Error message

Notice: Undefined index: #attached in metatag_hreflang_metatag_metatags_view_alter() (line 79 of /var/www/fondapsny.org/data/www/fondapsny.org/sites/all/modules/metatag/metatag_hreflang/metatag_hreflang.module).

Ахҭысқәа

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд ахаҭарнак Сырма Ашәҧҳа аҭааит Очамчыра араион Аҭара ақыҭа инхо Кәыҵниаа рҭаацәа.

Иҟалаз ахҭыс зегьы ҳцәа ҳҭанарӡыӡааит. Аҧсны атәылахьчара аминистрра иатәу, Приморск ақыҭаҿы аџьаҧҳаныҵәахырҭаҿы  иҟалаз атҟәацра иахҟьаны, ҩыџьа рыҧсҭазаара иалҵит. Дара Урыстәылантәи Аҧсныҟа ҧсшьара иааны иҟан. 50-ҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит.

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа  иҭахаз  рҭаацәаа гәалсрыла ирыдышшылоит, ахәрақәа зауз агәабзиара рзеиӷьаршьоит. 

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Иорданиантәи Аҧсны иаан иҟаз ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбан», иара убас ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» русура хыркәшоуп.  Аделегациа иалахәын: Базель Ҳаџьҭас –иҳәынҭқарратәым аиҿкаара  «Кәбан», ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ»  адиректор хада, Мысҭафа Нагоџь-«Нарҭ-ТВ» афинанстә директор, Саид Базока – ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» асахьаркыратә напхгаҩы, Дана Быџь- ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани», ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» аменеџьер.  Ҳџьынџьуаа Аҧсныҟа раара хықәкыс иамоуп  «Нарҭ-ТВ» аканал аҟны аҧсышәала ае

​Ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани», ателеканал «Нарҭ-ТВ» рхаҭарнакцәа Аҧсны русурақәа ирыцҵоуп. Урҭ ҳтәыла иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иҟарҵаз ааҧхьарала.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааҧхьарала, Аҧсны иаҭааит ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани», аспутникатә телерадиоеилахәыра «Нарҭ-ТВ» ахаҭарнакцәа. Базель Ҳаџьҭас –иҳәынҭқарратәым аиҿкаара  «Кәбан», ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ»  адиректор хада, Мысҭафа Нагоџь-«Нарҭ-ТВ» афинанстә директор, Саид Базока – ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» асахьаркыратә напхгаҩы, Дана Быџь- ауаажәларратә еиҿкаара «Кәбани», ателехәаҧшратә еилазаара «Нарҭ-ТВ» аменеџьер. Иорданиантәи аделегациа Аҧсныҟа раара алыршан 2017 ш. рзы «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ахаҭарнакцәа уа ианыҟаз иҟарҵаз аҧшьгарала.

​«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа  ҩынтәуп иаҭаауеижьҭеи  Гәниаа рҭаацәа.  Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭаацәа реиҳабы Рустам Гәыниа, раҧхьа ииз ихәыҷы изы шықәсык аҧхьа иоухьан аҳамҭа, усҟан афонд аусуцәа ажәа риҭеит шықәсык анаҩс ҩаҧхьа  дшаауа, ус егьыҟалеит.  Иахьа, уи  инапы иаркын Амелиа Гәниаҧҳа хәыҷы лзы аҳамҭа.

 Ҳарҭ даара гәахәас иҟаҳҵоит ҳфонд  аҧсуа ҭаацәарақәа анаҭаауа, ҿыц ииз рыхшара рыхьӡала адныҳәалара аныҟаҳҵо, аҳамҭақәа анранаҳшьо. 

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааҧхьарала,  Ҭырқәтәылантәи аҵарадырра аганахь ала ҳтәыла иаҭааит  ҳџьынџьуаа  Фиген Ашьхарааҧҳаи Иасемин Оҭырҧҳаи. Фиген Ашьхарааҧҳа,  Адаҧазар ақалақь аҿы абызшәа ашкол аҟны аус луеит, Иасемин Оҭырҧҳа, Сҭампылтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа дырдокторуп.

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аҧшьгарала, Кавказ ажәларқәа злахәыз аизара мҩаҧысит Каисери ақалақь аҿы.

Каисери инхо аҧсуа-дыга хылҵшьҭрақәа хәнызқьҩык иреиҳауп. Дара еидызкыло  62 қыҭа ыҟоуп. Урҭ рахьтә аҧсуаа аақыҭак рҿы инхоит.

