Error message

Notice: Undefined index: #attached in metatag_hreflang_metatag_metatags_view_alter() (line 79 of /var/www/fondapsny.org/data/www/fondapsny.org/sites/all/modules/metatag/metatag_hreflang/metatag_hreflang.module).

Ахҭысқәа

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа, Гули Михаил-иҧҳа Кичба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩыс лааҧхьара инамаданы адныҳәаларатә асаламшәҟәы лзынаишьҭеит.

 Адныҳәаларатә асаламшәҟәы аҟны хәҭакахьала иалкаан Гули Михаил-иҧҳа ауаажәларратә усзураҟны лылшамҭақәеи, ллагалеи иара убас илзеиӷьашьын ақәҿиарақәа ас еиҧш иҟоу аус аҟны.

 

 

 

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны» хәышықәса ахыҵит!!!

Иахьа имҩаԥысит ҳфонд аҳасабырбатә конференциа. Еизаз асасцәа ирыдгалан афонд хәышықәсатәи аусура иазку ажәахә. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит еснагь аус ҳацызуа алахәылаҩцәа, ҳҳәынҭқарра иатәу ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа зегьы рхаҭарнакцәа, агәыҳалалратә фондқәа «Ашана» , «Кьараз» ахаҭарнакцәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аспонсорцәа- аилахәырақәа  «Абхазморпром», «Импро», аус  ҳацызуа аилахәыра «Биофарма», ауаажәларратә политикатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, иара убас ҳхықәкқәеи , ҳагәҭакқәеи ҳацеиҩызшо ауаа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада Сонер Гогәуа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа  аҵҳаражәҳәаҩ  Двинианин А.А. иахь инаишьҭит Урыстәылатәи Адипломат Имш иазку адныҳәаларатә шәҟәы. Уаҟа хәҭакахьала  иҳәоуп: ... Урыстәылатәи адипломатиа аҭоурых аҟны иҟан ахьыӡ  дууқәеи, аихьӡарақәеи рацәаны. Аха иахьатәи аамҭазы урыстәылатәи адипломатиа аҿаԥхьа игылоуп еиуеиԥшым аԥынгылақәа, урҭ рахь иаҵанакуеит аҭоурых аилагара, аглобалтә шәарҭадара ашәарҭара, иара убас  аруссофобиатә политика аконсолидациа азура.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Қьырса ныҳәа шәыдаҳныҳәалоит! Ари аныҳәа лаша ишәзаанагааит аҭынчра, аҭышәынтәалара, аилибакаара, агәабзиара, агәамч, досу шәызлаго шәусқәа рҿы аманшәалара! Шәыгәҭакқәа зегьы шәара ишышәҭаху инаӡааит! Шәыҩнаҭақәа лашазааит, аизҳара шәыцзааит!

Ашықәс ҿыц аламҭалаз "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнагеит идуу, Аԥсны ареабилитациатә центрқәа зегьы изхылаԥшуа ахәыҷқәа рыцхыраара иазку ашықәсҿыцтәи акциа.

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар! Абар, ҳазҭоу ашықәс наскьагоу, ҳашәхымс иаалагылеит Ашықәс Ҿыц! Хәыҷгьы дугьы зегьы уи ҳгәыӷрақәа адаҳҳәалоит. Ҭаацәала, ҩнаҭала аманшәалара шәзаанагааит! Аҧсынреи аҧсуа жәлари рзы ахҭыс бзиақәа рацәахааит! Адунеи аҿы ишьақәгылааит аҭынчра! Ҳажәҩан еснагь илашазааит! Ҽааныбзиала шәгәырӷьо шәнеилааит!
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны".

