Error message

Notice: Undefined index: #attached in metatag_hreflang_metatag_metatags_view_alter() (line 79 of /var/www/fondapsny.org/data/www/fondapsny.org/sites/all/modules/metatag/metatag_hreflang/metatag_hreflang.module).

Ахҭысқәа

Ҭоурыхла, Ураза Баирам – аҧсылман динхаҵараҿы зегь реиҳа зҵакы ӷәӷәоу, иҧшьоу аныҳәақәа ирхыҧхьаӡалоуп.  Аныҳәа азгәаҭара ашьапы акит 624 шықәса рзы, апророк Муҳаммед ихаанижьҭеи. Имҩаҧысуеит иҧшьоу амза Рамадан азы. Иахьа,  ихыркәшахеит аҧсылманцәа мызкы иазгәарҭоз аурычра. Убри инамаданы, аныҳәатә мшқәа  мҩаҧысуеит хымш. Аҧсҭазаара  доуҳатә беиаралеи, гәыҳалалрылеи иазнеилатәуп.  Ҳарҭ ҳазлаго ҳусқәа зегьы, хыҵхарҭас ирымазароуп аиашареи, аҭынчреи, аилибакаареи.

Ишыжәдыруа еиҧш, ЕА иаарласны Бырзентәыла алахәыларахь иаднакылахьан.
Убри аамҭазы, абырзенцәа ргәыӷрақәагьы акырӡа иҭбаан. Аекономикатә ҭышәынтәалареи, ааглыхра аизырҳареи, аусурҭа ҿыцқәа раҧҵареи, аҵара ахаҭабзиара ашьҭыхреи, абанктә система арӷәӷәареи  уҳәа, аҧсҭазаара аганқәа зегьы рҟны,  Европатәи Аидгыла иҟаҵараны иҟаз ацхыраара иазыҧшын.

Аӽәынҭқарратә Жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын» иахыҵит 45 шықәса. Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Руслан Бебиа 50 шықәса.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусуреи, аҧхьаҟатәи ахықәкқәеи адгылара арҭоит, рыбжьгьы ақәдыргеит Аҧсны Жәлар реизара адепутатцәа, асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы ахеилак аиҳабы Апполон Гәыргәлиеи, уи ихаҭыҧуаҩ Леонид Чамагәуеи.

Агәаанагарақәеи, азеиӷьашьарақәеи:

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит, Ҭырқәтәыла, Қоџьаели ақалақь аҟны, ҿыц еиҿкаахаз (адернеқь) еиҳабыс шәахьалхыу.   

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ихацнаркыз апроект «Ани амаалықьи» аусура иацҵоуп.  Абар уажәшьҭа ҩымшуп афонд ахьӡала, аԥсуа ҭаацәарақәа, ҿыц ахшара зауз,  рымаалықь иааӡараҿы рхы иадырхәаша аҳамҭақәа рнапаҿы ирырҭоижьҭеи.  Апроект иаҵанакуеит фымз ирҭымсыц ахәыҷқәа. Мҩамш!

09 Ҧхы to 31 Ажь

«Жәлабжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала апроект ҽыц аусура иалагеит. Уи хьӡыс иамоуп «Ани амаалықьи». Апроект аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы ҿыц ииуа ахәыҷқәа ирызкыуп.  Даара агәырӷьара зцу хҭысуп, аҭаацәараҿы ахәыҷы иира. Уи ҳара ҳфонд адгылара анаҭоит. Убри азыҳәан  иҳархиеит аҳамҭақәа, ан лымаалықь иааӡараҿы ацхыраара лнаҭоит ҳәа хықәкыс иҟаҵаны. Уи  еиднакылоит ахәы зҭарҵо аҧаҭлыкақәа, ацәымҳа, ашоурашәага, акремқәа уҳәа. Убри инаҷыданы, ахәыҷы ииашаны иааӡараҿы ан лхы иалырхәо ашәҟәы, ахәыҷқәа рзы аҧсуа шәҟәқәа, ахәыҷқәа рашәақәа зну адиск.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа иҿцәажәара.

Ҳреспубликаҿы раҧхьаӡа акәны шәара шәаҧшьгарала еиҿкаауп, аусурагьы иалагеит ауаажәларратә еиҿкаара  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Иаҳҭахыуп иҳаилшәыркаарц афонд ахықәкы, аҵакы?

