Акультуреи Аҵарадырреи

Всего осуществлено 47 проектов

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гагра араион Лӡаа ақыҭан абжьаратә школ 70 нызқь мааҭ рыхә аспорттә маҭәахәқәа анашьан. Иаҳҳәозар:  аҧкьаҭымпылтә стол, аракеткақәа, анапылампылқәа, ашьапылампылқәа, амҵәышәымпылқәа, анапылампылтә сеҭкақәа  уҳәа хкы рацәала аспорт аусхк аҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа.

Гәдоуҭа ақалақь акультуратә хан аҿы имҩаҧысит Урыстәылатәи ацирктә  академиа злахәыз  а-6-тәи Жәларбжьаратәи афестиваль «Солнечный круг». Абар, уажәшьҭа хынтәуп ас еиҧш зыҩаӡара ҳараку афестиваль Аҧсны имҩаҧысуеижьҭеи. Уи иалахәуп  ахореографиеи ацирки рҟны абаҩхатәра злоу аҿар. Хымш имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи афестиваль иалахәуп Аҧснытәи ахореографиатә коллективқәа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит, уи аартра амш иалахәыз,   афонд акультуреи аҵарадырреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, аҭоурыхҭҵааҩ, ашәҟәыҩҩы Омар Баирам-иҧа Беигәаа диижьҭеи 115 шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы имҩаҧнагеит Астол гьежь. Уи азкын Омар Беигәаа иҧсҭазаареи, ирҿиартә ҭынхеи. 

Гал араион аҟынтә ашкол аҵаҩцәа, ахореографиатә ансамбль «Ингәыр» алахәцәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ирзеиҿнакааит аҧсшьаратә мшы. Афонд ахада Сенер Гогәуа иааҧхьарала, дара аҭааит Аҧсны аҭоурыхтә ҭыҧ ҧшӡарақәа,  ҷыдала Афон  ҿыцтәи аҳаҧы. Аҵаҩцәа рзы уи акрызҵазкуаз хҭысын.  Иҟан урҭ рахьтә, раҧхьаӡа акәны ас еиҧш иҟаз алшара змаз,  дара ирбаз-ираҳаз ҳәарада ихнамхырц залымшеит. Амш аныҳәатә ҟазшьа аманы имҩаҧысит. Аҵаҩцәа рҟазара, рыкәашара, рышәаҳәара збаз зегьы, еиҳаракгьы  Аҧсны иаҭааз аҧсшьаҩцәа  акыр иџьаршьеит. Амш аҩбатәи азбжазы,  аҵаҩцәа ргәаҳәара нагӡан.

И.Папасқьыр ихьӡ зху аҳәынҭқарратә библиотекаҿы имҩаҧысит асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылҧази, ицәыргақәҵеи «Аҵхи амши».  Уи еиҿнакааит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа ииз, абаҩхатәра ду злоу асахьаҭыхҩы, арҿиаҩы Нугзар Логәуа иҟазара, Аҧснеиҧш уи анҭыҵгьы еицырдыруеит.   Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәеи Реидгыла далоуп. Иусумҭақәа ҵәахуп Аҧсны амилаҭтә галереиа аҿеиҧш, Урыстәыла, Англиа, Еиду Америкатәи аштатқәа, Италиа, Сан-Марино, Иапониа, Ҭырқәтәыла уҳәа, акыр аҳәынҭқаррақәа рҿы.

Иун 16, асааҭ 16:00 рзы, И. Папасқьыр ихьӡ зху аҳәынҭқарратә библиотекаҿы имҩаҧысуеит асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылҧази, ицәыргақәҵеи «Аҵхи амши».  Уи еиҿнакаауеит ауаажәларратә еиҿкаара   «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».

Ахәылҧаз шәхы алашәырхәырц шәылшоит аҟазара абзиабаҩцәа зегьы!

Ихьыҧшым ашьапылампылтә ассоциациа аконфедерациа аҧшьгарала, Маи 28 инаркны Иун 5-нӡа, Аҧсны имҩаҧысуан  ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат.  Уи иалахәын 12 команда. Ачемпионат афинал аҟны, Аҧсны еизгоу ашьапылампылтә команда Пенџьаба иахьацыхәмаруаз 7:6 ҳәа Аҧснытәи акоманда  аҧыжәара агеит. Убас ала, ConIFA аверсиала, Аҧсны еизгоу ашьапылампылтә команда ҳтәылаҿы имҩаҧысуаз Адунеи ачемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧ иаҧсахеит.

Акыр иаҧсоу ашкол аушьҭымҭацәа! 
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа гәык-ҧсык ала ишәыдырныҳәалоит иахьатәи шәымш ныҳәа! Ишәзеиӷьаршьоит ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа, аҵарадырра бзиа. Ахәыҷра адунеи аҟынтә шәара шәшьаҿақәа ахьеихыжәго аҭакҧхықәра ду зцу аҧсҭазаара амҩа лаша шәзыҧшызааит. Шәҭаацәеи, шәырҵаҩцәеи рџьабаа шәаҧсахааит. Шәыҧсададгьыл шәҵеицәа бзиақәаны, шәыхьӡырҳәаганы шәазгылааит. Мҩамш!

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» адгылара анаҭоит ахәыҷтәы телехәаԥшратә дырраҭара «Мрашҭа».

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» адгылара анаҭоит ахәыҷтәы телехәаԥшратә дырраҭара «Мрашҭа».

Pages

Subscribe to Syndicate