Ҧхынҷкәынмза 29 рзы «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ихнаркәшеит зымҽхак ҭбаау, Аҧсны ареабилитациатә центрқәа рзы еиҿкааз ашықәсҿыцтәи акциа. Аҵыхәтәаны ҳаҭааит Гәдоуҭатәи ареабилитациатә центр «Асаркьал». Афонд ахаҭарнакцәа ацентр аҟны изхылаҧшуа ахәыҷқәа иранаршьеит 60 ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа. Зыӡбахә ҳәоу акциа мҩаҧысит ашықәсҿыцтәи агәыҳалалратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.   «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ари апрограмма еиҿнакааит Аҧсны ақалақьқәа зегьы рхәыҷтәы реабилитациатә центрқәа рзы.

Иахьа, Очамчыратәи ареабилитациатә центр аҟны изхылаҧшуа, зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы инашьҭын 70 ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа. Иара убас, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ақыҭақәа Ҷлоу, Ҭхьына, Оҭаҧ  иара убас Мықәтәи  1-тәи, 2-тәи ашколқәа ирзынанашьҭит 170 ашықәсҿыцтәи ахаа-мыхаатә ҳамҭақәа. Хәҭакахьала, Мықәтәи 1-тәи ашкол еиқәыршәан  арҧхагақәа фбеи, ашықәсҿыцтәи аҧсаӡ зладырҩычо ахәмаргақәеи рыла.

Иахьа, Аҟәатәи ареабилитациатә центр ахәыҷқәа рзы, "Дом Москвы" аизарҭа азал аҟны имҩаԥысит ашықәс ҿыц аныҳәа. Аҵаа Бабадуи, Асҭыԥҳаи, иара убас алакәтә аҵани ахәыҷқәа рзы ирыздырхиеит аинтерес змоу, иеиуеиԥшым аконкурсқәеи, илахҿыху ашәақәеи рыла иҭәу апрограмма.

Аныҳәа ахыркәшамҭаз ахәыҷқәа зегьы иранаршьеит ашықәс ҿыҵтәи аҳамҭақәа.

Ари ашықәс ҿыц аныҳәа еиҿкаан "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ацхыраарала.

Иахьа, ашықәс ҿыцтәи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иаҭааит ақ. Гал Ахәыҷтәы реабилитациатә центр иара убас Ахәыҷқәа рыҿиара ацентр. Ахәыҷқәа асасцәа рзы идырхиаз ашықәс ҿыц ныҳәа афонд аҳамҭақәа угәы иаахәаратәы иханарҭәааит. Ари аныҳәа иаҭааит иара убас ақ. Гал ахадареи уи аколлективи.

Ҳара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ацентр анапхгаҩцәа Изориаԥҳа Ирмеи, Маиа Кәакәасқьырԥҳаи зых иамеигӡо рџьабаа, русура азы, иара убас ацентр ааӡамҭацәа ирзеиӷьаҳшьоит иааиуа 2020-тәи ашықәс қәҿиарала иҭәызарц.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ашықәс ҿыц аныҳәа амҩаҧгара иалагеит ақ. Тҟәарчал Ахәыҷқәа рыҿиара ацентр аҭаарала. Ахәыҷқәа рзы иазыхиан узтәызтәуа апрограмма. Уаҟа, ахәыҷқәеи алакәтә фырхацәеи имҩаҧыргеит иеиуеиҧшым аконкурсқәа, ирыҧхьеит ажәеинраалақәа, ироуит аҳамҭақәа. Ҳәарада, ахәыҷқәа рныҳәа ихазынахәха, игәырӷьаччараха имҩаҧысит.

Аныҳәа ахыркәшамҭаз ацентр аҟны изхылаҧшуа ахәыҷқәа зегьы, афонд ахьӡала ироуит ашықәс ҿыцтәи ахаа-мыхаатә ҳамҭақәа.

Иран Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадеи, Аус знапы алаку аҳәсақәа р- Ассоциациа ахадеи рааԥхьарала «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны» ахада Сонер Гогәуеи , афонд аҟны Асоциалтә политиказы акомитет анапхгаҩы Иулиа Гәымԥҳаи  иаҭааит Исламтәи Аҳәынҭқарра Иран, ԥхынҷкәынмза 2019 шықәса рзы.

