, урҭ рахьтә ҳаҧсыуаауп зҳәо 20 нызқьҩык ыҟоуп.
Аус ауеит дара еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Диван-абаза». Уи еиҳабыс дамоуп Ҳасан Чычба.  Имҩаҧысит ҳдиаспореи дареи реиҧыларақәа. Аҧсны аҭоурыхи, иахьатәи аҭагылазаашьеи ирызкны ажәабжьқәа рарҳәеит.  Изҧылақәаз рахьтә иҟан хылҵшьҭрала иаҧсацәоу, еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны аус зуа аинралцәа, апарламент адепутатцәа, абизнесменцәа, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакс Иорданиа иҟоу Ашьраф Абаза-Чқәуа. Аҧснытәи аделегациа Иорданиа идикылеит апринц Хәсеин Мырза. Иара,  аҳ Хәсеин раҧхьатәи имоҭа иоуп. Аҧснытәи аделегациа ахаҭарнакцәа иҟарҵаз ааҧхьарала, иаарласны апринц иҩызцәеи, уа инхо ҳдиаспореи ҳтәыла иаҭаараны иҟоуп.
Иорданиа, Аҧснытәи аделегациа аҭааит Ҭырқәтәылатәи аконсулра. Уа консулс аус зуа, Седаҭ Иунал, излеилкаахаз ала, хылҵшьҭрала даҧсыуоуп.

Иара убас иаҭааит, Иорданиа иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа. Аҧснытәи аделегациа Иорданиаҟа рцара аус адгылара анаҭеит, Иорданиа иҟоу апринц Али иусбарҭаҟны аус зуа аҧсуаа Иунал Ҳаҭхәа, Енвер Чқәуа, Маџьҭы  Қьешьҭ.  Иунал Ҳаҭхәа, Иорданиа иҟоу «Жәларбжьаратәи Кавказтәи акультуратә академиа» напхгаҩыс дамоуп. Иаарласны иазгәаҭоуп, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» «Жәларбжьаратәи кавказтәи акультуратә академиа» рхадацәа, аҧхьаҟа русеицуреи реиҩызареи рзы аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩра.

Дара аҭааит аинвестициатә усбарҭа дуқәа ируакыу «Боливер-Гроуп». Аҧснытәи аделегациа Египети, Иорданиеи русуратә визит хыркәшаны, қәҿиарала ихынҳәит Аҧсныҟа. Анаҩс, аделегациа алахәцәа руаӡәк, Сенер Гогәуа, Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз Аҧсуа Федерациа ахада иалхрақәа ирызкыз аизара ихы алаирхәит. Афедерациа аиҳабыс далхын Аҳмеҭ Хапат.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҵарадырра аусқәа ирыдгылоит. Афонд аҧшьгаралеи, уи иҟанаҵаз афинанстә цхыраареи ирыбзоураны иаҧцоуп аҵарадырратә центр «Академиа». Уаҟа ирҵоит ҧшьбызшәак: аҧсуа, аурыс, англыз, аҭырқәшәа. Аус руеит  аҧышәа бзиа змо арҵаҩцәа. Иахьазы, аҵара рҵоит 100-ҩык рҟынӡа астудентцәа. Аҵара зҵарц зҭахәу иаларҵо арзаҳалқәа рхыҧхьаӡара рацәоуп. Хымҧада,  ас еиҧш иҟоу ацентрқәа раартра ахәҭоуп аҵарадырра аизҳаразы.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхыраарала, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Аҩадатәи Кипр ауниверситетқәа рҿы аҵара рҵоит 76-ҩык астудентцәа. 2015 шықәса рзы, аҧсуа школқәа роушьҭымҭацәа 14-ҩык, Сақариа ақалақь иреиҳау  аҵараиурҭақәа ирҭалеит. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», Сақариа еиҿкаау аҧсуаа ркультуратә центри рҽеимаданы, астудентцәа зеиҧш нхарҭала реиқәыршәара азҵаара иалацәажәоит.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгаралеи, иҟанаҵаз ацхырааралеи иаҧцоуп Ҭырқәтәыла аҵара зҵо аҧсуа студентцәа Реидгыла.

Октиабр мза, 2015 шықәса рзы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» афинанстә цхыраара анаҭеит ахҧатәи Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аҧсны ҭагалантәи ашәыгақәа-2015».

Декабр 2, 2015 шықәса рзы, афонд еиҿнакааит, абаҩхатәра злоу Аҧснытәи асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә еинадҭлара. Уи азкын Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыр.  Ацәыргақәҵа мҩаҧысит Аҟәа ақалақь, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахыбраҿы. Уаҟа  иалкаан, еицырдыруа аҧсуа сахьаҭыхҩы Баҭал   Џьапуа иусумҭа «Композициа». Афонд ахьӡала, аиааира згаз ианашьан Аҳаҭыртә шәҟәи, 50нызқь мааҭ аҧареи. Аҩбатәи аҭыҧ аанызкылаз асахьаҭыхҩы Адгәыр Амҧар иусумҭа «Композициа№38» азы-30 нызқь мааҭ.  Ахҧатәи аҭыҧ ианашьан асахьаҭыхҩы Руслан Чхамалиа, ипартреҭ «Анхаҩы» азы.