«Жәларбжьаратәи Афонд Аҧсны» аусура иалагеижьҭеи хымз инареиҳауп. Абри аамҭа иалагӡаны аиҿкааратә усурақәа мҩаҧаҳгахьеит. Афонд ахықәки аҵаки шьақәҳарӷәӷәеит уи алахәылацәа адгаланы. Ҳфонд аҧҟарақәа шьақәыргылоуп Аҧсны аиустициа аминистрра аҟны. Афонд аилазаара шьақәгылоуп абарҭ ахеилакқәа рыла:

Ахада-Сенер Гогәуа, ахада ихаҭыҧуаҩ-Витали Смыр, амаӡаныҟәгаҩ хада-Асида Инаҧшьҧҳа;

Ҳреспубликаҿы иаҧҵоуп ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Афонд хықәкыс иамоуп ҳмилаҭ ахьыҟазаалакгьы Аҧсны аҳәынҭқарра радыҧхьалара, реидкылара. Аҳәынҭқарра азеиҧш усқәа рҽалархәра. Февраль мзазы Аҧсны аиустициа аминистрра ишьақәнарӷәӷәеит афонд аусҧҟа. Уи инақәыршәаны еиҿкаауп афонд аструктура.

Ҭырқәтәыла аоппозициа аԥхьагыла атәыла анапхгара Сириатәи аимак ахалагалара иацәиршәеит. Абри аганахьала игәаанагара Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ҳџьынџьуаҩ Октаи Чкәотуа.

АҞӘА, ԥхн 1 – Sputnik. Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Октаи Чкәотуа дадгылоит, сириатәи аимак бџьаршьҭыхла ахалагалара шәарҭароуп ҳәа атәыла анапхгара рыпланқәа ирыԥхьзырҟәҟәаауа, Ҭырқәтәыла Жәлар-рреспубликатә оппозициатә партиа хада аԥхьагыла Қьамал Кылычдароглу ипозициа.

02 Ажь to 05 Ҧхы

Арҵаратә центр «Академиа» - «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еснагьтәи апроектқәа ируакуп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, алшара ыҟоуп аҵарадырра аганахь ала ахәҧса шәаны абызшәақәа рҵара. Иаҳҳәозар: аҧсшәа, англыз, араб, аиспан, аиталиан, аурыс, аҭырқәа бызшәақәа. Зҧышәа ҳараку арҵаҩцәа аус руеит ҳаамҭа иақәшәо аметодика ахархәарала, убри аан атехника рхы иархәаны. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит ашколхәыҷқәа рзеиҧш, астудентцәеи, аиҳабацәеи рзы.

Ҳазҭоу ашықәс , Лаҵара 21рзы , ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи Афонд  Аҧсны» аҧшьгарала имҩаҧысит, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәыз, араҟа аҭаацәарақәа аҧызҵаз, аусура знапы алакыу  ҳџьынџьуааи, Аҧсны   Ахәынҭқарра анапхгареи  злахәыз аиҧылара.  Уи аҽны, Сенер Гогәуа хадас  дызмоу «Жәларбжьаратәи Афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа,  Аҟәа ақалақь,  ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар рыхьӡала иргылоу абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарцеит. Иргәаладыршәеит аамҭаказы мчымхарыла зыҧсадгьыл иаҟәыгаз ҳауаажәлар ирхыргаз атрагедиатә хҭысқәа.

Ҳазҭоу ашықәс, маи 14 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба, иҧсы ҭазтгьы ихыҵуазаарын 70 ш. Еицырдыруа аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩ, аҵарауаҩ ду, мрагылараҭҵааҩы Владислав Григори-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ихьӡ хьтәы нбанла ианхалоит! Владислав Арӡынба иуаҩра, иҟәыӷара, идоуҳамч, иполитикатә баҩхатәра ирыбзоураны, иҿаҧхьа иқәиргылоз ихықәкқәа наигӡон. Аҧсны ацьынцьтәылатә еибашьра анцози, анаҩстәи аамҭеи рзы иара илиршеит ажәлар ракзаара, реидкылара. Владислав Арӡынба, ижәлар рыбзиабара даҧсахеит.

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа!
Ауаажәларратә еиҿкаара " Ап,сны Жәларбжьаратәи Афонд" ахьӡ ала, ишәыдысныҳәалоит Ацьынцьтәылатә еибашьра ду еилгеижьҭеи 70 ш ахыҵра. Шәара, аибашьратә мҩа фырхаҵарыла шәанысит. Иаашәырп,шыз шәыгәаӷьреи, шәхымҩап.гареи. еизҳауа абип,арақәа рзы иҿырпшыгоуп. Аҭоурых ианылаз шәыхьӡ, ҳара ҳзы игәадуроуп!
Акыр иаҳзапсоу ҳветеранцәа! Ишәзеиӷьасшьарц сҭахыуп агәабзиара, аҭынчра. Уаҳа ари адунеи аҟны иҟамлааит аибашьра. Акыр шықәса Аиааира аныҳәа мшқәа шәрыгымзааит. Аиааира абара иахьымӡаз шәгәалашәара ҳацуп. Шәҿапхьа ҳхырхәоит!

Қоцьаели ақалақь аҟны , иахьа, ихацыркын жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль. Аҧснынтә уи иалахэуп Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза"!

Pages

Subscribe to Syndicate