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны еиҿкаан иеиуеиԥшым абизнестә секторқәа рхаҭарнакцәа реиԥылара. Уаҟа ирылацәажәеит иеиуеиԥшым, атуризм аусхк аҟны,  иара убас Иран аҟны ибзианы иҿио амедицинатә туризм аҟны аусецура  рызҵаарақәа. Иара убас ирҭааит иеиуеиԥшым анаплакдуқәа.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ реилатәара. Аилатәараҟны иалахәын Аҧсны ареабилитациатә центрқәа зегьы рнапхгаҩцәа, Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аиҳабы Игорь Џьопуа, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» аиҳабы Мактина Аџьынџьал, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарратә хшараиурҭа аҳақьым хада Белла Ԥлиа.

Мышқәак раҧхьа, Ермантәылантәи дхынҳәит Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым- атравматолог, Аррахәышәтәырҭаҟны атравматологиатә ҟәша аиҳабы - Гьаргь Морохиа. Иара Ермантәыла, ақалақь Ереван аҟны «Ицқьоу Анцәа иан» Еревантәи ахәышәтәырҭаҟны абҵарамза 10, 2019 ш. инаркны 30-нӡа иҧышәа аизҳара дахысуан.

Зыӡбахә ҳәоу аҧышәахысра амҩаҧгара алшара аиуит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" иабзоураны. Ари аҭаара еиҿнакааит иара убас ахарџьқәа зегьы ахахьы иагеит афонд.

Тырқәтәыла ииз, иааӡаз, шықәсқәак раҧхьагьы Аҧсныҟа ихынҳәыз ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩы Ҳаир Қәҭарба 60 шықәса ихыҵра иазкны, Иван Ҧаҧасқьыр ихьӡ зхыу Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә библиотека аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахадареи, Аҳәынҭқарратә библиотека ахантәаҩи, ашәҟәыҩҩы иҩызцәеи, алитература абзиабаҩцәеи злахәыз ахәылҧаз. Уаҟа инарҭбааны иазааҭгылеит ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә мҩа зегьы.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, ахада Сонер Гогәуеи уи ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи иалахәын «Аладатәи Урыстәыла – Урыстәылеи-Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа аконтекст аҿы» темас измаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә сессиа. Ари асессиа мҩаҧысуан ақалақь Ростов,  Аладатәи Афедералтә Университет аҟны, абҵарамза 11, 2019 ш. рзы.

Асессиа иалахәын иара убас Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыҭҵаарадырратә гәыҧқәа рхаҭарнакцәа. Хәҭакахьала:

Цибенко Вероника – Аладатәи Афедералтә Университет, адисциплинартәи агәыҳалалратәи ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы.

Ҳара ҳапроект «Адырра ҿыц» аусура иацнаҵоит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт Ахыҵхырҭаҭҵааратә ҟәша ҳамҭас ианаҭеит акомпиутертә техника.

Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны Ахыҵхырҭатә ҟәша имҩаҧнагоит акрызҵазкуа, ихәарҭоу аус. Уахь иаҵанакуеит еиуеиҧшым ахыҵхырҭақәеи, аусшәҟәқәеи реиҭашьақәыргылара, иара убас ижәытәу анапылаҩырақәеи, аҭыжьымҭақәеи реиҭагара.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала ҳтәылауаа зегьы ишәыдаҳныҳәалоит аҽаҩра ныҳәа «Амшен».

