Акультуреи аҵарадырреи

Логәуа Нугзар Ҷыҷыкәа-иҧа

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аиҿкаара, хра злоу акы акәны сахәаҧшуеит. Афонд аҿаҧхьа иқәгылоуп еиуеиҧшым ауаажәларраҿ ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараҿы, иахьынӡазалшо ацхыраарақәа рыҟаҵара. Зегь раҧхьаӡа игылоуп аҧсуаа рмилаҭ культуреи, рҵасқәеи, рқьабзқәеи реиқәырхара. Иахьа,  адунеиаҿ имҩаҧысуа аглобалтә процесс ду иҳазцәырнаго ауадаҩрақәа рҿы, ҳмилаҭтә хеиқәырхаратә зҵаарақәа рылацәажәара.

Афондаҿ иаҧҵо ахеилакқәа ааба рыбжьара иҟоуп, сара снапы ианырҵаз, акультуреи аҵарадырреи ирызкыу ахеилак. Ари даара иҭакҧхықәра дууп сара сзы.

Сгәы иаанагоит ахеилак абзоурала, аҧсуа жәлар ркультуреи, рдоуҳатә  ҧсҭазаареи рыҿиараҿы, акыр зҵазкуа алагалақәа ҟанаҵап ҳәа.

Subscribe to Syndicate