Анкара ақалақь Кавказ ажәларқәа рхеидкылаҟны аҟны  имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациа злахәыз аиҧылара. Уаҟа "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер  Гогәуа дазааҭгылеит напхгара зиҭо аусбарҭа аҿаҧхьа иқәгыло ахықәкқәа, урҭ рынагӡаразы аус шыруа афонд аҩныҵҟа еиҿкаау ахеилакқәа. Дырзааҭгылеит афонд еснагьтәи апроектқәа, урҭ рылҵшәа ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари ахәарҭа ду шырнаҭо. Ҳамҭас иранеишьеит афонд аусура атәы зҳәо ажурналқәеи, адискқәеи. Аиҧылараҿы ирзааҭгылан ҳаимадара иадҳәалаз азҵаарақәа жәпакы.

Иахьа, Аҧснытәи аделегациа рыдыркылеит Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апарламент аҿы. Апарламент адепутат   Енгин Ҭаскәач дырҧылеит Аҧсны ахаҭарнакцәа. Уи аҧсуаа гәахәала идкыло иҳәеит Аҧсны дшазыҟо, иҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь имоу абзиабара еснагь ишицу, гәаҳәарас ишимоу Аҧсны адунеи аҿы азхаҵара нагӡаны иҟаларц. Иара убас, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа изеиҭеиҳәеит афонд инанагӡо аусура атәы, уи хықәкы хадас ишамоу акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара.

Иахьа, Аҧснытәи аделегациа аҭааит Ҭырқәтәыла аҳҭны қалақь Анкара еиҿкаау аҧсуаа рхеидкыла. Аиҧылара ааиртит ахеидкыла ахада Меҳмеҭ Али Дохәмаа. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа еизаз ирзеиҭеиҳәеит афонд ахықәкы, аделегациа раара ҵакыс иамоу. Дрылацәажәеит афонд имҩаҧнаго апроектқәа ртәы. Аиҧылара иалахәыз Сенер Гогәуа азҵаарақәа ирҭеит. Урҭ рҭак ҟаҵо уи иҳәеит:

"Ҳара иаҳҭахуп ҳажәлар рыбжьара иҟазарц аимадара, ҭоурыхла еиҟәшаз ажәлар рыбжьара ашьапы акырц аимадара наӡа".

Гал араион ааҧхьарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахы аланархәит ақалақь 85 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа.  Афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи, афонд ахаҭарнак Роман Қапбеи Гал администрациа ҳамҭас ианаршьеит оргтехника, иара убас  афонд ахада Сенер Гогәуа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы иаҧхьеит. Уаҟа иазгәаҭан Гал ақалақь ацқьареи, асасдкылареи иамоу, иара убас ирзеиӷьашьан аманшәалареи аизҳазыӷьареи.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  Гал араион аҟны имаҷымкәа апроектқәа еиҿнакаахьеит, ацхыраара рнаҭахьеит ашколқәа, ареабилитациатә центрқәа, иара убас ақалақь администрациа. 

Аиҧылара ааиртит ҳџьынџьуаҩ Аадем Махариа. Уи иқәгылараҿы дазааҭгылеит Аҧснынтә аделегациа раара хықәкыс иамоу, иара убас еизаз идирдырит урҭ хаҭа-хаҭала афонд аусураҿы рнапы злаку. Анаҩс, ажәа иҭан афонд ахада Сенер Гогәуа. Сенер  Гогәуа инарҭбааны далацәажәеит афонд аусура атәы, уи аҳәынҭқарра аргылараҿы ҵакыс иамоу, иара убас афонд злашьақәгылоу ахарџь ахьынтәаауа. Ажәахә ҟазҵаз Сенер Гогәуа агәыӷра  ааирҧшит афонд аҿиара амҩа иадгылап ҳәа ҳџьынџьуаа.

Иахьа ашьыжь асааҭ жәаба рзы, "Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны" аделегациа аҭааит Сҭампыл мызқәак раҧхьа афонд еиҿнакааз аусбарҭа.

Ҭырқәтәыла афонд ахьӡала хаҭарнакс аус зуа Џьенгиз Ашәба аделегациа ахаҭарнакцәа идирбеит ахыбра, иара убас еиҭеиҳәеит аусура шеиҿкаау.

