Error message

Notice: Undefined index: #attached in metatag_hreflang_metatag_metatags_view_alter() (line 79 of /var/www/fondapsny.org/data/www/fondapsny.org/sites/all/modules/metatag/metatag_hreflang/metatag_hreflang.module).

Ахҭысқәа

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» фҩык аус азҟазацәа апремиа рананшьеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», 2015 шықәса рзы ҳҳәынҭқарра аҿиараҿы аихьӡарақәа аазырҧшыз, аџьшьаратә  ҳамҭа  «Ахьӡырҳәага» ранашьара иазку ахәылҧаз еиҿнакааит. Уи рхы аладырхәит Аҧсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларратәи акультуратәи усзуҩцәа, аҵарауаа, аҿар.

Embedded thumbnail for "Иҟәышу аклассӷәы" Аҧсны аҵареи аҭҵаареи рминистрра ианашьан.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны", Аҧсны аҵареи аҭҵарадырреи рминистрра ҳамҭас ианаҭеит  "Иҟәышу аклассӷәы" захьӡу амыруга.
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа излеиҳәаз ала, Гагратәи ашкол лицеи, ас еиҧш иҟоу амыругақәа ҧшьба ҳамҭас ирырҭеит.
Сонер Гогәуа, Аҧсны аҵареи аҭҵаареи рминистр Адгәыр Какоба, иааиуа Ашықәс ҿыц идныҳәалауа иазгәеиҭеит, аҵара зҵо ҳҿар, ҳаамҭа иақәшәо атехнологиа ҿыцқәа рыла рдырра еиздырҳаларц шырҭахыу.

Embedded thumbnail for Имҩаҧысит аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа  рцәыргақәҵатә еицлабра «Аамҭеи ацәаҳәақәеи».

Апснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, имҩаҧысит аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа «Аамҭеи ацәаҳәақәеи». Уи азкуп Аҧсны аҳәынҭқарра  раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 70шықәса ихыҵра аҳаҭыр.

Ацәыргақәҵа аартуа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак Гәрам Амқәаб иазгәеиҭеит, афонд имҩаҧнаго аусурақәа ртәы. Уи еиҿнакааз ацәыргақәҵа аҵакы ӷәӷәа шамоу.

Ҳазҭагылоу аамҭазы, Урыстәылеи  Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҭыҧ змоу аҭагылазаашьа, Аҧсны  ианымҧшырц залшом.  Арҭ ашықәсқәа зегьы, ҳара иаҳҳәоз акакәын:  Урыстәыла,  ҳара ҳзы астратегиатә, аекономикатә ҟазшьа змоу партниоруп, агәыларатә еизыҟазаашьа ҳабжьоуп, хырхарҭа рацәала адгылара ҳнаҭоит ҳәа. Убри аамҭазы, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика, хадара зуа аҩбатәи аекономикатә хырхарҭа змоу партниоруп.  Зегь раҧхьаӡа иргыланы, уа инхоит хыҧхьаӡара рацәала ҳдиаспора. Владимир Путин инапы зҵаиҩыз аусҧҟа, Аҧсны аекономика ианымҧшырц залшом. Аӡәгьы изы имаӡам, Ҭырқәтәылеи ҳареи аус шеицаҳуа.

Ноиабр 24, 2015шықәса рзы,  Ҭырқәтәылатәи арра ҳауатә мчра иҭанархеит   Урыстәылатәи абомбакажьгатә ҳаирплан. Убри инамаданы, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  гәалсрала ирыдышшылоит аҳаирплан аҟны иҭахаз,  Урыстәыла аррамаҵзура иахысуаз рҭаацәа.  

Ари ахҭыс ахҳәаа аҟаҵара уадаҩуп. Ҳгәы иаанагоит ас еиҧш иҟоу ацәгьаура алмыршара ахәҭан ҳәа.

