Асоциалтә

Всего осуществлено 124 проектов

Иахьа ҳара ҳфонд ацхыраара анаҭеит Амсылман динтә еиҿкаара «Иаку Аҧсны амсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа».

Аҧсны амсылманцәа русбарҭа ахантәаҩы Ӡыба Ҭемыр Леонид – иҧа ҭабуп ҳәа иҳәеит ҳфонд ирнаҭаз ацхырааразы.

Афатәқәа реизга аҳасабала иҟоу ацхыраара нашьҭхоит, иагьырзеиҩыршоит 40 ҭаацәара, 150-ҩык ауааҧсыра инарзынаҧшуа.

Зыӡбахә ҳәоу акциа иазкуп иҧшьоу, амсылманцәа зегьы рныҳәа - Рамадан

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рзы имҩаҧнагеит изаамҭанытәу агәыҳалалратә акциа ахәшәтә препаратқәа раҳасабала.

Ацхыраара рыҭан Очамчыратәи, Галтәи ареабилитациатә центрқәа, урҭ анаҩс, ас еиҧш иҟоу ацхыраара ирзынарышьҭуеит изхылаҧшуа - еиҳа ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа.

Ас еипш иҟоу ацхыраара амҩаҧгара алшара аиуит ҳфонди иара убас  ростовтәи аилахәыра «Биофармеи» русеицура иабзоураны.

Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи", уи алахәылаҩ Ростовтәи аилахәыра "Биофармеи" еицхырааны, еснагьтәи апроект "Агәабзиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, агуманитартә цхыраара арҭеит Гәдоуҭатәи Ареабилитациатә центр "Асаркьал".

Ареабилитациатә Центр "Асаркьал" ҳамҭас иаиуит 20 инареиҳаны хкы змоу амаҭәахәқәа рсиа, хәҭакахьала: аинвалидтә рныҟәагақәа, атренажиор, аныҟәара арҵаразы иҷыдоу ақьарсҭақәа, аортезқәа, алашарбагатә аҧслымӡҭра, амҿтәы конструкторқәа, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа  рыҿиаразы ахархәагақәа, абзазаратә химиа, аусмҩаҧгатә маҭәарқәа, уҳәа убас иҵегьы.

Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ацхыраара рнаҭеит ақыҭа Џьгьарда иатәу 18, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа. Афонд аусбарҭахь аҳәара ҟалҵеит "Очамчыратәи Ақәыҧшратә Ҩны" анапхгаҩы Селма Занҭариаҧҳа. Уаҟа иҳәан, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа афатәқәеи, ахәшәқәеи иара убас абзазаратә химиеи раҳасабала ацхыраара рыҭазарц. Ари аҳәара иадгылеит ақалақь Ростов аҟынтәи афонд алахәылацәа аилахәыра "Биофарма". Урҭ, аамҭа мгакәа Аҧсныҟа иаарышьҭит иаҭаху ахәшәқәа.

Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит иӷару аҭаацәарақәа ацхыраара рызҭаз зегьы.

Афатәқәеи иара убас абзазаратә химиеи раҳасабала ацхыраара рыҭан Гәылрыԥшь араион иқәынхо, ахшарарацәа змоу, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау, иара убас зхала инхо аҭаацәарақәа. Зыӡбахә ҳәоу агәыҳалалратә акциа мҩаԥган аҭыԥантәи аволонтиортә команда -"Агәы разы" аԥшьгарала. Урҭ "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахь ацхырааразы аҳәара ҟарҵеит. Иахьа ари ацхыраара нашьҭын аҭаацәарақәа рахь. Ҳаицхырааноуп еиуеиԥшым аԥынгылақәа риааира злаҳалшо.

Ачымазара ҿкы - акоронавирустә инфекциа аларҵәара ашәарҭаразы, аҭагылазаашьа ҷыда инақәыршәаны, Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнагеит агәыҳалалратә акциа.

"Ахәыҷқәа - аинвалидцәа рҭаацәа рассоциациа" изхылаԥшуа 35 ҭаацәара ироуит афатә тауарқәа реизга, уахь иаҵанакуан абарҭ афатәқәа: ашыла, ашьақар, амакрына, ауҭраҭыхқәа, еиуеиԥшым ахрыӷқәа иара убас абзазаратә химиа.

Ас еиԥш иҟоу, иуадаҩу аамҭақәа раан еиҳа  ашәарҭара иҭагылоуп згәабзиара ԥку ахәыҷқәа ахьызҳауа аҭаацәарақәа.

Иахьа, згәабзиара ԥку ахәыҷқәа рзы Ареспубликатә реабилитациатә центр ацхыраара аҭан. Ас еиԥш иҟаз ацхыраара  ҟаҵан «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсныи»  Ростовтәи анаплакы «Биофармеи» русеицзура иабзоураны.

Ашықәс ҿыц аламҭалаз "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнагеит идуу, Аԥсны ареабилитациатә центрқәа зегьы изхылаԥшуа ахәыҷқәа рыцхыраара иазку ашықәсҿыцтәи акциа.

Ҧхынҷкәынмза 29 рзы «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ихнаркәшеит зымҽхак ҭбаау, Аҧсны ареабилитациатә центрқәа рзы еиҿкааз ашықәсҿыцтәи акциа. Аҵыхәтәаны ҳаҭааит Гәдоуҭатәи ареабилитациатә центр «Асаркьал». Афонд ахаҭарнакцәа ацентр аҟны изхылаҧшуа ахәыҷқәа иранаршьеит 60 ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа. Зыӡбахә ҳәоу акциа мҩаҧысит ашықәсҿыцтәи агәыҳалалратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.   «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ари апрограмма еиҿнакааит Аҧсны ақалақьқәа зегьы рхәыҷтәы реабилитациатә центрқәа рзы.

Иахьа, Очамчыратәи ареабилитациатә центр аҟны изхылаҧшуа, зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы инашьҭын 70 ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа. Иара убас, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ақыҭақәа Ҷлоу, Ҭхьына, Оҭаҧ  иара убас Мықәтәи  1-тәи, 2-тәи ашколқәа ирзынанашьҭит 170 ашықәсҿыцтәи ахаа-мыхаатә ҳамҭақәа. Хәҭакахьала, Мықәтәи 1-тәи ашкол еиқәыршәан  арҧхагақәа фбеи, ашықәсҿыцтәи аҧсаӡ зладырҩычо ахәмаргақәеи рыла.

Pages

Subscribe to Syndicate