Error message

Notice: Undefined index: #attached in metatag_hreflang_metatag_metatags_view_alter() (line 79 of /var/www/fondapsny.org/data/www/fondapsny.org/sites/all/modules/metatag/metatag_hreflang/metatag_hreflang.module).

Ахҭысқәа

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, аҧсышәала  иҭыҵит ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» ахҧатәи аномер.  Ажурнал хықәкы хадас иамоуп амилаҭ реимадара арӷәӷәара, абиҧарақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл разхьарҧшра, аҧсуаа ахьыҟазаалакгьы ироурц рыжәлар рҭоурых, рҵас, рқьабз, ркультура, рмилаҭтә литература аилкаара. Ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» редактор хадас дамоуп Гәырам Амқәаб.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» зҳәаақәа ҧку аилазаара   «Биофармеи» еицымҩаҧыргеит агәыҳалалратә акциа. Аҧсны ареабилитациатә центрқәа рыцхырааразы, афонд аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, зыӡбахә ҳамоу аиҿкаарақәа, ацентр ҳамҭас ианаршьеит абзазаратә химиа, апамперсқәа, аиарҭақәыршә ҧхақәа, иара убас ахәыҷтәы фатәы.

Ареабилитациатә центр анапхгара,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» «Биофармеи»  ҭабуп ҳәа рарҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы.  Ацентр аиҳабы Лаша Папаа излаиҳәаз ала, русуразы аиӷьтәразы ас еиҧш иҟоу ацхыраара зеиӷьыҟам ауп.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» хышықәса ахыҵит

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аҧҵан февраль 12, 2015 ш. рзы.  Иахьа , уи иахыҵит хышықәса.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  хышықәса ахыҵра аҳаҭыразы имҩаҧган апресс-конференциа. Уи азкын афонд абри аамҭа иалагӡаны имҩаҧнагаз аусқәа реихшьаала атәы. Хыҧхьаӡара  рацәала асасцәа, урҭ рыбжьара   ажурналистцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, афонд апартноирцәа, иара убас Аҧсны егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа реиҳабацәа, афонд аҳасабырба  иазыӡырҩит.

Иара убас, еизаз алшара рыман афонд иҭнажьуа ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла»  аномер ҿыц аиура.

Ашәахьа,  жәабран 12, асааҭ 12:00 рзы, Аҟәа ақалақь, «Гәдоу Плаза» ахыбра, ахәбатәи аихагылаҿы, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» имҩаԥнагоит апресс-конференциа. Уи азкуп афонд хышықәсатәи аусура аихшьаала.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, Очамчыра ақалақь аҟны иҟоу ашкол-интернат даҭааит аиҧш зеиҧшу ашколқәа  русура  адырразы.  Ашкол аиҳабы Лора Миқааҧҳа, афонд ахаҭарнак илзеиҭалҳәеит рҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкқәа, русушьа шеиҿкаау, иара убас уадаҩрақәас ирымоу.  Ашкол аусура ахырхарҭақәа азгәаҭауа, Асида Инаҧшьҧҳа илҳәеит  акультура апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны,  иаарласны афонд ацхыраара шыҟанаҵо.

Афонд ахьӡала ашкол-интернат ҳамҭас ианашьан хыҧҳьаӡара рацәала акиноқәа  зну авидеодискқәа, иара убас DVD-плеерқәа.

Ҩышықәса раҧхьа аусура иалагеит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" еснагьтәи апроект "Ани амаалықьи". Апроект хықәкыс иамоуп ан лыхшара иааӡараҿы ацхыраара лызҭо амаҭәарқәа рыла леиқәыршәара. Ас еиҧш агәырӷьара ахьыҟалаз, асаби дахьииз аҭаацәараҿы, афонд ҳамҭас ирананашьоит ахәыҷы изы амаҭәа, иара убас ацәымҳа инаркны акосметикатә хархәагақәа рҟынӡа.

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит жәытәла аҧсуаа иазгәарҭо  аныҳәа-Ажьарныҳәа!  Ишәыгымзааит аныҳәа алҧха-агәаҧха! Досу шәыҩнаҭақәа агәырӷьаччабжьы ҩныҩлааит, аизҳара шәымазааит! Аҧсни аҧсуа жәлари шәеигымзааит! Ҳаҧсадгьыл аҿы наӡаӡа аҭынчра шьақәгылазааит! Ҽааныбзиала, ҽааныҧшӡала шәгәырӷьо шәнеилааит!

