Акультуреи Аҵарадырреи

Всего осуществлено 47 проектов
Embedded thumbnail for "Иҟәышу аклассӷәы" Аҧсны аҵареи аҭҵаареи рминистрра ианашьан.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны", Аҧсны аҵареи аҭҵарадырреи рминистрра ҳамҭас ианаҭеит  "Иҟәышу аклассӷәы" захьӡу амыруга.
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа излеиҳәаз ала, Гагратәи ашкол лицеи, ас еиҧш иҟоу амыругақәа ҧшьба ҳамҭас ирырҭеит.
Сонер Гогәуа, Аҧсны аҵареи аҭҵаареи рминистр Адгәыр Какоба, иааиуа Ашықәс ҿыц идныҳәалауа иазгәеиҭеит, аҵара зҵо ҳҿар, ҳаамҭа иақәшәо атехнологиа ҿыцқәа рыла рдырра еиздырҳаларц шырҭахыу.

Embedded thumbnail for Имҩаҧысит аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа  рцәыргақәҵатә еицлабра «Аамҭеи ацәаҳәақәеи».

Апснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, имҩаҧысит аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа «Аамҭеи ацәаҳәақәеи». Уи азкуп Аҧсны аҳәынҭқарра  раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 70шықәса ихыҵра аҳаҭыр.

Ацәыргақәҵа аартуа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак Гәрам Амқәаб иазгәеиҭеит, афонд имҩаҧнаго аусурақәа ртәы. Уи еиҿнакааз ацәыргақәҵа аҵакы ӷәӷәа шамоу.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», изыцҵоу аҵаразы иҳәынҭқарратәым арҵаратә усҳәарҭа «Арҵаратә центр  «Академиеи», аҧхьаҟатәи русеицуреи реиҩызареи рзы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Иазгәаҭоу аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҵарадырреи, акультуреи ирызкыу еицырзеиҧшу апроектқәеи апрограммақәеи аус рыдырулалоит.

Арҵаратә центр «Академиа» адиректор Ирина  Ҷкадуаҧҳа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа ҭабуп ҳәа иалҳәеит, аханатә ари ацентр аҧҵараҟны ацхыраареи, адгылареи ахьеиҭаз.

Жьҭаара 7 инаркны 17-нӡа, аҳҭны қалақь Аҟәа, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧыcоит  асахьаҭыхыҩцәа злахәу Жәларбжьаратәи Арт-пленер. Уи азкыуп Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба 70 шықәса ихыҵра. Ари аусмҩаҧгатә еиҿнакаауеит  Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет, Аҧснытәи амилаҭтә галереиа, Ихьыҧшым асахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла  «Аҧсны-Арт».

Иазгәаҭатәуп, сынтәа ас еиҧш иҟоу аиҿкаара хынтәны ишымҩаҧысуа.

Кипртәи ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Фиқри Торос

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьартәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала,

арҭ амшқәа рзы, усуратә визитла Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Аҩадатәи Кипр иҟоуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада   Сенер Гогәуа, Аҧсны аҵареи,  аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба. Аиҧыларақәа дрылахәуп  Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ахаҭарнак  Инар Гыцба.

Аҟәа имҩаҧысит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Аҧснынтә, Ҭырқәтәыла, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны  аҵара зҵои, сынтәа ҿыц иҭалаз астудентцәеи реиқәшәара.

Қоцьаели ақалақь аҟны , иахьа, ихацыркын жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль. Аҧснынтә уи иалахэуп Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза"!

Pages

Subscribe to Syndicate