Ари аныҳәа Аҧсныҟа иааган аерман жәлар рҟынтә. Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатә ажәлар рзы акрызҵазкуа ныҳәоуп. Ари амш еизааигәанатәуеит амилаҭрацәа змоу ҳажәлар. Абар уажәшьҭа ҧшьышықәса ҵуеит аҽаҩра ныҳәа «Амшен» Аҧсны имҩаҧыргоижьҭеи. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳашьцәа аерманцәа ас еиҧш иҟоу, илахҿыху амш ныҳәа ҳаидгыланы иахымҩаҧаҳго , ҭагалан  иаҳзаанагаз аҽаҩреи, аконцерт программеи ҳреигәырӷьартә еиҧш алшара ахьҳамоу.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» аусзуҩцәа Урыстәыла ауаажәларра зегьы ирыдырныҳәалоит Жәлар Ракзаара Амш. Урыстәыла аҭоурых аҟны ари акрызҵазкуа мшуп. Ари амш азы, 1612 шықәса рзы аземтәи анапхгаҩы Кузьма Минин, иара убас аҭауад Дмитри Пожарски зхадараҟны иҟаз жәлар рыр  Москва ақалақь аполиактә мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭыртәит. Аӷацәа аҳҭнықалақь ралцарала  Урыстәыла аҳәынҭқарра ҿыц ашьақәыргылара иалагеит. Ари аамҭазы Романоваа рдинастиаҟынтә далхын аҳәынҭқар ҿыц.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада ихаҭыԥуаҩ Максим Ӷәынџьиа далахәын аҭоурых аҟны раԥхьаӡатәи Асаммит Урыстәыла – Африка. Ари асаммит рҽаладырхәит африкатә тәылақәа зегьы рхаҭарнакцәа.  43 африкатә тәылақәа рхадацәеи, аминистрцәеи, абизнес ахаҭарнакцәеи агәацԥыҳәара аадырԥшит ҳаамҭазтәи аԥсҭазаара иаҵанакуа аусхкқәа зегьы  урыстәылатәи – африкатәи аимадарақәа рҟны  рырӷәӷәара.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» еснагьтәи апроект «Аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳаҭааит Очамчыра араион, Кәтол ақыҭа инхо, ахшара рацәа змоу Коӷониаа рҭаацәара.

Аҭаацәа реиҳабы –абду Андреи Коӷониа, иԥшәмаԥҳәыси, иԥеи, иҭацеи фҩык ахшара рааӡоит, хҩык аҷкәынцәеи, хҩык аӡӷабцәеи: Анастасиа, Софиа, Данила, Аинар, Илиа, Еснаҭ. Зегь иреиҳабу илхыҵуеит жәашықәса, зегь иреиҵбу ԥшьышықәса. Урҭ рахь хәҩык ашкол ахь иныҟәоит. Ахәыҷқәа аҵара бзианы ирҵоит. Ашколтә маҭәарқәа зегьы рҟнытә зегь раасҭа бзиа ирбоит аҳасабра.

Ермантәылантәи Аԥсны иаҭааз аҳақьым-аортопед  Овсеп Даниелиан хәымш ирылагӡаны 70-ҩык ДЦП ачымазара змоуи, иара убас егьырҭ ачымазара зыцны ииз ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигеит. Агәаҭарахь инеиз ахәыҷқәа рахьынтә иҟан аҳақьым раԥхьаӡа акәны згәаҭара мҩаԥигоз. Иҟан иара убас егьырҭ Овсеп Аветик-иԥа уаанӡа аоперациа  ззиухьаз ачымазаҩцәагьы. Урҭ ргәабзиара шеиӷьхаз иаразнак иубарҭан.

Ихәыҷымкәа идухахьада?! Аҵара, аиҩызара, аизҳара агәашәқәа ззаатуа аҵаҩцәа рзы, аныҳәақәа ирныҳәоуп аҵарашықәс алагамҭа - Цәыббра 1.  Уи зегь реиҳа згәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшу,  раҧхьаӡакәны  аҵарадырра адунеиахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа роуп. Ааи, ашкол аҿоуп уҧсҭазаараҟны  зегь реиҳа иухамшҭуа, згәыбылра уцу раҧхьатәи урҵаҩы уахьлабадыруа, иахьурҳауа  аҩызцәа, аҧсҭазаара ду ахь уназго амҩахәасҭа уахьаныло. Аҧхьашьа, аҩышьа, ахымҩаҧгашьа уҳәа, ирацәоуп жәеиза шықәса рыҩныҵҟа ашколтә ҧсҭазаараҟны  иузаатуа амаӡақәа.  Хымҧада, ахәыҷра иацуп ахәмарра, аҩра, аҧара.

