Ателерадиоеилахәыра Нарҭ-ТВ, аиҿкаара «Кәбан», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» раҧшьгарала, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа рзы аныҳәатә концерт мҩаҧгахоит. Ари аусмҩаҧгатә еиднакылоит ҩнызқьҩык инарзынаҧшуа ауаа. Аныҳәа азгәаҭоуп цәыббра 30рзы, ихацыркхоит асааҭ 20:00.
Ишиашоу атранслиациа еиҿкаахоит асоциалтә ҳа феисбуки, иутуби рҿы, иара убас иазгәаҭоуп Аҧсуа телехәаҧшра ишиашоу ицоу аефир ахь ацәырҵра. Аспутниктә телерадиоеилахәыра Нарҭ ТВ, иара ахатә канал аҿы имҩаҧнагоит ишиашоу ицо аефир. https://www.youtube.com/user/nart56789