«Жәларабжьаратәи афонд Аҧсны» декабр мзазы, 210 нызқь мааҭ аҧара аунажьит.

Ауаажәларратә еиҿкаара  «Жәларабжьаратәи афонд Аҧсны» ашҟа, имаҷым еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ацхыраара зҭахны иаауа ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа. Еиҳарак зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау, згәабзиара уашәшәыроу рхыҧхьаӡара маҷым. Афонд ишьақәнаргылаз аҧҟарақәа азгәаҭаны, дара ихадырҭәаауеит анкетақәа.  Анаҩс, ирҩыз арзаҳал инақәыршәаны, афонд ахаҭарнакцәа ақәҵара рыдырклоит. Еиҳа ацхыраара зҭатәны ирыҧхьаӡо, афинанстә цхыраара рзоунажьуеит. Убас еиҧш, декабр мзазы, афонд  иалаҵаз арзаҳалқәа ахаҵгылара роуит. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа инапы зҵаҩыз ахарџь иартәеит 210 нызқь мааҭ аҧара.

Subscribe to Syndicate