«Жәларбжьартәи афонд Аԥсны» апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны иҟоу ахәыҷтәы реабиалитациатә центрқәа афинанстә цхыраара рзыҟанаҵоит. Уажә ааигәа, 100.000 нызқь мааҭ аԥара ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усқәа рзы иазылхын.

«Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Ворлд Вижин» Ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рынаҭоит. Ҳара ҳфонд ахахьы иагеит згәабзиара ԥку ахәыҷқәа Очамчыратәи рреабилитациатә центр аԥенџьырқәа рыԥсахра.  

 Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал аус зуа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа еидызкыло ареабилитациатә центрқәа, Ашықәс Ҿыц аламҭалазы, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахәыҷқәа ирызнархиеит аҳамҭақәа. Ашәыра ԥшӡа еиднакылоит ахаамыхақәа. Ари аҩыза акциа раԥхьатәиим, ахәыҷқәа  аҳамҭақәа ранашьан ҵыԥхгьы.

 Иазгәаҭатәуп, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  ҷыдала ишазнеиуа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рҭагылазаашьа аиӷьтәра, уи азы иалшоу ахаҵгылара ҟанаҵоит.

 Акыр иаԥсоу  ахәыҷқәа! Ишәыдныҳәалаз ҳазҭалоу Ашықәс Ҿыц! Ҽааныбзиала шәнеиааит!

Embedded thumbnail for   Згәабзиара уашәшәыроу аибашьра аветеранцәа аҳамҭақәа ранашьоуп

Иахьа, Аҟәа ақалақь, Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аҧша аҳәынҭқарратә музеи аҟны, зымаха-зышьаха еибгам аибашьра аветеранцәа аҳамҭақәа ранашьан.

Ҳажәлар рҭоурыхи ркультуреи аҿиараҟны, аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи ашьақәгылара,  аҵак ду амоуп.  100ш.  ирылагӡаны, амузеи иалнаршеит ажәытәреи аҿатә аамҭеи  реиқәырхара. Уи аҟны, хымҧада рылша рацәоуп амузеи амаҵ азызуа зегьы. Имаҷым ҳмилаҭ ахаҿра цәырызго аекспонатқәа.  Даара аинтерес ду рыҵаны имҩаҧысуеит аҭҵааратә, акультуратә, аҭоурыхтә хырхарҭақәа рыла уҳәа амузеи аҟны лассы-лассы иазгәарҭо ауснагӡатәқәа. Ҳхәынҭқарреи ҳажәлари рзы ари ныҳәатә рыцхәуп. 

Аҭыҧҳацәа рвокалтә-инструменталтә ансамбль «Гәында» ҳажәлар рмилаҭ культура иаҿахәҳәагоуп.  Зажәеи зуси еснагь еимадоу, ааҧсара ззымдыруа ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаҧҳеи, уи алахәцәеи ирыбзоураны, иахьа уажәраанӡа  еицакра ақәым ҳажәлар ижәытәӡатәиу рмузыкатә рҳәагақәа.

Арҭ амшқәа рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысуеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар а-7-тәи реизара ду.  Раҧхьатәи аконгресс мҩаҧган ҧхынҷкәынмза, 1992 ш. рзы Лыхны ақыҭан. Иара убраҟа алаҳәара ҟаҵан иаҧҵазарц Адунеизегьтәи абаза жәларқәа рассоциациа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада  Владислав Арӡынба, аибашьра анцоз аамҭазы  Аҧсны инхоз ажәлар рнаҩс,   аҳәаанырцә инхоз ҳауаажәлар  реидкылара илшеит.  Адунеизегьтәи аконгресс  иабзоураны, ҳауаажәлар адунеи ахы-аҵыхәа аҟынтә еигәныҩит, рымч-рылша еибырҭеит.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа иҿцәажәара

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, Аҧсуа телехәаҧшра адырраҭара «Шьыжьыбзиа Аҧсынтәыла» иаиҭаз аинтервиу аҿы дырзааҭгылоит афонд ахаҭарнакцәа Иорданиаҟа рцара иазкыз азҵаарақәа, хышықәса иалагӡаны афонд имҩаҧнагаз аусура, иара убас ааигәа иаҧҵаз икоммерциатәым ауаажәларратә еиҿкаарақәа рассоциациа аҧҵара хықәкыс иамаз ртәы.