Ҳара  Урыстәыла ҳадгылауа, иарбанзаалак атерроризм ҳақәыӡбоит. Убри аганахь ала, Урыстәыла атерроризм иаҿагыланы имҩаҧнаго аусқәа зегьы ҳрыдгылоит.

Нанҳәамзазы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуеи, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» адиректор    Џьевеира Колосовеи , аҧхьаҟатәи русеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Уаҟа ишазгәаҭо ала, шықәсык аҩныҵҟа, ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, афонд «Ашана» иахыҧхьаӡалахоит 800.000 нызқь мааҭ аҧара. Раҧхьатәи ацхыраара лыҭан, ахәыҷ чымазаҩ Лиана Доӷәызиаҧҳа. Уи алшара  лоуит Москватәи атехнологиатә медецинатә институт аҽыхәышәтәра ацара.

Аделегациа хантәаҩра азиуан Иорданиа иаҧҵоу ауаажәларратә еиҿкаара "Диван-Абаза" ахантәаҩы Ҳасан Чычба. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа, ҳџьынџьуаа "Бзиала шәаабеит " ҳәа раҳәо ирзеиҭеиҳәеит афонд аусуреи ахықәки. Аҩганкгьы аҧхьаҟа реимадереи русуреи рзы азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Иазгәаҭатәуп, ҷыдала араб тәылақәа рҿы инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳусеицзура алҵшәа бзиақәа аиурц азы, афонд аҟны ишаҧҵо, Анзор Арҩҭаа напхгара зиҭо аҟәша. Аиҧылара ахыркәшамҭаз, асасцәа гәаларшәагас афонд ахьӡала иранашьан аҳамҭақәа.

Embedded thumbnail for Аҧснытәи аделегациа усуратә визитла аҳәаанырцә иҟан.

Арҭ амшқәа рзы Аҧснытәи аделегациа усуратә визитла Египет, Иорданиа, Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора ирҭааит. Аделегациа аилазаараҟны иҟан: Беслан Быҭәба-аҳәаанырцәтәи атәылақәеи Аҧсни рыбжьара аекономика-хәаахәҭратә еимадарақәа рзы ҳтәыла  ахада ихаҭарнак, Сенер Гогәуа- ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада, Дмитри Аргәын- абизнесмен, Сириантәи Аҧсныҟа нхара ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ, аҳақьым Надир Ҳагәыш.

Аделегациа ахықәкы хадақәа ируакын аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи  ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҧхьаҟа аусеицура. 

Ҭырқәтәыла, Сҭампыл ақалақь аҟны имҩаҧысит аҧсуаа ркультуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгаҩ ҿыц иалхрақәа. Уи еиҳабыс иӡбахә ҳәоуп Аҳмеҭ Хапаҭ. Алхрақәа мҩаҧысит иаарту бжьыҭирала. Иараӡәк иакәын алхрақәа рҟны зкандидатура ықәгылаз. Убри аҟынтә, зегь еицҿакны, напҩахарыла иӡбахә ҳәан Аҳмеҭ Хапаҭ. Аҳмеҭ, Аҧсуа Федерациа ашьаҭаркыҩцәа дыруаӡәкыуп. Ҧшьышықәса инеиҧынкыланы, Афедерациа маӡаныҟәгаҩ хадас дыҟан, анаҩсгьы активла уи имҩаҧнагоз аусурақәа зегьы дрылахәын.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогэуа иаҧшьгарала, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы, аус ауеит апроект "Аҧеиҧш". Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гэдоуҭа араион Лыхны ақыҭа инхо хэҩык ахшара раб, Гиви Генаба иҭаацәа, аматериалтә цхыраара рыҭоуп. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, афонд аҟны иаҧҵоу акультуреи аҵарадырреи рыҟәша анапхгаҩы Нугзар Логәуеи, Генабаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирызнеит .

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада,Сонер Гогәуа, Египет икаҳаз аҳаирплан инамаданы, ҳтәылаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнак Семион Виачеслав-иҧа Григориев ихьӡала адышшылара ҟаиҵоит. Уаҟа иазгәаҭоуп:

«Арҭ амшқәа рзы, ҳара, Урыстәыла агәырҩа ацеиҩаҳшоит. Гәалсра дула иҳадаҳкылеит изаамҭанымкәа  аҳаирплан аҟны иҿахҵәаз 224-ҩы хәыҷи-дуи рыҧсҭазаара. Ҳрыдышшылоит урҭ рҭаацәа» - ҳәа азгәаҭоуп адышшылараҿы.

Дарбанызаалак ауаҩы, иара ихатәы лахьынҵа шизшоу еиҧш, Аҧсадгьыл иамоуп иара ахатәы разҟы, ахатәы лахьынҵа, изнысхьоу аҭоурыхтә мҩа, иацтәи, иахьатәи амш, уаҵәтәи агәыӷра…

Амшын нырцә ихырҵәаз ҳауаажәлар, Аҧсны изныҵыз аҭыҧқәа иреиҧшыз ҧшааны, раҧсуареи, рхатәы бызшәеи ирыхӡыӡаауа анхара рҽазыркит. Уижьҭеи аамҭақәа цеит иниакәкәа.

Embedded thumbnail for «Сара Ҭырқәтәыла сыҟазаргьы, Аҧсны сатәуп, сгәы сыҧсадгьыл ахь иҟоуп.» Енгин Папба иҿцәажәара.

- Зегь раҧхьаӡа иргыланы, иҭабуп ҳазҵаарақәа рҭак аҟаҵара шәахьақәшаҳаҭхаз. Аамҭа ҧшааны ҳахьшәыдышәкылаз. Шәара, Ноиабр мзазы имҩаҧысраны иҟоу, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Жәлар рпартиа ахьӡала, апарламент алхрақәа рахь депутатс шәкандидатура ықәгылоуп. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьаҳшьоит!

Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ноиабр мза алагамҭазы, ишазгәашәҭаз еиҧш, Ҭырқәтәыла апарламент ахь алхрақәа азгәаҭоуп. Сара, абыржәы хынтәуп сықәгылоижьҭеи. Агәыӷра сымоуп сыгәҭакы наӡап ҳәа. Алхрақәа шалгаз еиҧш, Аҧсныҟа анеира сгәы иҭоуп. Сыҧсадгьыл гәхьаазгеит, афақьаҳәа уахь снеиуеит.

Аҧсны имҩаҧысит, ҳтәыла раҧхьатәи Аҳәынҭқарра ахада Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыразы ахҧатәи Жәларбжьаратәи «Арт-пленер», «Аҧсны ахьтәы ҭагалан» ҳәа хьӡыс изауз.

Иахьа,  Аҧснынтә Ҭырқәтәылаҟа амҩа иқәлеит, сынтәа, Сақариатәи ауниверситет иҭалаз 14-ҩык астудентцәа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», изыцҵоу аҵаразы иҳәынҭқарратәым арҵаратә усҳәарҭа «Арҵаратә центр  «Академиеи», аҧхьаҟатәи русеицуреи реиҩызареи рзы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Иазгәаҭоу аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҵарадырреи, акультуреи ирызкыу еицырзеиҧшу апроектқәеи апрограммақәеи аус рыдырулалоит.

Арҵаратә центр «Академиа» адиректор Ирина  Ҷкадуаҧҳа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа ҭабуп ҳәа иалҳәеит, аханатә ари ацентр аҧҵараҟны ацхыраареи, адгылареи ахьеиҭаз.

Жьҭаара 7 инаркны 17-нӡа, аҳҭны қалақь Аҟәа, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаҧыcоит  асахьаҭыхыҩцәа злахәу Жәларбжьаратәи Арт-пленер. Уи азкыуп Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба 70 шықәса ихыҵра. Ари аусмҩаҧгатә еиҿнакаауеит  Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет, Аҧснытәи амилаҭтә галереиа, Ихьыҧшым асахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла  «Аҧсны-Арт».