"Ҳара излаҳалшо ала, акультуратә еимадара аҳәаақәа ҳарҭбаароуп, уи ҳара ҳхықәкқәа раҧхьа игылоуп"- иҳәеит Aшәба.

Иахьа ашьыжь  "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аделегациа Шәачантәи  Сҭампылҟа иҧрит. Аделегациа иалахәуп: Апполон Шьынқәба, Гәрам Амқәаб, Нугзар Логәуа,  Арда Ашәба, Оқтаи  Ҷкотуа, Сырма Ашәҧҳа. Аделегациа напхгара аиҭоит Сенер Гогәуа. Урҭ Ҭырқәтәылаҟа рцара хықәкыс иамоуп афонд аусура атәы ҳдиаспора реилыркаара, аимадара арҭбаара иаҵанакуа азҵаарақәа рылацәажәара. Аиҧыларақәа мҩаҧысран иҟоуп Сақариа, Есқьишьеҳир, Каисери ақалақьқәа рҿы.

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» згәабзиара ҧку  ахәыҷқәа рзы аус зуа Ареспубликатә реабилитациатә центрқәа ацхыраареи, ахаҵгылареи рзыҟанаҵоит.  Афонд  есымзатәи апроектқәа ируаку «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр автомашьына аахәаразы 100 нызқь мааҭ аҧара ҳамҭас ианаҭеит. 

Ԥхынгәы 17 инаркны 23-нӡа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа  напхгара ззиуа аделегациа усуратә визитла Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭаауеит.  Урҭ уахь рцара хықәкыс иамоуп афонд имҩаҧнаго аусура ҳдиаспора рызнагара. Аиҧыларақәа мҩаҧысуеит Сақариа, Каисери, Есқьишьеҳир ақалақьқәа рҿы, иазгәаҭоуп  аҧсуа культуратә центрқәа еидызкыло Аҧсуа Федерациа ахаҭарнакцәеи дареи  реиҧылара. Иара убас,  Аҧснытәи аделегациа рхы аладырхәуеитАҧсуа бираҟ амш аҳаҭыразы  Есқьишьеҳир ақалақь аҿы имҩаҧысуа ахҧатәи афестиваль.  

Ауаажәларратә еиҿкааара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» иҟанаҵо афинанстә цхыраарала, абар сынтәа ҩышықәсоуп арҵаратә центр «Академиа» аҵаҩцәа асертифактқәа ранашьаразы аусмҩаԥгатә еиҿнакаауеижьҭеи.  Атәымбызшәа ахьынӡардыруа аҩаӡара азгәарҭоит ирҭиуа аԥышәарақәа рылҵшәақәа рыла, анаҩс ирыҭахоит асертифакт.  Асертификатқәа ранашьараанаҩс, «Академиа» имҩаԥнагаз аиндаҭлараҿы лыӡбахә ҳәан аиааира згаз. Уи Алина Гәбазлоуп.  Алина алшара лымоуп ҩымчыбжьа Лонданҟа ацара, лҵара-дырра аизырҳаразы.

Акультуратә цәыргақәҵатә центр «Табакалер» имҩаҧысуеит афранцыз режиссиор Ерик Бодлер ицәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡыргоуп афильм «Асалам шәҟәқәа Мақс иахь» захьӡу, иара убас (Не посольство Абхазии).«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа иусбарҭаҿы идикылоит хыҧхьаӡара рацәала асасцәа, урҭ рыбжьара иҟоуп ажурналистцәа, аҭҵааҩцәа, афилософцәа, иара убас Аҧсны акультура, иааидкыланы атәыла аҿатә ҧсҭазаара иазҿлымҳау зегьы. Зыӡбахә азгәаҭоу апроект «Не посольство Абхазии» хацыркын 2014 ш. рзы, Париж.

Лаҵарамза анҵәамҭазы,  Москва ақалақь аҟны имҩаҧысит Евразиатәи ажәларқәа раҧхьатәи реизара.  Аҧснынтә  уи далахәын "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнак занааҭла економисту Алиас Ҳашба. Евразиатәи афорум хықәкыс иаман абиҧара ҿыц реидкылара. Зегь раҧхьаӡа иргыланы ажәларқәа реиҩызара, аменеџьмент азы амастер классқәа рымҩаҧгара, иара убас  аизыҟазаашьақәа рзы адыррақәа рыҭара.

