«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахадара Китаи иҟан

Лаҵарамза 5 инаркны 12-нӡа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара усуратә визитла Китаитәи Жәлар рреспублика иаҭааит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, Жәларбжьаратәи Ачаитә цәыргақәҵа далахәын, уи мҩаҧысуан Ичанг ақалақь иаҵанакуа Хубеи аҭыҧ аҿы. Иара еиҿкаан аҭыҧантәи акоммерциатә биуро аҧшьгарала. Ари аусмҩаҧгатә  еизнагеит шәҩык аҭыҧантәи ааглыхыҩцәа, иара убас  Жәларбжьаратәи ачаитә наплакқәа 50.  Ичанг, ачаи ахьаадрыхуа зегь реиҳа ижәытәтәиу ҭыҧуп, 2000 ш. инареихауп. А-19-тәи ашәышықәсазы, Ичангтәи ачаи егьырҭ атәылақәа рахь иргон. Аекологиатә нормақәа инарықәыршәаны, ачаи ааглыхра аҩаӡара ахьыҳараку иабзоураны, адунеи аҿы китаитәи ачаи ахадартә ҭыҧ ааннакылоит, 2700 хкы инареиҳауп.

Ари аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» хыҧхьаӡара рацәала аимадарақәа еиҿнакааит, аҧхьаҟа Аҧсни егьырҭ атәылақәеи рыбжьара ахәаахәҭра аганахь ала амҽхак зырҭбаауа. 

Лаҵарамза 11 инаркны 12-нӡа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгаҩцәа  Сенер Гогәуеи, Мақсим Ӷәынџьиеи , Китаи ақалақьқәа жәпакы ирҭааит. Уаҟа китаитәи аҩызцәеи дареи акыр аусуратә еиҧыларақәа мҩаҧыргеит.

Ахәҭакахьала, Ханьчжоу, Иу, Шанхаи, Циуичжоу ақалақьқәа рҟны, афонд ахаҭарнакцәа ирыман алшара  ақыҭанхамҩа  аусхкаҿы, аҧсыӡ аалыҵ ахырхарҭаҟны китаитәи атехнологиақәа рбара, рыҭҵаара. Аикра еиқәаҵәа  аус адулара, ааӡара, Китаи актәи аҭыҧ ааннакылоит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа аҭааит Китаи  инагоу ахәаахәҭратә дгьылҵакырақәа.

Аҧснытәи аделегациа Китаи рыҟазаара иалагӡаны, аекономика ахырхарҭала китаитәи анаплакқәеи дареи русеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахадара Китаиҟа рцара мҩаҧысит Пекин имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи афорум «Один пояс-один путь» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи рхы аладырхәит шәҳәынҭқаррак  инарзынаҧшуа. Ишдыру еиҧш, «Абырфын мҩа» аҧшьгара, адунеи азбжа хәаахәҭрала еимаздо акоуп. Уи Китаи ауп изҵазкуа. Китаи аҧхьаҟа агәы иҭоуп «Абырфын мҩа» иаҵанакуа аҳәынҭкаррақәа рҟны аинвестициа алагалара.  Китаи Аҧсни рыбжьара ахәаахәҭра ашьақәыргылара, иара убас Аҧсны ааглыхра китаитәи аинвестициақәа ралагалара, Аҧсни Урыстәылеи, Азиеи Китаи рекономикатә еизыҟазаашьа ахырхарҭаҟны аҭыҧ ҿыц азалнахуеит, аусеицура ахаҭабзиара еиӷьнатәуеит.

Китаитәи аделегациа Аҧсныҟа раара азгәаҭоуп ҳазноу ашықәс, рашәарамзазы.

Subscribe to Syndicate