Иазгәаҭатәуп, сынтәа ас еиҧш иҟоу аиҿкаара хынтәны ишымҩаҧысуа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, усуратә визитла  Ҭырқәтәыла иҟан афонд ахаҭарнакцәа: амассатә информациатә хархәагақәеи ауаажәларреи рхеилак анапхгаҩы Гурам Амқәаб, афонд алахәыла Оқтаи Ҷкотуа, аҧсуареи, адемографиеи, арепатриациеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳа.

 «Ҳара Ҭырқәтәылаҟа ҳцара хықәкыс иамоуп аҧсуареи, арепатриациеи ирыдҳәалоу еиуеиҧшым азҵаарақәеи, апроблемақәеи рыҭҵаара, аҧхьаҟатәи афонд аусура арҭбааразы Аҧсныи аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи реимадара арӷәӷәара»-ҳәа азгәеиҭеит Гәрам Амқәаб.

01 Жьҭ to 30 Цәы

Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхырааразы, апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.

Ауаажәларраатә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхырааразы, апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.

Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵра инақәыршәаны, Баслахә ақыҭа инхо, аибашьра аветеран, фҩык ахшара раб,  Џьон Хьиба иҭаацәа, анхараҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара ҳамҭас ирызнаргеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: афатә зҭарҵо архьшәашәага, амаҭәаӡәӡәага, аҵеџь аҟынтә аӡы злахаргало афымцатә мыруга, аӡы зҭарҭәо абак, иара убас, ахәыҷқәа рзы ашкол маҭәа уҳәа ацхыраагӡатә маҭәахәқәа.

Embedded thumbnail for Аҧсныи адиаспореи реимадара аизырҳара атемала Астол гьежь мҩаҧган.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, имҩаҧган Астол гьежь: «Аҧсныи адиаспореи реимадара аизырҳара» атемала.  Афонд аусура ахықәкы хадақәа ируакыуп аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара, уи ишьҭнахуа азҵаарақәа рыӡбара, рхаҵгылара.

Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи, Кәырбан-Баирам ныҳәа аҳаҭырази, Сириантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ҳтәыла аҭоурыхтә ҭыҧ ҧшӡарақәа рахь аныҟәарақәа еиҿнакааит. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, зегь раҧхьаӡа  хықәкыс ирымаз, Сириа, аибашьра иалҵны зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь иааз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа, аморалтә цхыраара рыҭара ауп. Иара убас, Аҧсадгьыл абзиабареи аҧсуареи рылааӡара .

Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи, Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа иааз раҧхьатәи ҳџьынџьуаа ргәыҧ 40 шықәса ахыҵреи инарымаданы

Embedded thumbnail for Аҧснытәи аделегациа усуратә визитла Аҩадатәи Кипр иҟан.

Аҧснытәи аделегациа, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Аҩадатәи Кипр рыҟазаара иалагӡаны, аусуратә ҟазшьа змаз аиҧыларақәа мҩаҧыргеит.  Адырраҭара  «Ацҳамҩа» иалахәуп  Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр  Адгәыр Какоба, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа.

Ҳреспубликаҿы имҩаҧысуеит аҳәынҭқарратә хортә капелла аиубилеитә концерт.

Ҭырқәтәыла иҟаз Аҧснытәи аделегациа, Аҧсны аҵареи аҭҵаареи рминистр Адгәыр Какобеи, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Сақариа ақалақь аҟны еиҿкаау ҧсуаа ркультуратә хеидкыла аиҳабы Орал  Бганбеи, Сақариатәи ауниверситет аректор, апрофессор Музаффер Ельмас идикылеит.

Ҳазҭагылоу аамҭазы, ари ауниверситет аҟны, еиуеиҧшым афакәльтетқәа рҟны  аҵара рҵоит Аҧснынтә 23-ҩык астудентцәа. Урҭ рахьтә сынтәа иҭалаз рхыҧхьаӡара 14-ҩык ыҟоуп. Аҧснытәи аделегациа аректор даара ҭабуп ҳәа иарҳәеит ҳастудентцәа рҵара-дырра аизырҳаразы аҭагылазаашьа бзиа ахьырзаҧҵо азы.

