Адемографиеи Арепатриациеи

Всего осуществлено 30 проектов
Иорданиантә аинвестициатә рхеилак

Арҭ амшқәа рзы, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа напхгара зиҭоз Аҧснытәи аделегациа Иорданиа, Хашимиттәи акралра иаҭааит.  Уи  аилазаараҟны иҟан: Аҧсны аекономика аминистрра аҟны иҟоу аҳәынҭқарратә инвестициатә  маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа,  афонд аусзуҩ Жанна Леиҧҳа, афонд ахьӡала Ҭырқәтәыла иҟоу ахаҭарнак  Џьенгиз Ашәба, аусдкылаҩцәа  Витали Смыр,  Дмитри Аргәын, Беслан  Џьапуа, ауаажәларратә палата  алахәыла Низам Ҳаҧаҭ. Аҧхьатәи амш азы имҩаҧысит аекономикатә хырхарҭа змаз аиҧыларақәа, иара убас аҧсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа злахәыз аизара.

​Адаҧазар иҟоу  аҧсуаа рхеидкыла  аҭаххара инақәыршәаны, Аҧсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахарџьала,  Ҭырқәтәыла,  аҧсуа бызшәа дырҵаразы  ддәықәҵоуп Аза Шамҧҳа. Аҵаратә процесс мҩаҧысуеит ҧхынҷкәынмза акы инаркны, мшаҧымза акынӡа.

Аза Шамҧҳа, шықәсқәак раҧхьа, Ҭырқәтәыла, Ҵабалаа ирхылҵшьҭроу аҧсуаа ахьынхо Енегиоль ақалақь аҿы,  аҧсуа бызшәа дырҵаразы дышьҭын. Усҟан лара даара қәҿиарала лхы аалырҧшит. Агәра ҳгоит, Аза Лиосик-иҧҳа, илыду аҭакҧхықәра шыналыгӡо,  лырҵаҩратә ҧышәа алҵшәа шаиуа.  Мҩамш!

Иахьа,  Аҟәа ақалақь аҿы имҩпаҧысит Сириатәи Ареспубликаҿы  имҩаҧысуа аибашьра аҿагылара иазкыз амитинг.  Уи рхы аладырхәит Аҧсны анапхгара, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуцәа, ашкол аҵаҩцәа, аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Амитинг ахь ааҧхьара рыман  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа. Афонд ахьӡала дықәгылеит ауи  ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа:

Ажурнал "Аҧсынтәыла сара стәыла " аусзуцәа Гәрам Амқәаби, Сырма Ашәҧҳаи аҭааит адунеи жәларбжьаратәи азхаҵара змам Аҩадатәи Кипр аҳәынҭқарра. Ажурналистцәа араҟа ирҧылеит Кавказ ихҵәаз амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Ара урҭ зегьы ачерқьесцәа ҳәа ирышьҭоуп. Аҭоурыхҭҵааҩ ишиҳәаз ала, Кипр инхоит даараӡа ирацәаҩны Кавказаа, аха рхыҧхьаӡара еилкаам. Иара убас иазгәеиҭеит, абырзенцәа хылаҧшра ззыруа Аладатәи Кипр аҿы ишыҟоу ачерқьесқәеи адыгааи рқыҭақәа. Аҭоурыхҭҵааҩ игәаанагарала, уаҟа инхо Кавказаа, Аҩадатәи Кипр аҟны аасҭа акыр еиҳауп.

Германиа, Миунхен ақалақь, аҧсуаа рхеидкылаҿы имҩаҧысит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуеи, уи ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи, уа инхо ҳџьынџьуааи реиҧылара. Сенер Гогәуа, афонд ахьӡала аҧсуаа иранеишьеит аҳамҭақәа. Ирылацәажәан аҭоурыхтә ҧсадгьыл иадҳәалаз азҵааракәа жәпакы. 
Ишәгәалаҳаршәоит, арҭ амшқәа рзы усуратә визитла Европатәи атәылақәа рҿы ишыҟоу Сенер Гогәуеи, Мақсим Ӷәынџьиеи. 

Иахьа, Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра ашҭаҿы ихацыркын мчымхарыла  ахырҵәара иақәыршәаз ҳауаажәлар ргәаларшәара амш. Уи иалахәын шәҩыла ауаажәларра, урҭ рхыҧхьаӡараҿы Нхыҵ-Кавказынтәи ҳашьцәа, аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи еиҿкаарақәа, ҳтәыла араионқәа рҟынтәи ашкол хәыҷқәеи, арҵаҩцәеи. Анаҩс, еизаз зегьы абираҟқәеи ашәҭқәеи  рыманы, аҿар иркыз абыкь быжьқәа еигәныҩуа, амшын еиқәа аҿықә ахь шьапыла рҿынархеит. Уаҟа, амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аусмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны    аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба зхадараҿы дыҟаз ҳтәыла анапхгара. 

Embedded thumbnail for Египетынтә аделегациа Аҧсны иҟоуп

Ауаажәларратә еиҿкаара  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааҧхьарала, Египетынтә аделегациа Аҧсны иаҭааит. Афонд ахада Сенер Гогәуа усуратә визитла Египети Иорданиеи иҟазаара аан, урҭ арахь рааразы аиҿкааратә усқәа мҩаҧган.  Египет хыҧхьаӡара рацәала инхоит  ҳџьынџьуаа, дара агәаҳәара рымоуп рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь аимадара арӷәӷәара. Египет инхо ҳдиаспора еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла      аус руеит, 20.000 рҟынӡа рхыҧхьаӡара наӡоит. Урҭ еиднакылоит азеиҧш жәла «Абаза».

Аҟәа араион, Баслаҭа амҩа аҭыӡҭыҧ ала инхо, ахшара рацәа змоу Реваз Шарамбаиеи, Есико Ҳашыгҧҳаи, жәҩык аҭыҧҳацәа рааӡоит: Вероника, Кристина, Милана, Лана, Илона, Гәында, Лилиана, Евелина, Даниела.  Зегь иреиҵбу ҧшьышықәса лхыҵуеит, иреиҳабу 22шықәса. Урҭ рахьтә фҩык Аҟәатәи  а-13-тәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит. Сынтәа ҩыџьа ашкол иалгоит, ргәы иҭоуп иреиҳау аҵараиурҭа иҭаларц.

Иаашаҵәҟьаны,ҳажәлар рдуӡӡара ирацәаӡаны иаадырҧшхьеит. Иахьатәи ҳҭагылазаашьа,  иҳамоу ҳхатә ҳәынҭқарра, ҳхақәиҭреи, ҳхьыҧшымреи ирҿахәҳәагоуп. 

Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны имаҷҩым ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа. Убас еиҧш, Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭа инхо Кархалаа рҭаацәа быжьҩык ахшара рааӡоит. Аҩнаҭа аҧшәма Боча Кархалаа, ихьыз ачымазара иахҟьаны, хышықәса раҧхьа иҧсҭазаара далҵит.

Pages

Subscribe to Syndicate