Иорданиа имҩаҧысит апринц Асым Бин Наифи, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»   ахаҭарнакцәеи реиқәшәара.

Анаҩс, Аҧснытәи аделегациа рыдыркылеит Иорданиатәи апарламент ахада Атиф  Тарауни, иара убас апарламент  алахәыла, ҳџьынџьуаҩ Менсур Абазеи. Ирылацәажәан хырхарҭа рацәала азҵаарақәа.

Арҭ амшқәа рзы Иорданиа аҳҭны қалақь Амман иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа напхгара ззиуа аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟоуп: «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим  Ӷәынџьиа, афонд аҟны аус зуа аҿартә политиака ахеилак анапхгаҩы,  Аҧсны аекономика аминистрраҿы иаҧҵоу аинвистициатә маҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Симон Агрба, аусдкылаҩ Дмитри Аргәын. 

Аҧснытәи аделегациа Иорданиаҟа  рцара  хықәкыс иамоуп уаҟа имҩаҧысуа  аекономикатә  форум аҽалархәра.

11-ҩык ахшара рҭаацәа Жьиба Кумачи, Мархолиаҧҳа Иулиеи,  Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа инхоит.  Ахшара ран «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь илҩыз арзаҳал инақәыршәаны, афонд анапхгара аҳасабырба рыдыркылеит ари аҧсуа ҭаацәара ацхыраара рзыҟарҵарц. Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Жьиаа рҭаацәа  ҳамҭас ирыҭан ателевизор, афатә зҭарҵо архьшәашәага, ауадақәа зладырҧхо амаҭәар, аӡәӡәага машьына, аӡы хазгало анасос, афатә злаҟарҵо афымцатә  плита,  иара убас абзазараҿы рхы иадырхәаша амаҭәахәқәа рацәаны.

Имҩаҧысит «Аҧсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рассоциациа»   раҧхьатәи аусуратә еилатәара.  Ассоциациа  аҧырҵеит  икоммерциатәым аиҿкаарақәа 13.

Азеиҧш еизара иаднакылаз аӡбамҭала, еицҿакны  Ассоциациа хантәаҩыс далырхит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа.

Embedded thumbnail for Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҧхьара мҩаҧысит Аҧснеиҧш, уи анҭыҵгьы

Ари апроект еиҿкаауп Аҧсны аҳәынҭқарра, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» русеицурала. Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, ароман «Ацынҵәарах» автор   Баграт Шьынқәба шәышықәса ихыҵра инамаданы, ҳтәыла араионқәа зегьы рҟнеиҧш, уи анҭыҵгьы ихацыркын ароман аҧхьара.

Ас еиҧш аҵак ду змоу ателехәаҧшратә проект ҷыдала адгылара аиҭеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа. Аҭыхратә гәыҧ Ҭырқәтәылаҟа рцара иадҳәалаз ахарџьқәагьы афонд ахахьы иагеит.

Embedded thumbnail for Ареабилитациатә  центрқәа ацхыраара рыҭоуп

Ааигәа,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» Ростовтәи аилак «Биофармеи» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Убри инақәыршәаны,  иахьа, Тҟәарчал, Очамчыра, Гал ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа агәыҳалалратә цхыраара рзыҟарҵеит. Уахь иаҵанакуеит абзазартә, амедицинатә техника, абаҩарҵәыратә тренажиорқәа, афатә, акондиционерқәа, акомпиутертә  техника уҳәа.

Абҵара 1 инаркны 2-нӡа, Аҧсны имҩаҧысуеит раҧхьатәи Жәларбжьаратәи азеиҧш милаҭ ҭҵаарадырра-практикатә конференциа: "Арепатриациазы аҧсуа-абаза жәлар рпроблемақәа". Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы еизеит  Аҧснынтә, Урыстәылантә,  Сириантә,  Ҭырқәтәылантә аделегатцәа.