Иахьа, ҩажәа шықәса ҵит Аҧсны ауаажәларратәи, аполитикатәи усзуҩы, аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩы Иури Николаи-иҧа Воронов дҭадырхеижьҭеи. Ари атрагедиатэ хҭыс ҟалеит Сентиабр 11, 1995 шықәса рзы.

Арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧснытәи аделегациа Адаҧазар инхо ҳдиаспореи, Сақариатәи агәбернатори реиҧылара мҩаҧысит.

Жәларбжьаратәи афонд «Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи  рминистр Адгәыр Какобеи, Адаҧазар иҟоу аҧсуаа ркультуратә хеидкыла аиҳабы Орал Бганбеи, Сақариа агәбернатор Ҳәсеин Авни Џьошь идикылеит.  

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, Аҧсны аҵареи, аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба. Урҭ уа рыҟазаара иалагӡаны акыр аиҧыларақәа мҩаҧыргеит.

Рами, занааҭла дҳақьымуп, инагоу ҟазоуп онкологиатә хирургиаҿы. Иара, Иорданиатәи амедецинатә университет адекан ихаҭыҧуаҩыс дыҟоуп, астудентцәа алекциақәа дырзаҧхьоит.

Кипртәи ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Фиқри Торос

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьартәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала,

арҭ амшқәа рзы, усуратә визитла Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Аҩадатәи Кипр иҟоуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада   Сенер Гогәуа, Аҧсны аҵареи,  аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба. Аиҧыларақәа дрылахәуп  Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ахаҭарнак  Инар Гыцба.

Иахьа, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика иазгәанаҭоит Ахьыҧшымра 25шықәса ахыҵра. Убри инамаданы, Аҧсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика ахаҭарнакра еиҿнакааит афотоцәыргақәҵа, Приднестровиа 25шықәса ахыҵра иазкны.

Ацәыргақәҵа аартуа, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика анапхгараҭара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ-амонополиа ҿагыларатә усуреи ахәҧсақәеи рхеилак ахантәаҩы Витали Улитка еизаз зегьы ҭабуп ҳәа раҳәауа иазгәеиҭеит, Аҧсни Приднестровиеи рыжәларқәа акыр шықәсатәи реиҩызареи русеицуреи аҧхьаҟа иҵегьы ишацҵахо.

Мышқәак раҧхьа, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуеи, акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Џьевеира Колосовеи, аҧхьаҟатәи аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Шықәсык аҩныҵҟа, ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахьӡала, афонд "Ашана" иахыҧхьаӡалахоит 800.000 мааҭ аҧара.
Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра анаҩс, Сонер Гогәуа, раҧхьатәи ахәыҷ чымазаҩ Лиана Догәзиа лыхәышәтәразы афонд иахыиҧхьаӡалеит 200.000 мааҭ аҧара.

Embedded thumbnail for "Жэларбжьаратэи афонд Аҧсны" афонд "Ашана" аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

"Жэларбжьаратэи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуеи, акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Джевеира Колосовои аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Шықәсык аҩныҵҟа ҧшьҩык ахәыҷқәа, ДЦП ачымазара змоу, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахьӡала ирзоужьхоит 800.000мааҭ аҧара.

Аиҿцәажәара далахәуп, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» афинансқәа рхеилак аиҳабы Беслан Кәыҵниа.

Embedded thumbnail for Нанҳәа 15-Аҧсны иазгәаҭоуп Хатәгәаҧхарала еибашьуаз рымш.
Embedded thumbnail for Нанҳәа 15-Аҧсны иазгәаҭоуп Хатәгәаҧхарала еибашьуаз рымш.

