Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», изыцҵоу аҵаразы иҳәынҭқарратәым арҵаратә усҳәарҭа «Арҵаратә центр «Академиеи», аҧхьаҟатәи русеицуреи реиҩызареи рзы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Иазгәаҭоу аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҵарадырреи, акультуреи ирызкыу еицырзеиҧшу апроектқәеи апрограммақәеи аус рыдырулалоит.
Арҵаратә центр «Академиа» адиректор Ирина Ҷкадуаҧҳа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа ҭабуп ҳәа иалҳәеит, аханатә ари ацентр аҧҵараҟны ацхыраареи, адгылареи ахьеиҭаз.