Аизара рхы аладырхәит "Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны" ахада  Сенер Гогәуа, аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуа. Аконференциаҟны иазааҭгылан арепатриациа иадҳәалоу азҵаарақәа, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра.

Ааигәа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа ҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәбеи, аусеицуреи аиҩызареи рыбжьаҵаразы  аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахахьы иагеит Аҧсуаҭҵааратә институт аҭоурых аҟәша ауада аремонт аҟаҵара.

Аҧснынӡа иааӡеит ажәабжь бзиа. Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апарламент адепутат, хылҵшьҭрала иаҧсыуоу Енгин Ҭаскәач-иҧа (Папба), апарламент аҿы иаҧҵоу Ареспубликатә жәлар рпартиа иалнахыз агәыҧ анапхгаҩцәа  хҩык дыруаӡәкхеит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ  Мақсим   Ӷәынџьиа,   Пицунда ақалақь 50ш. ахыҵра иазкыз  аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ихы рылаирхәит. Пицунда-Амшын Еиқәа ижәытәӡатәиу ақалақьқәа ируакуп. Пицунда, зеиӷьыҟам аҧсшьарҭа ҭыҧ анаҩсангьы, Аҧсны акультуреи адоуҳатә беиареи ирықалақьуп.

Аныҳәа иалахәыз хыҧхьаӡара рацәала асасцәа, аҭыҧантәи анхацәа, атәыла анапхгара, аҧсшьаҩцәа рхы аладырхәит Ҭамара Гыцҧҳа лбаҟа аартра, лара 1959ш.рзы Пицунда аргылара напхгара азылуан.

Аныҳәатә мшы иацнаҵеит аконцерттә программа.

Шәача ақалақь аҿы имҩаҧысуз Жәларбжьаратәи афестиваль иалахәыз аҿар, алшара рыман еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аиҧыларақәа рыҽрылархәра, рҩызцәеи дареи реибадырра, рҧышәа аимдара. Урҭ рыбжьара иҟан атәыла ахадацәа, иалкаау аполитикатә, ауаажәларратә, акультуратә усзуцәа, аспорт азҟазацәа уҳәа аӡәырҩы.

Ахәбатәи Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аҧсны ҭагалантәи аҧшшәқәа-2017» ҳтәылаҿы имҩаҧысуан жьҭаара 10 инаркны 17-нӡа.  Ари аамҭа иалагӡаны, Аҧснеиҧш егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә арт-пленер иалахәыз асахьаҭыхыҩцәеи, арҵаҩцәеи, астудентцәеи алшара рыман Аҧсны аҭыҧ ҧшӡарақәа рҭаара, рҟазара аӡыргара.

Асахьаҭыхыҩцәа мчыбжьык иалагӡаны рнапы иҵырхыз иреиӷьыз русумҭақәа Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иӡырган.  Аихшьаалатә усмҩаҧгатә зхы алазырхәыз рхыҧхьаӡараҿы иҟан, арт-пленер аспонсорцәа ируаӡәку «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа.

Иахьа, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет 85ш. ахыҵра аҳаҭыразы, уи ахыбраҿы иазгәаҭан  аныҳәатә  усмҩаԥгатәқәа.

Ауниверситет аректор, Алеко Гәарамиа, аиԥылара аартуа, еизаз ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Ауниверситет арҵаҩцәеи, астудентцәеи, Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы аҵараиурҭа ахьӡ акыр иҭыргахьеит.

Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә, 20 инареиҳаны  иреиҳау аҵараиурҭақәа рректорцәа иахьатәи аныҳәа рхы аладырхәит.  Иазгәаҭатәуп,  арахь ишааз Приднестровиа-Молдавиатәи Ареспублика, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи  Ареспублика, Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика аҟынтә асасцәа.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит афонд ахада Сенер Гогәуеи, арҭ амшқәа рзы Китаинтәи Аҧсны иаан иҟоу аусдкылаҩцәеи реиҧылара. Китаитәи аделегациа напхгара аиҭон Китаи иҟоу Аҧсны ахаҭарнак Ге Чжили.

Аиҧылара хықәкыс иаман, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» Китаитәи аилазаареи аекономика ахырхарҭала излацәажәахьаз азҵаарақәа рымҩақәҵара. Аҩганк аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит лаҵарамза 17, 2107ш. рзы.

Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Китаи аганахь ала ирылацәажәан ахәаахәҭратә проектқәеи, аимадарақәеи жәпакы.     

Арҭ амшқәа рзы, Шәача имҩаҧысуа аҿари астудентцәеи Адунеизегьтәи рфестиваль, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала далахәуп Нелли Берулааҧҳа. Аофициалла афестиваль аартын жьҭаарамза 15рзы, Шәача ақалақь, ахан «Большой» аҟны. Уи шьаҭас иаман абас еиҧш иҟаз актуалра змоу атемақәа: аекологиа, арыцҳара, аҵарадырра, афымцамчы, аинформациа, аҭҵаарадырра. Аартра мҩаҧысит аныҳәатә ҟазшьа аҭаны, досу итәыла ахьӡала дықәгылан, апроектқәа ирылацәажәан.

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, афестиваль аартра ихы алаирхәит, иара убас Аҧснытәи аделегациа адгылареи, агәышьҭыхреи риҭеит.

Embedded thumbnail for Иҧсҭазаара далҵит аинрал, ҳџьынџьуаҩ Уалид Маршьан

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» гәалсра дула ирыдышшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз, хылҵшьҭрала иаҧсыуаз, Сириатәи Арабтә Республикаҿы инхоз, зыхьӡ нагаз аинрал Уалид Маршьан иҭаацәеи иуацәеи.

Уалид Маршьан-Сириатәи Ареспубликаҿы инаылукаашаз аполитикатә, арратә усзуҩын, атәылахьчаҩ, имчи-илшеи зегьы аҳәынҭқарраҿы аҭынчра ашьақәыргылара иазикит.

Аинрал, Уалид Маршьан, еснагьь иҭоурыхтә ҧсадгьыл   дазҿлымҳан.  Сириа, иара дахьынхоз еиҧш, Аҧсны дарра ҳаҭырқәҵарыла изнеиуан, дҿырҧшыган.

«Жәларбжьаратәи афондАҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа, арҭ амшқәа рзы  Германиа, Кельн имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи афатәқәа рааглыхратә цәыргақәҵа ANUGА далхәуп.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахада Сенер Гогәуеи», Ростов-на-Дону аус зуа,  зҳәаақәа ҧку аилазаара «Биофарма» адәныҟатәи ахәҳаахәҭра аҟәша анапхгаҩы Екатерина Микиртычевеи, аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. 

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аҩганкгьы азыхиоуп  агәыҳалалреи асоциалтә хырхарҭақәеи рҟны иахәҭоу аусура арҿиареи, уи аҳәаақәеи рырҭбаареи.

Embedded thumbnail for Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа Аиааира амш азгәарҭеит

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш 24 ш. ахыҵра аҳаҭыразы, Иорданиа аҳҭны қалақь Амман имҩаҧысит ҳџьынџьуаа  злахәыз аныҳәатә хәылҧазы.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» амилаҭ дыгатә телерадиоеилахәыра «Нарҭи» русеицуразы Аҧсны ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, раҧхьатәи апроект хацыркын  Иорданиа,  Аиааира амш ныҳәа ду амҩаҧгарала. Аныҳәатә хәылҧазы  аҧсышәала иаалыртит афонд аусзуҩ Жанна Леиҧҳа.

Аиааира амш ныҳәа аҳаҭыразы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахадара Аҟәатәи аҟәша аоргтехника ҳамҭас ирызнаргеит.

Аиҧылараҟны, афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, Анацәа Аиааира амш рыдылныҳәалеит. Убри аан иазгәалҭеит: «Аиааира агаразы,  шәара шәыхшара рхы ақәырҵеит.  Шәҿаҧхьа ҳхырхәоит, шәымчи шәылшеи еизакны, иахьа ҳҳәынҭқарреи, ҳауаажәларреи рымаҵ аура шәахьаҿу».