Аҧсуа жәлар рхақәиҭразы хатә гәаҧхарала еибашьуаз рхыҧхьаӡара ҩнызқьҩык инарзынаҧшуеит. Дара гәыҩбарак ҟамҵакәа рашьцәа ирыдгыланы рыҧсадгьыл рыцыхьчара иазыхиан, ианаҭахха аамҭазгьы рхы ақәырҵеит . Урҭ ргәалашәара аҳаҭыразы, рыхьӡ акамыршәразы,  Аҧсны ирзыргылоуп абаҟақәа, амҩақәа ирыхҵоуп рыхьӡқәа, еизҳауа абиҧарақәа ирызнагоуп рҭоурых.

Аиааира амш ныҳәа иазкны, Сенер Гогәуа хадара ззиуа "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" имҩаҧнаго апроектқәа ируакыуп "Афырхацәа ргәаларшәара". Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 22 шықәса аҵра аҳаҭыр азы, ҳтәыла ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аҳәаанырцә инхоз ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа ирызкны иҭыжьуп ҳаибашьцәа рсахьақәа зну абаннерқәа.
Урҭ ықәыргылоуп Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟны.

Нанҳәа 7 инаркны 9-нӡа, Аҧсны имҩаҧысит а-17-тәи Жәларбжьаратәи асеминар Карате–До, иара убас, атурнир –акәубок Ешитаки Цунакоши.

Асасцәа рыбжьара иҟан Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи акомандақәа, Ҭырқәтәылантә акоманда.  Аҧснынтә иалахәын Карате –До еиуеиҧшым афедерациақәа . Ишьақәыргылаз апрограммақәа хҧа инарықәыршәаны, ақәратә категориақәа быжьба рыла, 200-ҩык алахәцәа ықәгылон.

Аицлабрақәа рҟны   Аҧснытәи акоманда иааннакылеит актәи аҭыҧ, Урыстәылатәи акоманда аҩбатәи аҭыҧ, Ҭырқәтәылатәи акоманда ахҧатәи аҭыҧ.

78 - шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит аҧсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхдырыҩ, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет адоцент, аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ртеориа акафедра аиҳабы Рауль Қыбеи-иҧа Хонелиа.
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" анапхгареи, аилазаареи гәалсрала ирыдыркылеит аҧсуаа иҳауз ацәыӡ ду. Уи ихьӡ лаша ҳажәлар ргәаҿы иаанхоит наунагӡа...

Ҳаҭырла,

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада
Сенер Гогәуа.

Embedded thumbnail for Витали Смыр, Афонд азы игәаанагара.

Жәларбжьаратәи афонд «Аҧсны»  ҳҳәынҭқарраҿы  иахьаҧҵахаз даара садгылоуп. Мызқәак роуп иҵуа уи аусура хацнаркижьҭеи, даараӡа сгәы  иахәеит апроект «Ани амаалақьи». Ҳара ҳажәлар етноск аҳасабала ҳмаҷуп.   Убри аҟынтә, раҧхьа иргыланы ҳмилаҭ аиқәырхареи, наҟ-наҟ аҿиареи ҳрызхәыцроуп. Ари аус аҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп. Ҳара ибзианы иаҳбарҭоуп, ҳауаажәлар шаҟа гәахәала ирыдыркылаз,  афонд абзоурала зусура хацыркыу, ҿыц ахшара зауа аҧсуа ҭаацәарақәа  ирызкыу апроект . Убас еиҧш иҟоу апроектқәа аҧхьаҟа ирыцҵатәуп, иахьынӡауала иазырҳатәуп анацәа рыхшара рзы ирыдыргало аҳамҭақәа.

Схаан исхашҭуам Ҭырқәтәылатәи ҳаиҳабы Џьамал Чқәаниа, аиҧыларак аҟны, «Австралиа аҧсыуак ишьапы амаӷ алалар, абра иҟоу ҳгәы ҳнархьуа аҟынӡа арыцҳаибашьареи, аихӡыӡаареи, аидгылареи ҳабжьазар ауп!»-ҳәа ииҳәаз иажәабжь. Аҧсуаа ҳахьыҟазаалакгьы, абарҭ ажәақәа ҳгәы иҭакызароуп.