Абар иааит аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵара аамҭа. Ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рзы ари аамҭа ирызцәырнагоит имаҷымкәа ахарџьқәа.

Цәыббра 1 аламҭалаз, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнагеит афонд еснагьтәи апроектқәа ируаку- апроект «Агәыразра». Афонд ахь инашьҭыз арзаҳалқәа рҟнытә иалхын ҩажәаҩык, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтә аҵаҩцәа. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуҩцәа ахәыҷқәеи рҭаацәеи ирыцны иаҭааит Аҟәа ақалақь адәқьанқәа руак. Уаҟа ирзаархәеит ашколтә шәҵатәымаҭәеи, иар убас аҵараҿы рхы иадырхәаша амаҭәарқәеи.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа иаҭааит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал». Афонд афинанстә цхыраарала ацентр ахыбра аҟны имҩаҧыргеит арҽеиратә усурақәа. Уаҟа аҭыҧ аанакылеит зықәра маҷу ахәыҷқәа аус ахьрыдыруло ауада.

Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал», иара убас Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҭабуп ҳәа иарҳәоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент Аспикер ихаҭыҧуаҩ Сангәлиа Михаил Петр-иҧа, ацентр адгьылҵакыра арҭбааразы ацхыраара ахьаиҭаз.

Нанҳәамза 7 рзы Аҟәа имҩаҧысит абаҩхатәреи аҧшӡареи ирызку афестиваль "Аҧсны Аҳкәажә 2019", иара убас "Мини Мисс Аҧсны 2019".  Ари афестиваль есышықәса имҩаҧыргоит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" акультуратә фонд "L-star" рыцхыраарала.

"Аҧсны Аҳкәажә 2019" ахьыӡҳәараҟны аиааира лгеит Иарна Гемуаҧҳа. "Мини Мисс Аҧсны 2019" атитул иланаршьеит Арина Кәакәасқьырҧҳа.
"Аҧсны Апринцесса 2019" ахьыӡ ланашьан Валериа Учаа. "Аҭыҧҳа ҧшӡа хәыҷы 2019" ахьыӡ лоуит Софиа Шамбҧҳа.
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ари апроект аҟны аспонсорқәа ируакуп.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» гәалсра дула адышшылара ҟанаҵоит Ҭырқәтәыла  ақалақь Диузџье аҟны иҟалаз аӡхыҵра  иахҟьаны иҭахаз ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи рахь. Аӡхыҵраан арыцҳара иақәшәаз ауаа ирзеиӷьаҳшьоит иаарласынтәи реиҭашьақәыргылара, дасу рыҩнқәа рышҟа рыхынҳәра. Зыӡбахә ҳәоу Ҭырқәтәыла арегион аҟны еизакны инхоит . ҳ - Диаспора ахаҭарнакцәа. Агәыӷра ҳамоуп, аамҭа кьаҿла  аӡхыҵра иаанагаз аҧынгылақәа ишыриааиуа.

Иахьа,  ҳара ҳаҭааит ААУ  азеиҧш нхарҭа, афонд ҳамҭас уи ианаҭеит  аӡəӡəагатə машьынақəа ҩба.

Азеиҧш нхарҭатə ҩны аиҳабы Зураб Амҷба ҳара иаҳирбеит ахыбра, уи еиқəыршəоуп астудентцəа рынхара аиҕьтəразы ҳаамҭазтəи астандартқəа ирықəыршəаны. Араҟа иҟоуп аҧсшьарҭатə уадақəа, аспортзал, абиблиотека, ашəҟəыҧхьарҭатə зал, амедеицинатə уада раҧхьатəи  ацхыраара роурц ахьрылшо.

„Жəларбжьаратəи афонд Аҧсны“ ҩаҧхьа ацхыраара анаҭалоит ААУ азеиҧш нхарҭа, аҭагылазаашьа бзиақəа ахьаҧҵо инаҷыданы, иҟаҵатəқəоу ыҟоуп, иаҳҳəозар аспорттə дəы, иара убас  егьырҭ  ауадақəагьы.