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Иури Воуба, ҧшьҩык ахшара драбуп. Дынхоит Дранда аҳаблан.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш ныҳәа. Ҳаҧсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аҵеицәа хашҭра рықәым. 24ш. раҧхьа игаз Аиааира иабзоураны, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара аиуит. Нагӡара ақәзааит ҳажәлар жәытә-натә аахыс иззықәҧоз аҭынчра, ахақәиҭра, ахьыҧшымра, аиааира! Адунеи аҿы уаҳа иҟамлааит аибашьра, аҭынч ҧсҭазаараҿы ирызҳалааит ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи аҧеиҧш знапы иану ахәыҷқәа. Ҳаҧсадгьыл наунагӡа иахашәыршэырлааит Аҧсуа бираҟ!

Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацнаҵоит. Есҽны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь иаауеит аҧсуа ҭаацәарақәа, ҿыц зыҩнаҭаҟны ахшара дииз. Урҭ араҟа ирзыҧшуп ан лхәыҷы иааӡараҟны лхы иалырхәаша амаҭәахәқәа зҭоу ашәыра. 2017 ш. алагамҭа инаркны иахьа уажәраанӡа аҧсуа ҭаацәарақәа ҳамҭас ироухьеит 607 шәыра. Ҳара ҳгәырӷьара еизнарҳауеит  урҭ есааира рхыҧхьаӡара иахьацло!

Ателерадиоеилахәыра Нарҭ-ТВ, аиҿкаара «Кәбан», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» раҧшьгарала, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа рзы аныҳәатә концерт мҩаҧгахоит.  Ари аусмҩаҧгатә еиднакылоит ҩнызқьҩык инарзынаҧшуа ауаа.  Аныҳәа азгәаҭоуп цәыббра 30рзы, ихацыркхоит асааҭ 20:00.

Ишиашоу атранслиациа еиҿкаахоит асоциалтә ҳа феисбуки, иутуби рҿы, иара убас иазгәаҭоуп Аҧсуа телехәаҧшра ишиашоу ицоу аефир ахь ацәырҵра. Аспутниктә телерадиоеилахәыра Нарҭ ТВ, иара ахатә канал аҿы имҩаҧнагоит ишиашоу ицо аефир. https://www.youtube.com/user/nart56789

Аҟәатәи ақәыҧшцәа  рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» напхгара алҭоит  аҧсихолог, асеқциа аиҳабы Хаҭуна Лагәуаҧҳа.  «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ари апроект адгылара анаҭеит. Аноутбукқәа хәба ҳамҭас иананашьеит.

Ари ацентр хықәкыс иамоуп ахәыҷқәеи, аҿари рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рыҭара. Апроект аусура иабзоураны, Аҧсны иаатуеит раҧхьатәи аусбарҭа,  еизҳауа абиҧара рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рызҭо.

Згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рыцхыраара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҟәатәи Ареспубликатә реабилитациатә центр ҳамҭас ианаҭеит абзазаратә маҭәахәқәа.

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аинвестициатә маҵзуреи, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» рыбжьара

аусеицзуреи аиҩызареи рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит:

ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаара-техникатә, агәыҳалалратә  хырхарҭақәа рыла, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра аинвестициа адыҧхьалареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра аинвестициатә усзура аизырҳареи рзы.

Аганқәа еиқәшаҳаҭны аинформациа еимырдоит рзеиҧш проектқәеи, рпрограммақәеи рынагӡаразы (аконференциақәа, афорумқәа, аҳәаанырцәтәи аныҟәарақәа, аиҧыларақәа, ацәыргақәҵақәа, астол гьежьқәа уҳәа).

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәбеи,  аусеицуреи аиҩызареи рыбжьаҵаразы  аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аҧхьаҟа, аганқәа  аинформациа еимырдоит рзиҧш аҭҵаарадырреи акультуреи ирыҵаркуа апроектқәеи, апрограммақәеи рзы.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахахьы иагеит Аҧсуаҭҵааратә институт аҭоурых аҟәша ауада аремонт аҟаҵара. Уи иаарласны  нап аркхоит.

Иахьа, нанҳәа 25, ақалақь Фырхаҵа - Тҟәарчал аиубилеи азгәанаҭоит. Аныҳәатәусмҩаҧгатәқәа ихы рылаирхәит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.

Ҳара ҳфонд еснагь Тҟәарчал ацхыраара анаҭоит. Иаҳҳәозар, тҟәарчалтәи атехникум, ахәыҷбаҳчақәа, ақалақь администрациа, ахшараиурҭатә ҩны, иара убас ахшара рацәа змоу зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа.