Ҧхынгәы 26 инаркны 29-нӡа, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, афонд аҟны иаҧҵоу жәларбжьаратәи аимадарақәа рхеилак аиҳабы Максим Ӷәынџьиеи, усуратә визитла Урыстәылатәи Афедерациа иаҭааит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  инанагӡоит ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа ирызкыу  апроект «Ани амаалықьи» аусура.  Ҩымчыбжьа ирылагӡаны, апроект аусура хацыркыуижьҭеи, Аҟәа араиони, Аҟәа ақалақьи рҟны инхо 70 ҭаацәара рнапаҿы ирыҭан аҳамҭақәа.  Иазгәаҭатәуп, ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны инхо аҧсуа ҭаацәарақәа зегьы ишрыҭахо аҳамҭақәа. Апроект аусура еснагьтәихоит.

Аҟәа ақалақь, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит, уи ахада Сенер Гогәуеи, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» аҧҵаҩы Богдан Шьакаиеи реиҧылара. Уаҟа инарҭбааны  ирылацәажәан аҩфондк рҿаҧхьа иқәгылоу рхықәкқәа, иара убас аҧхьаҟатәи русеицура азҵаатәқәа. Аҩганкгьы ргәаанагарақәа еиқәшаҳаҭрала иазнеит.

Мышқәак ирылагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь иааиз, ахшара змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара ҩынҩажәа инареиҳауп. Афонд иаҧшьнагаз апроект «Ани амаалықьи» ахыҧша ҳауаажәлар ирылаҵәеит, гәахәала ирыдыркылеит. Иҳадҵаало аҧсуа ҭаацәарақәа рахьтә иҟоуп ахшара рацәа змоу. «Ҳарҭ ҳажәлар маҷуп, ҳдемографиа  ҿиароуп»-зегь рыхшыҩҵак акоуп. Ҳҳәынҭқарра аҧеиҧш ҳазхәыцны, хымҧада,  аҭаацәара ҿыц иаҧызҵо,  аҵеира еиззырҳауа, хырхарҭа рацәала ацхыраара , адгылара рҭахыуп.  Ҳара ҳзы игәадуроуп, ҵара-дыррала, усурҭа ҭыҧла, ҭаацәала еиқәшәоу аҿар, ҳфонд иахьаҭаауа, хаҭала иахьаҳдыруа.

Иарбан ҳәынҭқарразаалак иамоуп иара ахатә ҭоурых, ахатә бираҟ.  Абираҟ-ажәлар знысыз рҭоурых иаҿахәҳәагоуп. Аҧсны абираҟ аҭоурых-ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә кәҧараҿы, ахатә ҭыҧ ҷыда ааннакылоит.

Аҟәа имҩаҧысит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Аҧснынтә, Ҭырқәтәыла, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны  аҵара зҵои, сынтәа ҿыц иҭалаз астудентцәеи реиқәшәара.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ихацнаркыз апроект ҿыц «Ани амаалықьи», ҳауаажәлар даара гәахәала ирыдыркылеит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит, ҳфонд лассы-лассы иаҭаауа,  ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа.  Апроект аусура мҩаҧнагоижьҭеи мышқәак шҵуагьы, узеигәырӷьаша хҭысуп,  аҳамҭақәа занашьаз анацәеи  абацәеи  рхыҧхьаӡара ахьмаҷым. Урҭ ргәырӷьара, ҳәарада, ҳарҭ иаҳгәырӷьароуп. Ари ахҭыс иаҳнарбоит, амаҷ иадымхаргьы, ауаҩы ацхыраара иҭара, ихаҵгылара, агәалаҟара шацу.  Ҳара ҳзы, агәырӷьарақәа иргәырӷьароуп ан лымаалықь иааӡара аус аҟны ҳлагала хәыҷ ахьазгәаҭо.

Pages

Subscribe to Syndicate