Алиас Ҳашба, афорум аусура  алкаақәеи алҵшәақәеи дырзааҭгыло иазгәеиҭеит:

Ишдыру еиҧш, ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи рҟны, ателехәаҧшра ахадаратә ҭыҧ ааннакылоит. Арҿиаратә азнеишьа, ииашоу аинформациа ауаажәларра рҟынӡа анагара, ателехәаҧшцәа рыбзиабара аҧсахара-ажурналист  иҭакҧхықәра хадақәа ируакуп. Абарҭ аусқәа зегьы рҟны зыҩаӡара ҳараку ҟазарала рхы аарҧшра рылдыршеит «Абаза-ТВ» анапхгареи, аусзуцәеи. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, «Абаза-ТВ» арҿиаратә еилазаара зегьы ирзеиӷьанашьоит аманшәалара, аихьӡарақәа, еснагь ажәабжь бзиақәеи, еицакра зқәым арҿиаратә гәацҧыҳәареи.  

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахьӡала, иира мшы идаҳныҳәалоит  20 шықәса инарзынаҧшуа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аҧсны  ахаҭарнакс иҟаз Владимир   Џьамал-иҧа Аҩӡба!

Владимир  Џьамал-иҧа акырӡа илша рацәоуп  аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аус аҿы, ҳдиаспора рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалараҿы. Еснагь еиҧш иахьагьы, хеигӡарак ҟамҵакәа иҧсадгьыли иуаажәлари рымаҵ аура даҿуп. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа ҭҵааратә институт ахыҵхырҭа-ҭҵааратә ҟәшаҿы аус иуеит. Иажәа акрыҧхылнадоит, илаҧш ҳәаа ахара инаӡоит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа иаҭааит арҭ амшқәа рзы Иорданиантәи Аҧсны иаан иҟоу ҳџьынџьуаҩ Ашьраф Чқәуа иҭаацәеи иареи. Афонд ахада Сенер Гогәуа, асацәа  «Бзиала шәаабеит!»- ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, урҭ рбара гәахәас ишыҟаиҵаз.  Ирылацәажәеит Аҧсни Иорданиеи реимадара иадҳәало азҵаарақәа.  Иазгәарҭеит аекономика, акультура, аҵара-дырра  уҳәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла арҭ аҩтәылак русеицура аҽанарӷәӷәа,  аигәныҩра аҳәаақәа иҵегьы рыҽшдырҭбауа.

Аҟәа ақалақь, Ажәытә ҳаблаҿы инхо Маланӡиа Беслани, Ҵәыџьҧҳа Марҭеи хәҩык ахшара рааӡоит, ҧшьҩык арҧарцәеи, ӡӷабки: Давид, Дамир, Амир, Самир,  Самира. Давид быжьшықәса ихыҵуеит, сынтәа актәи акласс далгеит. Ԥшьҩык аишьцәа раҳәшьа хәыҷы Самира шықәсык лхыҵуеит, ҩыџьа ахәыҷбаҳчахь иныҟәоит. Аҭаацәа реиҳабы Беслан, еснагьтәи аусура имаӡам, аха изакәызаалак ихы деигӡом, ихшара амла иамкырц азы уахгьы-ҽынгьы аус иуеит. Аҧшәмаҧҳәыс  излалҳәаз  ала, есымза ахәыҷқәа рзы аҳәынҭқарра фнызқь мааҭ аҧара азоунажьуеит,  аха уи рхы рзаланыҟәгом.

Иахьа, арҵаратә центр «Академиа» аҟны имҩаҧысит хатәгәаҧхарала аҧсуа бызшәа арҵаразы хәыда-ҧсада еиҿкааз апроект аихшьаала. Фымз иалагӡаны акурсқәа ирхысуан 50-ҩык.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, афонд аҟны иаҧҵоу аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуеи иазгәарҭеит, аҧсуа бызшәа арҵаразы еиҿкаау акурсқәа алҵшәа бзиа шааарышьҭуа. Абызшәа ззымдыруаз астудентцәа, уажәшьҭарнахыс алшара рымоуп рхатәы бызшәала ацәажәара.

​Иахьа, Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш аҽны, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни" згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рзы  Ареспубликатә реабилитациатә центри еицҿакны еицымҩаҧыргеит ҷыдала ахәыҷқәа рзы аныҳәа.

