«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» Китаитәи аделегациеи еиқәшәеит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит Китаитәи аусуратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи, афонд анапхгареи реиҧылара. Аҧсныҟа раара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Китаи иҟоу ахаҭрнак-зыҟаҵаҩ Ге Џьили, Нижегородтәи аобласт аҟны иҟоу ҳаҭыр зқәу Аҧснытәи аконсул Владимир Литвинчук, иара убас китаитәи аделегациа алахәцәа ахәаҧшуеит аҭыҧантәи анаплакқәеи дареи русеицзура азҵаарақәа.

«Ҳарҭ акыр ҳазҿлымҳауп Аҧсни Китаи ахәаахәҭра аганахь ала русеицура, уи азы Аҧсны иамоуп апотенциал бзиа ахәаахәҭра ахырхарҭа аҟнеиҧш, Китаинтәи иаагоу амаҭәарқәа аус рыдулара аҟынгьы. Аҧсны ибзианы ирдыруеит Китаи иҭнажьуа аалыҵ, иаазхәарц агәаҳәара змоугьы рацәаҩуп. Ҳарҭ, иара убас иаҳҭахуп Урыстәылеи Китаи ирыбжьоу ахәаахәҭра иазку апроектқәа рхалархәра»-ҳәа азгәеиҭеит «Жәларбжьаратәи афонд ахада Сенер Гогәуа.

«Аҧсны иҳазцәырнаго азҿлымҳара ыҟоуп. Ақыҭанхамҩа ауси ааглыхреи рҟны аҧышәа бзиа ҳамоуп. Агәра ҳгоит ҳҧышәа Аҧсны ахархәаразы ишхәарҭахо» - ҳәа азгәеиҭеит Ге Џьили.

Subscribe to Syndicate