Апроект  „Ани амаалықьи“ -„Жəларбжьаратəи афонд Аҧсны“ раҧхьатəи проектуп, абар уажəшьҭа ҧшьышықəсоуп аус ауеижьҭеи. Абри аамҭа иалагӡаны аҳамҭа роухьеит  3210-ҩык асабицəа. Аҳамҭа еиднакылоит ахəыҷы иааӡаразы иҷыдоу амаҭəахəқəа, иара убас ани амаалықьи ирыхəаша амаҭəахəқəа.

Апроект аусура цонаҵы афонд аусзуцəа еилыркааит ани амаалықьи еиҳа ирыхəарҭахашаз амаҭəарқəа. Иахьа, ҳара гəахəарыла адырра шəаҳҭоит аҳамҭақəа еидызкылоз ашəыра еиҳагьы ишацҵахаз, акыр ицхыраагӡаны ишыҟалаз.

Апроект „Агəабзиара“ аҳəаақəа ирҭагӡаны „Жəларбжьаратəи афонд Аҧсныи“, Ростов ақалақь аҟынтəи  анаплакы „Биофармеи“ ҩаҧхьа ацхыраара  рырҭоит Аҟəа ақалақь аҿы иҟоу Ареспубликатə хəыҷтəы хəышəтəырҭа аҧҟарҭатə ҟəша.
Ааигəа, аҧҟарҭатə ҟəша еиқəыршəан ҳаамҭа иақəшəо аҧҟарҭатə стол ала, иахьа, Ареспубликатə хəыҷтəы хəышəтəырҭа аиҳабы Игор Џьапуа  иҭан аҧҟара злаҟарҵо аинструментқəа.

Рашәарамза 1 азы  "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ҳтәылаҿы иҟоу ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәеи

Embedded thumbnail for Рашәарамза 1 азы имҩаҧысуеит ахәыҷтәы рҿиаратә фестиваль

Ахәыҷқәа рыхьчара амш аҽны "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ааҧхьара рынаҭоит зегьы ахәыҷтәы рҿиаратә фестиваль ахь. Уаҟа, Аҧснытәи ареабилитациатә центрқәа рҟынтә ахәыҷқәа аконцерттә программа еиҿыркаауеит. Иара убраҟагьы иааухәар ҟалоит ахәыҷқәа рнапкымҭаҭәа, русумҭақәа.
Рашәарамза 1, асааҭ 14:00 рзы ҳашәзыҧшуп абри аҭыӡҭыҧ ала: ақ. Аҟәа, И.Г.Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека.

Иахьа, Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ҳамҭас иаиуит ҳаамҭазтәи амыругақәа аҧҟарҭатә зал азы. Ас еиҧш иҟаз  аусмҩаҧгатә еиҿкаан  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхырааралеи, ростовтәи аилахәыра  «Биофарма» абзоуралеи.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа еизаз зегьы  аҧсшәа реиҳәеит.  Иазгәеиҭеит, иахьа Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ҳаамҭа иақәшәоу амыругақәа рыла ишеиқәыршәоу.

Иҟаҵаз ацхыраара иартәоит 900.000 нызқь мааҭ, афинанстә харџь хада ахахьы иагеит  аилазаара «Биофарма».

Иахьа, ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ ахаҭарнакцәеи, «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсныи», иара убас «Ахәыҷқәа  – аинвалидцәа рҭаацәа рассоциациеи» иаҭааит  Очамчыратәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр.  Ахәыҷқәа асасцәа ирҧылеит илахҿыху амузыкатә номерқәа рыла. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацентр ҳамҭас ианаҭеит хыҧхьаӡара рацәала абзазаратә ҳамҭақәа.

Ҳара гәалсра дула иҳадаҳкылеит аҳаирбаӷәаза Шереметиево аҟны иҟалаз ахҭыс хлымӡаах. Аҳаирплан атәараан амца акит, уаҟа иҭахеит 41-ҩык апассаџьырцәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа рыхьӡала адышшылара ҟаҳҵоит иҭахақәаз рыуацәеи рҭынхацәеи рахь.