Аҟәа ақалақь аҟны иҟоу ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә центр аҿы ахәыҷқәа ирыцыхәмаруан аниматорцәа, анаҩс ирзеиҿкаан шьыбжьхьа, иара убас ирызшан аҳамҭақәа.

Ахәыҷқәа рымш ныҳәа рыдиныҳәалеит "Жәларбжьаратәи афонд   Aҧсны" ахада  Сенер  Гогәуа. Иара иазгәеиҭеит,  афонд ахьӡала аҧхьаҟагьы ганрацәала ацхыраара шрыҭахо, ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынч ҧсҭазаара.

​Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны"ахаҭарнакцәа Сенер Гогәуа,  Асида Инаҧшьҧҳа,  Жанна Леиҧҳа,  Нелли Берулааҧҳа рхы аладырхәит  Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека аартра.

 Aиҧылараҿы абиблиотека аиҳабы  Борис Ҷолариа иазгәеиҭеит, абиблиотека аартра аҵак ду шамоу ҳаҧсадгьыли ҳауаажәлари рзы, агәыӷра ааирҧшит аҧхьаҟа уи иахәҭоу аҿиара шаиуа.

Аиҧылара рхы аладырхәит Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Аҧсны иҟоу Урыстэыла ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, акультура аминистр Ельвира  Арсалиаҧҳа, атәыла анапхгара, ауаажәларра.

Иахьа, Аҧсны имҩаҧысит  ахырҵәара иақәшәаз Кавказ ажәларқәа ргәаларшәара амш.

Аҟәа ақалақь аҟны уи иазкыз аусмҩаҧгатәқәа хацыркын Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театр аҿы.  Уахь днеит  Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, атәыла анапхгара, ауаажәларра, ҳџьынџьуаа.  Еизаз рҿаҧхьа иқәгылеит  аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, иара убас ашәаҳәаратә ансамбльқәа.

Анаҩс, амшын аҧшаҳәаҿы игылоу амҳаџьырқәа рбаҟаҿы ашәҭқәа шьҭаҵан, иара убас имҩаҧган аконцерт.

Лаҵарамза 5 инаркны 12-нӡа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара усуратә визитла Китаитәи Жәлар рреспублика иаҭааит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго   есымзатәи апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны уи  аусура иацҵан Очамчыра араион Мықә ақыҭан. Апроект  аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҧсуа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит.  Иахьа, Гьаргь Чачба ихьӡ зху  Мықәтәи актәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аҳамҭақәа рызнаргеит афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрбеи, Роман Қапбеи.  Ари аус аҟны афонд адгылара анаҭеит Ҭемыр Логәуа еиҳабыс дызмоу аиҿкаара «Морпром». 

Аҧсны аҳәынҭқарра, аҧсуа телерадиоеилахәыра,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» русеицурала еиҿкаау  апроект «Ацынҵәарах» аҧхьара  мҩаҧысуан Ҭырқәтәыла. Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, ароман «Ацынҵәарах» автор   Баграт Шьынқәба шәышықәса ихыҵра инамаданы,  ҳтәыла араионқәа зегьы рҟны ихацыркуп ароман хәҭа-хәҭала аҧхьара. Маи 10 инаркны 14-нӡа,  ари ауснагӡатә иацҵан    хдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәыла.  Адаҧазар, Сақариа,   Сҭампыл, Қьефқьен,   Џьгьарда-Сауксу  аҭыҧқәа рҟны еиҿкаан   ҳџьынџьуаа злахәыз  аҭыхрақәа. Ԥшьымш ирылагӡаны  «Ацынҵәарах» иаҧхьеит жәиҧшьҩык.  

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  Аҟәатәи  ахәыҷтәы реабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит

Иахьа, згәабзиаара ҧку ахәыҷқәа рзы Аҟәатәи ареабилитациатә центр иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, афонд аҟны иаҧҵоу асоциалтә политиказы ахеилак анапхгаҩы  Иулиа Гәымҧҳаи. Дара уахь  нап ҭацәыла имнеит.  Агәыҳалалратә  проект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареабилитациатә центр афонд ахьӡала ирыҭан хкы рацәала аҳамҭақәа: абзазаратә хархәагақәа, ацәарҭамаҭәақәа, афатә.

" Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" адныҳәалара ҟанаҵеит аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф Маҳинур Папҧҳа лахь.