Ақалақь амш ныҳәа аҽны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал ақалақь администрациа акомпиутертә техника ҳамҭас ианашьеит.

Ашкол ахь ацара згәы хыҭ-хыҭуа иазҧшу аҵаҩцәа рзы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аҳамҭа рызнархиеит. Зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа, ахшара рацәа змоу, заа ирыҩхьаз арзаҳал инақәыршәаны,  иахьа шьыжьнаҵы  афонд аусбарҭахь имҩахыҵит.  Афонд аусзуцәа аҭаацәа ирзеиҭарҳәеит рнапы злаку ауснагӡатәқәа ртәы, ахәыҷкәа ирызку апроектқәа зҿлымҳарыла ишазнеиуа. Убас еиҧш, апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны араионқәа рҟынтә 20-ҩык ахәыҷқәа ацхыраара рыҭан. Адәқьан ахь иганы амаҭәақәа рзаахәан, иара убас аҵараҿы рхы иадырхәаша амаҭәарқәа.

Иахьа, асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц зал аҟны имҩаҧысит Аҧсны иаҧҵоу ауаажәларратә еиҿкаарақәа реиҧылара. Уи хықәкыс иаман иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа руснагӡатәқәа реицынагӡара: агәыҳалалратә, асоциалтә, акультуратә  хырхархарҭақәа рыла. Уи акыр ицхыраагӡахоит ҳауаажәлар рҿаҧхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа рынагӡаразы.

Ауаажәларратә еиҿкаарақәа русеицура зымҽхак ҭбаау апроектқәа рынагӡаразы акыр ахәарҭа алоуп. Аинформациақәа реимадара ирыбзоураны зыӡбара алыршахо азҵаарақәа рацәахоит.

Ермантәылатәи Аҧсны иаан иҟоу аҳақьымцәа имҩаҧырго ахәыҷқәа ргәаҭарақәа  инарықәыршәаны, Очамчыра ақалақь аҟны иҟоу згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рреабилитациатә центр аҟны имҩаҧысит Тҟәарчал, Гал, Очамчыра араионқәа рҟынтә ахәыҷқәа рыдкылара. Урҭ ирыман алшара амедицинатә гәаҭарақәа рахысра. Аҳақьымцәа реилазаара еиднакылон  аортопед, аневролог, апедиатр. Дара дрыцын «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак  Иулиа Гәымҧҳа.

Мышкы иалагӡаны Ермантәылатәи аҳақьымцәа агәаҭарақәа ирыхрыжьит згәабзиара ҧку 30-ҩык ахәыҷқәа. Аҭаацәа рхәыҷқәа рыхәышәтәразы абжьгарақәа рыдгылан.

 

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» акультуратә-  гәыҳаларатә фонд «Ашанеи» раҧшьгарала, апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ермантәылатәи Ареспублика аҟынтә Аҧсны иааны иҟоуп иналукааша, зус иазҟазоу аҳақьымцәа.

Аҳҭны қалақь Аҟәа имҩаҧысуеит, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа хәыда-ҧсада рыдкылара. Уи иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы ахахьы иагоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». 

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни", Пицунда ақалақь аҧсшьарҭатә ҩнқәа реидгылеи ирыбзоураны,  сынтәа ҩынтәуп Аҧсны араионқәа зегьы  рҟынтә згәабзиара ҧку ахәыҷқәа, Пицунда иҟоу "Адельфинариахь" аныҟәарақәа рзеиҿкааужьҭеи.

Агәыҧ еиднакылон зынӡа 80-ҩык, 50-ҩык ахәыҷқәеи, урҭ мҩаҧызгоз 30-ҩык аҭаацәеи. Адельфинари аҟны ахәыҷқәа гәахәарыла ирыхәаԥшит ақәгыларақәа, анаҩс аниматорцәа рыбзоурала урҭ  ирзеиҿкаан ахәмаррақәа,  рхы рыладырхәит аицлабрақәа,  хымҧада ирбаз-ираҳаз акыр еигәырӷьеит. Ахәыҷқәа рахьтә иҟоуп Пицунда ақалақь раҧхьаӡа акәны иаҭааз.

Pages

Subscribe to Syndicate