Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧҵан февраль 12, 2015 ш. рзы. Иахьа , уи иахыҵит хышықәса.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» хышықәса ахыҵра аҳаҭыразы имҩаҧган апресс-конференциа. Уи азкын афонд абри аамҭа иалагӡаны имҩаҧнагаз аусқәа реихшьаала атәы. Хыҧхьаӡара рацәала асасцәа, урҭ рыбжьара ажурналистцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, афонд апартноирцәа, иара убас Аҧсны егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа реиҳабацәа, афонд аҳасабырба иазыӡырҩит.
Иара убас, еизаз алшара рыман афонд иҭнажьуа ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» аномер ҿыц аиура.