Декабр 3, 2015 шықәса рзы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», аҵареи  аҭҵаареи рминистрра  ҳамҭас ианаҭеит «Иҟәышу аклассӷәы».  Убарҭ рҩызцәа даҽа хҧа, афонд ахьӡала, Гагратәи алицеи-интернат ахь идәықәҵан.  Ахәҧса 3.500 доллар рҟынӡа инаӡоит.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра агәра диргеит , ас еиҧш иҟоу аинтерактивтә класстә ӷәқәа, есышықәса ҩба-ҩба цыра аҧсуа школқәа ҳамҭас ишрырҭо.

Декабр 22, 2015 шықәса рзы, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ахьӡала, ҳҳәынҭқарра аҿиараҿы аихьӡарақәа аазырҧшыз, аџьшьаратә  ҳамҭа «Ахьӡырҳәага» ранашьара иазкыз аӡыргара ахәылҧаз мҩаҧысит. Уаҟа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа инарҭбааны дазааҭгылеит, напхгара зиҭо афонд имҩаҧнаго аусурақәа рхықәкы.  Аамҭа кьаҿк иалагӡаны, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҟны афонд излалшоз ала, ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи реизҳазыӷьараҿы аусқәа реиҿкаара ишаҿыз, аҧхьаҟагьы мҽхакы ҭбаала аусура  ацҵара ргәы ишҭо.
Иазгәаҭан, аҧхьаҟа зынагӡара ргәы иҭоу асоциал-бзазаратә ҟазшьа змоу апроектқәа шырацәоу. Ахәылҧаз зхы алазырхәыз алшара рыман, зҽалызкааз ауаа ирызкыз афотонҵамҭақәа рыхәаҧшра.
Афонд аексперттә комиссиа абзоурала, Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтә иалкааз фҩык апрофессионалцәа, аџьшьара ранашьара иазкыз церемониаҿы зыхьӡ ҳәаз аус азҟазацәа, ахьӡырҳәагақза  иреиуоуп:
•    Есма Ҭарҧҳа – аҵарадырраҿы леихьӡарақәа рзы, Ҷубурхьынџьтәи абжьаратә школ аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы.
•    Џьамал Ажәанба – абизнес аҿы иеихьӡарақәа рзы, Очамчыра араион, Аракьаҽы ақыҭаҿы ауҭраҭых ааӡарҭатә фирма «Фруктис» аиҳабы.
•    Нарҭ Гамгиа – амедецинаҿы иеихьӡарақәа рзы, Аҧсны атәылахьчара аминистрра иатәу арратә хәышәтәырҭа ахирургиатә ҟәша аиҳабы.
•    Оҭар Хәынҵариа – акультураҿы иеихьӡарақәа рзы, Аҧсны Жәлар рартист .
•    Саида Багаҭелиаҧҳа – аҭҵаарадырраҿы леихьӡарақәа рзы, Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҵарауаҩ қәыҧш.
•    Ален Аҩӡба – аспорт аҿы иеихьӡарақәа рзы, аҧкьаҭ мпыл асҩы қәыҧш.
•    Иара убас, афирма «Абхазморпром» аиҳабы Ҭемыр Логәуа иҟаиҵо афинанстә цхырааразы ианашьан аҽхәаҧхьыӡтә шәҟәы.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, урҭ иранашьан аџьшьаратә дыргақәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи (апланшетқәа).

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ҳтәыла аҩныҵҟеиҧ, уи анҭыҵгьы  ишьақәнарӷәӷәоит, аҿиарагьы анаҭоит еиуеиҧшым аполитикатә, ауаажәларратә, аҵарадырратә еиҿкаарақәа   рыҽрымадареи, русеицуреки рызҵаарақәа. Афонд, ҧхьаҟатәи аимадарақәа рырҿиаразы еиуеиҧшым аиқәшаҳаҭрақәа анапы аҵанаҩит:
•    Аҧкаанҵа Ихьыҧшым атәылақәа ринститути афонди русеицуразы
•    Аҧкаанҵа Анкаратәи аполитикатә ҭҵаарадыррақәа рцентри афонди русеицуразы.
•    Акультуратә-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» русеицуразы аиқәшаҳаҭра.
•    Аҧкаанҵа аҵарадырратә центр «Академиеи» афонди русеицуразы.
•    Аҧкаанҵа «Аҭыжьратә ҩны Виџьли» афонди русеицуразы.
Аҧсуа школқәа рҟны аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы иаҧшьгоуп апроект ҿыц. Уи хықәкыс иамоуп зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҵаҩцәа маҭәалеи, арҵагатә маҭәахәқәеи рыла реиқәыршәара, иара убас  аҵара бзиаӡаны изҵо аҵаҩцәа ралкаара, аҳамҭақәа ранашьара.
Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иҭнажьуеит ажурнал. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телехәаҧшра аефир ала иҭыҵуеит афонд имҩаҧнаго адырраҭара «Ацҳамҩа». Аус ауеит авеб-саит хәбызшәак рыла: аурысшәа, аҧсшәа, аҭырқәшәа, англыз, араб бызшәақәа.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» спонсорцәас иамоуп аҭыҧантәи акоммерциатә наплакқәа, Аҧсны ашәҟәы иҭагало.
«Абхазморпром»
«Баисун»
«Химпро»
«Киак Балыкчылык»
 
Март мза инаркны иахьа уажәраанӡа, 2015 шықәса рзы, афонд ахарџь  иартәеит 3.731.915 (хмиллионки быжьшәи ҩажәижәеиза нызқьи жәшәижәохә мааҭ)аҧара.
Еиқәнаршәеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» администрациа. Аҳасабырба №1; 20.11.2015ш.инаркны.

Subscribe to Syndicate