Абар ахыркәшарахь инеит Ермантәылантәи ареабилитолог Аҧсны лҭаара. Ареабилитолог Аҧсны лыҟазаара иалагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» рхаҭарнакцәеи лареи русеицзура иабзоураны иаҭааит Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Очамчыра, иара убас Аҟәа ақалақьқәа рреабилитациатә центрқәа. Аҳақьым инарҭбааны дазааҭгылеит ацентрқәа зегьы русура аҷыдаҟазшьақәа, анаҩс ирылҭеит хәы змоу, ахәыҷқәа рыхәышәтәреи, ареабилитациеи ирызку абжьгарақәа, иара убас иаҭаху амедицинатә маҭәахәқәа раахәаразы арекомендациақәа.

Апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» Аҧсныҟа даанаҧхьеит Ермантәыла Ахәыҷтәы реабилитациатә центр аҟны  ареабилитациатә маҵзура анаҧхгаҩы Лаура Мавсисиан. Ари аҭаара хықәкыс иамоуп Аҧсны ареабилитациатә центрқәа рҭагылазаашьа ахәшьара аҭара. Зегь раҧхьаӡа ареабилитолог даҭааит Гәдоуҭа ақалақь  ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал». Ацентр аусура гәаҭаны ареабилитолог ацентр аусзуҩцәа ирылҭеит хәы змоу, апрофессионалтә абжьгарақәа ЛФК аиӷьтәразы, иара убас иаҭаху амедицинатә маҭәахәқәа рзы арекомендациақәа.

Embedded thumbnail for Аԥсны- Урыстәылеи-Ҭырқәтәылеи резыҟазаашьақәа аконтекст аҿы

Мшаԥымза 12,  2019 шықәса рзы, Аҟәа имҩаԥысит аконференциа «Аԥсны- Урыстәылеи-Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа  рконтекст аҿы». Уи иалахәын  Аԥснынтә, Урыстәылантә,  Ҭырқәтәылантә аекспертцәа. Ахәҭакахьала, апрофессор Мысҭафа Аидын, Ҭырқәтәыла Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа реидгыла ахада, Сҭампылтәи Кадыр Хас уаанӡатәи аректор;

Embedded thumbnail for Жәларбжьаратәи аконференциа «Аԥсны, Урыстәылеи- Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа рконтекст» аҟны

Мшаԥымза 12, 11:00, 2019 шықәса рзы, аконференц-зал «Атриум-Викториа» аҟны имҩаԥысуеит аҩбатәи Жәларбжьаратәи аконференциа «Аԥсны, Урыстәылеи-Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа рконтекст» аҟны.

 Аконференциа иалахәуп  ауаажәларра рхаҭарнакцәа, Аԥсны аҭҵаарадырратә хеилакқәа, аҳәаанырцәтәи аҵарауаа.  

Иахьа, ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыԥ ахаҭрнакцәа, Аԥсны ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа реиҳабацәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана», «Жәларбжьаратәи аиҿкаара  «World Vision» , ассоциациа  «Инва  Содействие», «Аинвалид хәыҷқәа рҭаацәа рассоциациа» аҭааит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы реабилитациатә  центр «Асаркьал».

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  «Асаркьал» ҳамҭас ианаҭеит хыԥхьаӡара рацәала абзазара-химиатә   ҳамҭақәа, иара убас 50.000 нызқь мааҭ аԥара.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит изаамҭанытәу, ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ реилатәара. Аилатәараҟны иалахәын Аҧсны ареабилитациатә центрқәа зегьы. Уаҟа ирылацәажәеит Аҧсны ареабилитациатә центрқәа рзы акадырқәеи, хәҭакахьала аортопедиа аусхк аҿы азҟазацәеи разыҟаҵара.Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ацхыраара аҭара аҧыжәаратә хырхарҭақәа ируакхоит.

Ермантәылатәи  Аҧснытәи ахәышәтәырҭақәа русеицура иацҵахоит. Хаҭала Аҧсныҟа иааҧхьахоит Ермантәылантәи аҳақьымцәа - азҟазацәа.