Embedded thumbnail for Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацнаҵеит

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» аҧшьгарала,  Очамчыра араион иаҵанакуа ақыҭақәа Гәыҧ, Акәасқьа, Арасаӡыхь абжьаратә школқәа рҟынтә, Гагратәи абжьаратә  школқәа хҧа рҟынтә  ашколхәыҷқәа, иара убас ҳџьынџьуаа хәыҷқәа  алшара рыман Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҭаара.  Урҭ ирыцын арҵаҩцәеи, афонд ахаҭарнакцәеи.  Ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡон. Дара ахәаҧшит  Самсон Ҷанба ипиеса иалху «Амҳаџьырцәа» ала иқәыргылоу аспектакль.

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны,  акультуратә фонд «Л-Стар» аиҳабы Лали Сыҷынааҧҳаи, афонд ахада Сенер Гогәуеи аҧхьаҟатәи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаара-техникатә, агәыҳалалратә, акультуратә хырхарҭақәа рыла аҩганкгьы русеицура арҭбаареи, арҿиареи рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит, анаҩс аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Иара убас, иазгәаҭоуп азеиҧш проектқәеи, апрограммақәеи реицымҩаҧгара. 

Embedded thumbnail for Аҧснынтә  Аза Шамҧҳа, аҧсуа бызшәа арҵаразы ҧшьымз Ҭырқәтәыла дыҟан

Аза дазааҭгылоит уа лыҟазаара иалагӡаны лусура иаанарҧшыз алҵшәақәа:

«Ҭырқәтәыла,  Адаҧазар Сақариатәи аҧсуаа рхеидкыла  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ашҟа  иҟанаҵаз аҳәара инақәыршәаны, ҧшьымз ҿҳәарас иаҭаны,  ҳџьынџьуаа аҧсуа бызшәа дырҵаразы уахь сышьҭын. Аҧсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахарџьала,  ус еиҧш иҟаз ажәалагала  ахаҵгылара аҭан.   Декабр акы инаркны март 31-нӡа аус зуан Ҭырқәтәыла.

Мшаҧымза 3, 2017 ш. азы, Санкт Петербург иҟалаз ахҭыс бааҧс  гәалсрыла иҳадаҳкылеит, акыр ҳаршанхеит. Атерракт иахҟьаны иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи гәалсра дула ҳрыдышшылоит.

Агәра ҳгоит, Санкт Петербург инхо ажәлар, ари аҧышәара ишаиааиуа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»

Иахьа, Очамчыра  араион иаҵанакуа абжьартә  школ аҵаҩцәа, есымза знык, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго  апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны  жәаҩык ашкол аҵаҩцәа  шәҵатәылеи, ашкол маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит. Аҭаацәа ахәыҷқәа рыцны афонд аусбарҭахь иааит. Анаҩс, дара  афонд ахаҭарнакцәа рыцны, Аҟәа ақалақь иҟоу адәқьанқәа руак иаҭааит. Уаҟа инагӡан  урҭ  рҭахрақәа.

Аҭаацәеи, ахәыҷқәеи рзы хымҧада ари аус агәахәа рызҭо цхыраагӡоуп.  Дара ҭабуп ҳәа рарҳәоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусузцәа иаадырҧшуа ахаҵагылареи, азҿлымҳареи рзы.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит Китаитәи аусуратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи, афонд анапхгареи реиҧылара. Аҧсныҟа раара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Китаи иҟоу ахаҭрнак-зыҟаҵаҩ Ге Џьили, Нижегородтәи аобласт аҟны иҟоу ҳаҭыр зқәу Аҧснытәи аконсул Владимир Литвинчук, иара убас китаитәи аделегациа алахәцәа ахәаҧшуеит аҭыҧантәи анаплакқәеи дареи русеицзура азҵаарақәа.

Иуль мза, 2016 ш. рзы, Еревантәи ахәышәтәырҭаҿы аоперациа зызуз ахәыҷқәа рҭаацәа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит. Ереван ақалақь аҿы ахәыҷқәа рыхәышәтәра алыршахеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» рыбзоурала.

Аҭаацәа, афондқәа рыҩбагь рхаҭарнакцәа имҩаҧыргаз аусуразы ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәарҭеит, акыр иаагәауҭаратәы ахәыҷқәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара ишацхрааз.  Ҷкотуа   Азамаҭ иакәзар, акырӡа еиӷьны  аныҟәара далагеит аҳақьымцәа имҩаҧыргаз аоперациа анаҩс.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» агәабзиарахьчара ахырхарҭала еицымҩаҧырго апроектқәа руак инақәыршәаны, февраль 27 рзы, Аҧснынтә  Ермантәылаҟа идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа аҩбатәи агәыҧ. Уи иалахәуп: 12 ш. зхыҵуа Даниель Ԥачлиа, 13ш. зхыҵуа Амина Бигәааҧҳа, 6ш. зхыҵуа Леуан Папазиан, 12ш. зхыҵуа Камила Бениаҧҳа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Ари ақыҭаҿы инхо 35 шықәса зхыҵуа Омар Гындиа, иҧшәмаҧҳәыс Ирина Ҵәыџьҧҳаи иареи ирааӡоит  ааҩык ахшара: Рада, Радха, Ренат, Руслана, Расита, Регина, Растислава, Раиана. Иреиҳабӡоу илхыҵуеит 16 шықәса, зегь иреиҵбу асаби ҩымз. 

Ҳаҭыр зқәу Арда Енвер-иԥа!

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахьӡала, гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит аҭакԥхықәра ду зцу шәмаҵзураҿы аихьӡарақәа, аизҳазыӷьара. Ҳара ибзианы иаҳбарҭоуп шәара шәаԥсуара аԥҟарақәа шәрықәныҟәаны, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны хамеигӡарада аус шыжәуа. Агәра ҳгоит шәҩызцәеи шәареи шәеилибакааны, ҿыц шәнапы ианырҵаз аус ду анагӡараҟны, алҵшәақәа шаашәырԥшуа.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» аусбарҭа иаҭааит Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи рҵарауаа.  Иацы,   Аҧснытәи  аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаҧысыз Астол гьежь : «Амассатә информациа ахархәагақәа -ақьабзқәеи, аҿыц аҧшьгарақәеи  рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи»  иалахәыз. «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа  урҭ идеилиркааит напхгара зиҭо афонд аҵаки, аусура ахырхарҭеи. 

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа гәалсра дула ирыдышшылоит  Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа еснагьтәи ахаҭарнак Витали Иван-иҧа Чуркин иҧсҭазаара дахьалҵыз.

Апатриот ду, зыхьӡ нагоу адипломат, аҧышәа ду змаз ауаҩы, Витали Чуркин, иуаажәлари иҧсадгьыли ринтересқәа ихьчон,  еснагь аиашамра даҿагылан.

Ҳарҭ ҳгәалашәараҿы иаанхоит аҵак ду змаз ауаажәларратә трибунаҟынтә,  ҳара ҳауаажәлар ириҭоз адгылара, иара убас Аахыҵ Уаҧстәыла  убрахь иналаҵаны.

Имҩаԥысит Астол гьежь: «Амассатә информациа ахархәагақәа -ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи  рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи»

Иахьа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университе аҿы имҩаԥысит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни» ауниверситети еицымҩаԥыргаз  Астол гьежь абри атема ала: «Амассатә информациа ахархәагақәа -ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи  рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи».  Уи азкуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 85 ш. ахыҵра.

Ашәахьа, февраль 20 рзы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни» еицымҩаԥыргоит Астол гьежь абри атема ала: «Амассатә информациа ахархәагақәа - ақьабзқәеи, аҿыц аԥшьгарақәеи рыбжьара, ҳаамҭазтәи ауаажәларреи, аетнокультуреи».

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәа арҵара акурсқәа рзеиҿнакааит Ҭырқәтәыла.

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ашҟа ааԥхьара ҟанаҵеит аԥсуа бызшәа  дзырҵо арҵаҩы дырзаарышьҭырц. Ари аус иаразнак рыбжьы ақәдыргеит Сенер Гогәуа хадара ззиуа афонд. Оқтаи  Ҷкотуа  иаразнак ҭелла сиԥшааит, исарҳәеит  ҳџьынџьуаа иҟарҵаз аҳәара атәы .

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақараиа ақалақь иҟоу  аԥсуаа рхеидкыла  аҭаххара инақәыршәаны, Аԥсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахарџьала,  Ҭырқәтәыла,  аԥсуа бызшәа дырҵаразы   Ҭырқәтәылаҟа дышьҭуп Аза Шамԥҳа.

Pages

Subscribe to Syndicate