Иахьа, хәажәкырамза 4 рзы, Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭи иҵуазаарын 70 шықәса. Ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы, иара убас анаҩстәи аҿиараҟны иара илагала акыр ирацәоуп. Сергеи Уасил-иԥа дуаҩы ӷәӷәан, иҟәышыз политикын, ҳәынҭқарратә усзуҩын, итәылазы дпатриот дуун. Ус баша аҳәынҭқарра напхгара азиуамызт, иара ижәлар дырзааигәан, еидикылон, бзиа ибон.

Сергеи Уасил-иԥа  хаҭала  дыздыруаз зегьы ибзырӡы рҳәоит, иҳалалра рхашҭуам, иуаҩра ргәаладыршәоит. Аԥсуа политика ахықәцә аҿы дшыҟазгьы, зегьы рзы даартын, дуаҩ иашан.

Иахьа, асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц зал аҟны имҩаԥысит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аҳасабырбатә конференциа.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит афонд  ахаҭарнакцәа, аус рыцызуа ауаажәларратә усзуцәа рхаҭарнакцәа.  Афонд имҩаԥнаго аусуразы аџьшьара арҭеит . Еизаз зегьы иазгәарҭеит ҳҳәынҭқарраҿы иуԥыло  асоциал-економикатә уадаҩрақәа рыӡбараҟны афонд иҟанаҵо ацхыраара.

Афонд ԥшьышықәсатәи  аусуратә аамҭа иалагӡаны иныхуп  50 млн.мааҭ.

Ахәҭакахьала,

- Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны 2886-ҩык ахәыҷқәа аҳамҭақәа рызшан;

Жәабранмза 12, 2015 шықәса рзы ҳара иаԥаҳҵеит Ауаажәларратә еиҿкаара, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ауаа рыцхыраара хықәкыс иҟаҵаны, иара убас иҳалшо ала ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи адгылара раҳҭарц.

Ԥшьышықәса ирылагӡаны иҟаҵо маҷым. Шәҩыла ауаа ацхыраара рыҭоуп. Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны  хнызқьҩык ҿыц ииз ахәыҷқәа аҳамҭақәа рызшоуп.

ДЦП ачымазара змоу  17-ҩык ахәыҷқәа Ермантәыла аоперациа рзыҟаҵоуп. Асоциал-економикатә тематикеи Жәларбжьаратәи аимадарақәеи рыҿиара инарымаданы ,  Астол гьежьқәа  жәаба инарзынаԥшуа еиҿкаауп.

Ӷәада ақыҭа ахадара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ашҟа иҟарҵаз ааҧхьара инамаданы, К.К. Агәмаа ихьӡ зху Ӷәадатәи абжьаратә школ ҳамҭас иаҭан арҧхагақәа 18.  Ашкол аҟны аҵара рҵоит 40-ҩык аҵаҩцәа. Ӷәада а қыҭа администрациа аиҳабы Циала Ашәҧҳа иазгәалҭеит: «Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит «Жәларбжьаратә афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа. Шәара ишәыбзоураны ҳхәыҷқәа  арҵаратә процесс ацырҵарц рылшоит акласстә уада ҧхақәа рҿы».

Иахьа, Ассоциациа «Инва-Содействие» аусбарҭаҟны зымаха-зышьаха еибгам ауааҧсыра ирыҭан арныҟәагақәа.

Ас еиҧш иҟаз ацхыраара   алыршахеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» Ассоциациа «Инва-Содействие» рыбзоурала. Зегь раҧхьа иргыланы Швеицариа атәылауаҩ, еснагь ҳәа Аҧсныҟа нхара иааз Манфред Петрич  ииаирҧшыз агәыҳалалра ацхыраарала. Манфред Петрич, изныкымкәа адгылара риҭахьеит зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ауаа, иара убас Ешыратәи ашкол, аҟазара аусзуцәа, еиуеиҧшым аусбарҭақәа.

Pages

Subscribe to Syndicate